Аԥсуа шәаҳәаҩы, асахьаҭыхҩы, иара убасгьы амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа аус адиулоит аԥсышәала ицәажәо амультфильм «Абраскьыл ифырхаҵарақәа».

Саид Барганџьиа

Ааигәа иҭыҵраны иҟоуп Абраскьыл изку аԥсуа фырхаҵаратә епос шьаҭас измоу амультипликациатә фильм. Амультфильм аус адиулоит еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы, асахьаҭахҩы, аԥсуа ҳәамҭақәа рыла акомиксқәа равтор Асҭамыр Кәыҵниа. Убарҭ акомиксқәа шьаҭас иганы Асҭамыр иаԥиҵоит амультфильм, макьаназы уи хьӡыс иамоуп – «Абраскьыл ифырхаҵарақәа» ҳәа. Акомиксқәа реиԥш, амультфильмгьы аԥсуа бызшәалоуп ишцәажәо.

Абраскьыл – уззымиааиуа, зхы ҳаҭыр ақәызҵо хаҵа гәымшәоуп. Аӷацәа рҟынтә ижәлар ихьчарц азоуп дызиз, амчи ачҳареи злоу ҵеины изҳаит. Ирашь анибжьа ашьҭахь, дзызкыз ахықәкқәа рынагӡара иҽазикуеит. Алегенда излаҳәо ала, аамҭак ашьҭахь, аӷацәа рыдагьы, анцәақәагьы дырҿагыло далагоит – убри амшала иара дахьырхәын, имч имхын. Абри аҭагылазаашьа иаӷацәа рхы иархәаны, Абраскьыли уи иҽи аҳаԥы аҩныҵҟа ирԥахуеит.

«Шьаҭас изгеит еицырдыруа асиужет, аха сара уи шьаҭанкыла исыԥсахит, – еиҭеиҳәоит амультипликатор. – Уи [излалҵуа ала] еиҳарак икомедиоуп уҳәар ҟалоит. Амультфильм ахәыҷқәа реиԥш, адуцәагьы иргәаԥхоит. Ахронометраж ала – 17 минуҭ рҟынӡа инаӡоит».

Асҭамыр Кәыҵниа иажәақәа рыла, амультфильм аԥҵара – аџьабаа ду ацуп, насгьы аамҭа рацәа зго процессуп. Амультфильм анҭыҵуа аамҭа атәы далацәажәо, иара иҳәеит, уи шазгәаҭоу ҳаԥхьаҟа, лаҵарамзазы.

«Астудиа умамкәа амультфильм аԥҵара мариам. Уи еиҳагьы иаруадаҩуеит иара усгьы иҿиам ахырхарҭа. Амультфильм азы ҷыдала иаԥҵахоит амузыка, уи аус адиулоит Денис Арухаа (еицырдыруа аԥсуа амузыкаԥҵаҩы – аред.)», - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Иахьазы амультфильм афырхацәа абжьы рхаҵара аус напы аркуп. Афырхацәа руаӡәк, еицырдыруа КВН ахәмарҩы Ҭемыр Аршба («Ужас» хьыӡ ҷыдас измоу) ибжьала дцәажәоит.

«Гәахәароуп, аинтерес зҵоу, аԥсуа бызшәала ицәажәо амультфильм ахьаԥҵахо. Ҳәарада, мап сзымкит афырхацәа руаӡәк абжьы ихаҵара ансыдыргала. Схаҭагьы сазыԥшуп амультфильм аҭыҵра, ахәыҷқәеи ҳареи ҳаицахәаԥшырц азы. Агәра ганы сыҟоуп, Асҭамыр дызҿу аус ибзиаӡаны ишынаигӡо», - азгәеиҭеит Аршба, апроект иалахәра далацәажәо.

Амультфильм афырхацәа убасгьы рыбжьқәа рхарҵеит актиорцәа Руслан Шьакаиа, Михаил Цкәуа, Кьасоу Ҳагба, Ерик Миқаа. Амультфильм абжьы арежиссиорс дамоуп еицырдыруа аԥсуа актиор Џьамбул Жьорданиа.

Абраскьыл изкыз раԥхьатәи акомикс Асҭамыр Кәыҵниа иазирхиеит 2009 шықәсазы. Усҟан уи аҭыжьраҿы ацхыраара инаҭеит Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд (2016 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны уи еиҭашьақәыргылоуп абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа – аред.). Акомиксқәа аԥхьаҩцәа иргәаԥхеит, иадҵаалозгьы рацәаҩхеит. Анаҩс, Асҭамыр иҭижьуеит аҩбатәи акомикс – аԥсуа фырхаҵа «Наԥҳа Кьагәа» изку аҳәамҭа шьаҭас измоу. Иахьазы амультфильм анаҩсгьы Асҭамыр Кәыҵниа акомикс ҿыцқәа раԥҵара даҿуп. Урҭ рахьтә иҟоуп ихиоугьы, аха макьаназы дара акьыԥхь рымбацт.