Ашәышықәсақәа цацыԥхьаӡа аԥсуа ҭацаагаратә традициақәа даара акыр рҽырыԥсахуан, аха иџьоушьаша – иахьанӡа еиҭакрада еиқәхазгьы рацәоуп. Традициала аԥсуа чара шымҩаԥыргози иахьатәи ҳаамҭазы уи амҩаԥгашьеи ртәы ҳазааҭгылеит АААК аинформациатә портал иазнархиаз аетнографиатә очерк аҟны.

Аԥсуа чарақәа еицырдыруеит инеиҵыху, ауаа рацәа еизызго ныҳәак аҳасабала. Аха ус акәызма еснагь ишыҟаз? Аетнологцәа ишазгәарҭо ала, мап. Зҽызымԥсахыз акоуп: арԥызбеи аԥҳәызбеи анкьа еиԥш иахьагьы еибабоит, еибадыруеит, ачара аҽазыҟаҵаратә период иахысуеит, анаҩс аҭаацәара аԥырҵоит.

Аетнографиатә материалқәеи ҳаамҭазтәи аҵарауаа разгәаҭарақәеи еидкыланы, иаҳгәалаҳаршәап ажәытәан иаԥыз аҭацаагаратә традициақәа, насгьы ҳахәаԥшып аԥсуа жәлар аҭоурых иадыруеижьҭеи азқьышықәсақәа ирылагӡаны урҭ рыҽшырԥсахуаз.

Аибадырра

Анкьатәи аамҭақәа рзы арԥызбеи аԥҳәызбеи еибагаанӡа, урҭ рыбжьара аиқәшәарақәеи аицәажәарақәеи рацәамызт. Аҭыԥҳа лакәым, арԥысгьы азин имамызт иаартны ицәаныррақәа рылацәажәара, абзиабара аӡбахә ацәыргара, ус иахәҭамызт ҳәа иԥхьаӡан.

Арԥыс иигәаԥхаз аҭыԥҳа лҿаԥхьа игәы ааиртырц илшон даҽакала. Иаҳҳәап, дшеилҟьоу ааирԥшырц азы, ардәына ишьуан, нас араӡны ԥара аҿакны, арасамахә иқәыртәаны, ашәыр хаақәа надкыланы игәы иақәшәаз аҭыԥҳа ҳамҭас илиҭон. Ларгьы ари арԥыс дылгәаԥхозар, аҭак ҳамҭа изыналышьҭуан: лнапала иҟалҵаз ачабра, ақьаса, ма ампахьшьы. Уи ашьҭахь аҷкәын иаҳа идуу аҳамҭа ҟаиҵон: аҵкы злалӡахша аба, мамзаргьы аҽы ҳамҭас илиҭон. Абасала аибадырра ахы акуан, нас ишнеиуаз уи ачараурахь икылнагон.

Ҳаамҭазы аҭаацәара аԥызҵарц иашьҭоу аҿарацәа ас еиԥш аҳамҭақәа еимырдом. Арԥыс иигәаԥхо аҭыԥҳа ахьтәы мацәаз лиҭоит, иара уи алагьы диҳәоит.

Ажәытәан арԥыс даҽакалагьы еиликаар илшон, аҭыԥҳа иара иахь дхьаԥшуа-дхьамԥшуа: иҩызак дишьҭуан лара лҩыза длацәажәарц, иҟоу еилылкаарц. Аҩыџьагьы рганахьала агәаԥхеибашьара ыҟазар, арԥыс аԥҳәысҳәара иҽазикуан.

Арԥызбеи аԥҳәызбеи реибардырреи, рыбжьацәажәареи, аҳамҭақәа реимдареи рҟны аҭыԥ ду аанылкылон ҷыдала уи аус иазкыз ақьаӷьариа, ааигәанӡа ари апрактика аԥсҭазаараҿы иуԥыло акы акәын. Аха ажәытәӡа иаԥын аԥҳәысҳәара даҽа формакгьы.

Агараҿаҟәара

Иахьа аԥсуаа рхатә гәаԥхарала аҭаацәара иалалоит: аҿарацәа рхы иақәиҭны иргәаԥхази дареи еибадырыр рылшоит ауаа рацәа ахьеизо ачарақәа, ма аныҳәақәа рҿы, егьырҭ еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа раан; ибзианы еибадырырц, еилибакаарц алшарақәеи аамҭеи рымоуп. Иахьазы даара имаҷны иуԥылоит аиҳабацәа хықәкыла аҭаацәара аԥҵаразы арԥызбеи аԥҳәызбеи анеибадырбо.

Аха ажәытәан ус акәымызт ишыҟаз. Аҭаацәара аԥҵара азҵаара зыӡбоз ани аби ракәын, рхәыҷқәа ирҭаху ҳәа иразҵаауамызт. Иҟалалон, ахәыҷқәа агара ишгаразгьы рынасыԥ анырыӡбоз, уи ахьӡала еинасыԥхараны иҟаз ахәыҷқәа аҩыџьагьы ргарақәа рҿаҟәон. Аҷкәын иаб аӡӷаб хәыҷы дахьгараз лыхчы ахы аҵаиҵон. Уи иаршаҳаҭуан аиқәшаҳаҭра хымԥада ишынагӡахоз. Аганқәа руак уи аиқәшаҳаҭра нармыгӡозар, хьымӡӷ дуун аҩбатәи аган азы, ашьаурахьы икылнагаргьы алшон. Иахьазы агараҿаҟәара атрадициа ыӡхьеит, џьаргьы иуԥылом.

Ажәытәан аԥсуаа аҭаацәара аԥҵара х-формак рыла имҩаԥыргар рылшон: аргама, маӡала, нас амҵарсра. Арҭ ахԥа иахьагьы иуԥылоит, аха амҵарсрақәеи маӡала ахаҵацареи уажәшьҭа акырӡа имаҷуп.

Аргама: аганқәа зегь ақәшаҳаҭуп

Аԥсны аҭаацәара ҿыц аԥҵараан аиҳабацәа уи иақәшаҳаҭзар акәын. Аҷкәын иуацәа аҭыԥҳа лҭаацәа рҿы иааны дырҳәон. Аделефгациа хадара азиуан рыжәлаҿы ҳаҭыр-пату зқәыз аиҳабы, ма агәыла ааигәа, уи дара дрыжәлантәызар ҟалон, мамзаргьы даҽа жәлак датәызаргьы ауан. Иааиз асасцәа иззааиз аӡбахә цәырыргон. Аӡӷаб лхаҭеи, лҭаацәеи аус иақәшаҳаҭзар, асасцәа анцоз лара илтәыз акы рнапы иадыркуан, аҷкәын ирҭарц азы, абас ала анапеимдахь еимырдон. Абас аԥҳәысаагара «аргама» ҳәа азырҳәоит, аганқәа зегь ақәшаҳаҭны иаартны аӡӷаб хаҵа данцо.

Абас аҭыԥҳа данырҳәалак ашьҭахь, ачара аҽны лара лаб иҩны ддәылҵуан, уи дыргарц иаауан арԥыс иуацәа – аҭацаагацәа быжьҩык-ааҩык еицны.

Ишаҳбо еиԥш, ажәытәан аҭацаагара ритуал дуун. Аӡӷаб лҭаацәа даара ари аус рҽазыҟарҵон, асасцәа ишахәҭоу еиԥш ирԥыларц, аҷкәын иҭаацәа ракәзаргьы, акыр иазхәыцуан аӡӷаб лҳәара ирышьҭуаз ауаа алырхаанӡа, дара рыхьӡала «иҭабуп ҳагәра ганы шәыԥҳа дахьҳашәҭо, иҭабуп абас дахьышәааӡаз» ҳәа зҳәашаз. Иахьагьы аԥсуа ҭыԥҳацәа еиҳарак аргама хаҵа ицоит, аха уи уажәы қьабз ԥшӡак еиԥш имҩаԥыргоит, ажәытәан иамаз аҵакы ацәыӡхьеит.

Амҵарсреи маӡала хаҵацареи

Аха ишԥаҟарҵоз аҭыԥҳа лҭаацәа ақәшаҳаҭымзар? Арԥыс бзиа иибаз аҭыԥҳа лҭаацәа мап ркыр, иара ахьымӡӷ игеит ҳәа ԥхьаӡаны, аӡӷаб лымҵарсра аԥшьигон. Амҵарсра ҟалар ауан, иаҳҳәап, ажәлар ахьеизо ныҳәак аҿы, агәылара чарак ыҟазар – уаантә, мамзаргьы аӡӷаб лҩызцәа рыцхыраарала, урҭ лара илацәажәаны, маӡала, ма джьаны аҩны ддәылыргон, нас лара дымҵадырсуан. Ажәакала, амҵарсра згәы иҭазкыз ахаҵа зегь хәыц-хәыц еиҿартәаны иҽазыҟаиҵон, қәҿиарала игәҭакы наигӡарц.

Имҵадырсыз аҭыԥҳа иаразнакала ахаҵа иҩныҟа дааигомызт. Аԥхьа днаргон рыжәлаҿы акыр ҳаҭыр зқәыз иахь, инахараны инхоз, ма амч-алшара змаз рҭынхак иҩнаҭаҿы. Ус ҟарҵон еиҳарак, абас иҟоу аҭагылазаашьаҿы убри рыуа ахылаԥшра риҭарц, иихьчарц, аинраалараҿы дрыцхраарц. Асасдкылара аԥҟарақәа ишырҳәо ала, аҭаца дахьнаргаз аҩнаҭа аԥшәма ари аимак иаарласны аӡбара дашьҭалон, зыԥҳа лхаҵацара иақәшаҳаҭымыз аӡӷаб лҭаацәа иҽрымаидон. Еиҳараӡак, аус қәҿиарала иӡбахон, зегь еинаалон.

Амҵарсрақәа даара имаҷхеит уажәшьҭа, аха зны-зынла иахьагьы иануԥыло ыҟоуп. Аӡӷаб джьаны аҩны ддәылыргоит: лҩызак, ма лыуак длыҳәоит џьара бсыцны баала ҳәа, аха лара иахьылҳәаз акәымкәа аҷкәын иҩызцәа иара иуацәа рахь дыргоит. Усҟан лара зынӡаск акгьы лзымдыруазаргьы ҟалоит.

Еиҳа лассы-лассы иуԥылоит, аӡӷаб лхаҭагьы илҭахны, лҭаацәа ирамҳәаӡакәа, маӡала хаҵа данцо. Усҟан ҿыц еибагаз аамҭала атәыла иалҵны ицоит, ианаалак аҭыӡшәа ҟамлартә еиԥш лҭаацәеи лареи реинраалара иашьҭалоит. Ари маӡала ахаҵацара ажәытә форма акыр еиԥшуп.

Ажәытәан маӡала хаҵацараан ачара аныруаз аҭаца лганахьала ауа-аҭынха рҟынтә аӡәгьы дааиуамызт, лҭаацәа акгьы лзаарышьҭуамызт, рыуацәа ҿыцқәа рзы ҳамҭа ҳәа акгьы аарышьҭуамызт. Аҭацаҩызас иҟарҵоз агәыла ӡӷабк, ма анхәыԥҳа лакәын.

Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы Елисо Сангәлиаԥҳа еиҭалҳәоит абас еиԥш зхаҵацара ҟалаз аӡӷаб лаби лареи реизыҟазаашьақәа шыуадаҩхар ауаз атәы.

«Аӡӷаб маӡала хаҵа данцоз, лаб длызгәааны мап анылцәикуаз ҟалалон, «уаҳа аԥҳа дсымам» ҳәа, – азгәалҭоит лара. – Шықәсык инаркны хәба-быжьба шықәса рҟынӡа димбар ҟалон. Аха аҵыхәтәан зегь акоуп, еинаалон, еицәажәон, еиҳаракгьы ахәыҷқәа аниилак аамышьҭахь. Урҭ реинраалара иалахәын ақыҭаҿы ҳаҭыр зқәыз ауаа, агәылацәа. Аб акыр иҽирххаргьы, аҵыхәтәан ражәа дазааиуан. Ҳәарада, иҟалақәахьеит усгьы, аб иԥҳа ланажьра дахьымӡакәа, имаҳә димбакәа иԥсҭазаара даналҵуазгьы».

Аихраҵага, аҭацамаҭәа, аҳамҭақәа

Ачара аҽазыҟаҵара иалагон аԥҳәысҳәара ашьҭахь, иахьагьы ус ауп ишыҟоу. Ачара аҿҳәара арҭон аҷкәын иҭаацәа. Ачарақәа еиҳарак ианыруаз ҭагалан акәын, аҽаҩра анҭаргалалак аамышьҭахь.

Ачара аҿҳәара анарҭалак ашьҭахь, аҭаацәа аҽазыҟаҵара иалагоит: аҩы ҭарҭәоит, рџьықәреи рлагоит, акәтқәа рчахуеит. Аҩнаҭа аԥшәма ԥшь-шьапык зҵоу ашьтәа иааӡоит, ҷыдала ачара иазку, уи аҽны иршьуа. Еиҳараӡак уи ацә ауп, 100-120 кьыла зыкапан ыҟоу.

Уаанӡа аԥсуа чарақәа рҟны иахьатәиқәа рҿеиԥш ауаа рацәамызт, 150-200-ҩык иреиҳахомызт асасцәа рхыԥхьаӡара ҳәа азгәалҭоит Елисо Сангәлиа.

«Ачара зарҳәоз ауацәа ааигәақәа ракәын, ачара аиҿкаара рхахьы иргон агәылацәа. Ачараура мышқәак шыбжьаз аҷкәын иҩызак даашьҭыхны ауацәеи аҭынхацәеи дрылсны ачара рҳәон. Изҳәоз аҩыза иакәын, аҷкәын рыҩныҟақәа днеиуамызт. Иаҭахны иҟалозар, ауацәа ацхыраара ҟарҵон, аӡәы аҩы ааигон, ҽаӡәы – ашьтәа. Доусы илшоз ала ачара зуа аҭаацәа дрыхәон», – ҳәа азгәалҭоит аетнолог.

Аҭаца лхалагьы аҽеидкылара далагон, лҭаацәа илыцырҵоз аихраҵага анахысгьы, лара лнапала илӡахуан, илырԥшӡон ақьасақәа, ахәымџьарқәа, ампахьшьқәа. Лара данырҳәалак ашьҭахь лаамҭа зегьы анапҟазара иазылкуан, дықәҵон, дӡахуан, лыуацәа ҿыцқәа рзы аҳамҭақәа лырхион. Уи аҿы лҩызцәагьы лыцхраауан. Ачара аҽны аҭаца иазлырхиаз зегьы еидкыланы, аҩнра дахьцоз илгон. Абарҭ аҳамҭақәа аҭаца лыхьӡала ирырҭон ачараҽны зҽалызкааз аҽҟазацәа.

Аҭацамаҭәа ҳәа иҷыдоу формак алкааны иҟамызт, мамзаргьы ус ак ыҟаны ҳәа иҳамоу аетнографиатә материал ианымԥшӡеит. Аԥсуа ҵкы ҳәа изышьҭаз, шьапышәара илеиуаз, зкалҭ ааҭбааз аҵкы рӡахуан, арԥыс аӡӷаб даниҳәалак ашьҭахь ҳамҭас илиҭоз аба иалхны. Аԥшшәы зеиԥшразаалак ҟалон, аха еиҳарак уи шкәакәан. Амаӷрақәеи ахәдеи ҳәынҵәрала еибаркын, агәы чаԥразла идырԥшӡон. Ачара аҽны аҭаца акасы лхадыршәуан – аҭаца касы, уи лхы инаркны лшьапаҟынӡа инаӡон.

Еицырдыруа аҵарауаҩ-аетнограф Елена Малиа илыҩуеит, аханатә аҭаца касы шкәакәан ҳәа, иара ҷыдала ирӡахуан абырфын рахәыц шкәакәала, аха XX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ашифон иалху акасы еиқәаҵәахьы ииасит. Иахьатәи ачарақәа рҿы аҭаца лхы-лҿы лҵәахуам, агәара данҭаргало мацара афата лхадыршәуеит акәымзар. Асасцәа аҭаца дахьгҿагылаз инеины, аҳамҭақәа ҟарҵон, еиҳарак ԥарала, аҭацаҩыза акасы дааҩаханы лхы-лҿы длырбон. Зегь раԥхьа аҭаца лбара инеиуаз анхәеи абхәеи ракәын. Абхәа ҳамҭас иҟаиҵон, ажә, акамбашь, ма аҽы, анхәа – ахызақәа, ахчқәа уҳәа аиаразы ихәарҭоу абалых. Арҭ аҳамҭақәа аҭаца илхатәхон.

«Радеда», акәицқәа, ачашәмгьал

Аҭацаагарашәа «Радеда» ҳәо, аҭаца амҳарахьы дышнаргалак еиԥш, асасцәа зегьы заа идыргылахьоу ашьаԥахь инарыԥхьон, уи аҵаҟа аишәақәа рхианы игылан.

Ахацәеи аҳәсеи хаз-хазы итәон, аҿарацәа амаҵ руан. Аишәа иахатәон еиҳабы-еиҳабыла. Иазгәаҭатәуп, иахьагьы аԥсуаа аишәа ахатәараан традициала иаԥу ахымҩаԥгашьа ишықәныҟәо.

Атрадициатә аԥсуа чара аишәа иқәырҵон: абысҭа, акәац, акәтыжь, асызбал, арашых-сызбал, апарчпан чаԥеи, акалиа чаԥеи, иара убас ахышәҭ-мышәҭ – ақалмышь, аџьынџьыхәа, аџьықәреи, аҟаб жәны.

Ачара аныруаз ӡынразар, ахәылбыҽха амца иааҿҳәыхны акәицқәа ааргон, асасцәа ахьтәаз ршьапаҿы ишьҭарҵон, ахьҭа иакны заа имгыларц азы.

Ажәытәан ачара ҩымш имҩаԥыргон, уи иацын ауаа рыгәрагарақәа зныԥшуаз ақьабзқәа рацәаны.

Убас, иаҳҳәап, аетнолог Елисо Сангәлиа иаҳзеиҭалҳәеит, анкьа аҭаца илхакны ача шамырхуаз – аԥсуаа агәра ргон абри аритуал амҩаԥгарала аҭаца лыҩнаҭа ачеиџьыка агымхо, асасдкылараҿы аӡәы диҵамхо, дыбрақьаҭны дҟалоит ҳәа. Абри ача, мамзаргьы ачашәмгьал ажәытәан ҷыдала ирӡуан. Абри аритуал аҩыза змоу ажәларқәа рацәоуп. Иаҳҳәап, ажәытәан аславианқәа рчарақәа зегьы рҿы «акараваи» ҳәа изышьҭоу аурыс ча ыҟамкәа ҟалашьа амамызт.

Ачара анхыркәшахалак, асасцәа зегьы анцалак, аҩнтәиқәа анышьҭалалак аамышьҭахь акәын аҵх лашьцара иҽалакны аԥҳәыс даазгаз ахаҵа амҳарахьы даннеиуаз, аҩыџьагьы рхала ианеизаанхоз.

Аҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-иԥа аԥсуаа рҟны аҭацаагара аҷыдарақәа дырзааҭгыло, иазгәеиҭеит иџьашьатәу афакт: ахаҵа иаҭәамызт ҳәа иԥхьаӡан ачара аухаҵәҟьа «изинқәа» рахь аиасра.

Амҳара

Иахьа амҳарақәа аӡәгьы иргылом, урҭ рыԥшрагьы ахьеиқәхаз ажәытә сахьақәак рҿоуп, нас аҭҵааҩцәа ранҵамҭақәа рҿы.

«Амҳара – ҩны хәыҷуп, иаабац аԥацхеиԥш ишышны аҭыӡқәа шьҭхуп. Уи аҩнду ашьҭахь идыргылон, жәабаҟа-ҩажәаҟа метра иаацәыхараны», – ҳәа иҩуан Инал-иԥа.

Ажәытәан амҳара аргылара атрадициеи ҳаамҭазы ҿыц аҭаацәа аԥызҵаз рзы ауаҭах аахәареи еидукылар ҟалоит.

Амҳарақәа андыргылоз аамҭазы, аҭаца ачара аҽны уахь акәын дахьнаргоз. Аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа иҩуан: «Амҳара – ҿыц еибагаз рыҩноуп, уи ажәа иаанаго акгьы ахьумаҳауа ҳәа ауп. Иара аргылара ҵакыс иаман еибагаз ҭынч реизааныжьра, рышә илагыланы, аҩызцәа, иара ус аҿарацәа мӡырыҩларц азы».

Аха амҳара аргылара ахы закыз хыхь зыӡбахә ҳәоу амзыз иадҳәалаӡам, ажәлар иахьа ус ргәы ишаанагогьы. Раԥхьаӡатәи амҳарақәа андыргылоз амҵарсрақәа анырацәаз аамҭа иақәшәоит: арԥыс аҭыԥҳа дымҵарсны уаҩы иахьизымдыруаз аҭыԥ ахь дигон, амҳараҿы диҵәахуан. Убри азакәхап ари аҩн хәыҷы «амҳара» захьыӡхазгьы, уаҩы иахьиҿахырсҭам, иахьыумбо-иахьумаҳауа идыргылон.

Ачара ашьҭахь аҭаца даҽа ҩымчыбжь раҟара амҳараҿы даанхон, дӡахуан, дықәҵон, лыҩнра ҿыц лырԥшӡон. Аиҳабацәа рҟынтә уахь аӡәгьы днеиуамызт, ахацәа роума, аҳәса роума. Уахь анеира азин змаз хаҵа имцац аӡӷабцәа заҵәык ракәын. Иара аԥҳәыс даазагз ихаҭагьы аӡәы ила ишабо амҳарахьы днеиуамызт. Ари аҵас аиҳабацәа рҿаԥхьа аԥхашьара иадҳәалоуп.

Ҩымчыбжьҟа рышьҭахь, аҩны иатәу рымацара анеизаанхалак, «амҳараҭыгара», ма «аҩнду аҩнагара» захьӡыз иҷыдоу ақьабз мҩаԥганы, аҭаца аҩнду ахь днаргон. Аҩнду аҩнагара гәырӷьаран, ахысреи ашәаҳәареи ацны имҩаԥыргон.

Аҭаца амҳара дҭыганы аҩнду ахь даннаргалак инаркны аҭаацәара ҿыц далахәыланы дыԥхьаӡан, аҭацаус дналагон.

Аҭаца ҿыц

Аҭоурыхҭҵааҩ Шьалуа Инал-иԥа ишиҩуаз ала, ажәытәӡа инаркны иахьанӡа еиқәхаз аҭаца илызку аҵасқәа иреиуоуп аиҳабацәа рҿаԥхьа амцәажәареи, ахьӡшьарақәеи.

Хаҵеи ԥҳәыси ианакәызаалакгьы доусы рыхьӡқәа рҳәар ҟалаӡомызт, «уара», «бара» ҳәа еибырҳәон акәын. Амаҳә ианхәеи иабхәеи рыхьӡқәа иҳәаӡомызт. Аҭаца ланхәеи лабхәеи, иара убас рышьҭраҿы иҟоу аиҳабацәеи рыхьӡ аҳәара азин лымамызт. Лабхәа «ҳаҳ» ҳәа иалҳәон, ланхәа – «ҳаҳкәажә» ҳәа. Иахьа аҭацагьы, амаҳәгьы ранхәеи рабхәеи «мама», «папа» ҳәа рарҳәоит.

Убасҵәҟьа иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп аиҳабацәа рҟны амцәажәара атрадициа. Аҭаца лабхәа иҿы дцәажәаӡом, изҵаарақәа рҭак ҟалҵаӡом, баша дизыӡырҩны, ииҳәо налыгӡоит ауп. Абас еипш ацәажәара ақәиҭымра иаанарԥшуеит аҭаца аиҳабы иахь илымоу аҳаҭырқәҵара ҳәа азгәарҭоит аетнологцәа.

Ҳаамҭазы абхәа аҭаца дирцәажәар иҭахызар, длыҳәоит иара иҟны ацәажәара далагарц. Аха иахьагьы имаҷымкәа иҟоуп итрадициатәу аԥсуа ҭаацәарақәа: аҭаца лабхәа иҿы дахьымцәажәо, аиҳабацәеи лыԥшәмеи рыхьӡқәа ахьылымҳәо, аҭаацәа зегьы дрыдтәаланы акрахьылымфо.

Абасала, атрадициатә қьабзқәеи аҵасқәеи реиқәхара иахьа еиҳарак изыбзоуроу ҭаацәацыԥхьаӡа урҭ иахьынӡарықәныҟәо ауп