Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк аҳәамҭа ҟанаҵеит агәаларшәагатә банкнотақәа «Владислав Арӡынба» шыҭнажьуа.

Саид Барганџьиа

Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьуеит 500 аԥсар ицо агәаларшәагатә банкнотақәа «Владислав Арӡынба» ҳәа аанацҳауеит Амилаҭтә банк аофициалтә саит. Ари абанкнота Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазкуп.

Аиубилеитә банкнотақәа рҭыжьра азԥхьагәаҭоуп цәыббрамза 29 рзы, атираж жәа-нызқь цыра ыҟоуп. Абанкнотақәа ахә ахшәааратә хархәагак аҳасабала ахархәара роуеит рноминалтә хәыԥсаала; иара убасгьы аизгареи, аинвестициақәа рыҟаҵареи, атезаврациеи (аԥара – амал аидкылара аҳасабала афункциа анагӡара – аред.) ззыууша маҭәарк аҳасабала, аноминалтә хәыԥса иақәымшәо ахә ала.

«Ахархәаразы иҭыжьу абанкнотақәа ашәаратә хархәагас иҟоуп рноминалтә хәыԥсала, аурыс мааҭ иаҿырԥшны ишьақәырӷәӷәоу аеквивалент змоу: аԥсарк – жәа-мааҭк ицоит (Урыстәылатәи Афедерациа амааҭқәа). Убри аан арҭ абанкнотақәа хаҭалатәи ахәаахәҭраҿы ашәаратә хархәагак аҳасабала ухы иаурхәар ҟалаӡом (аиубилеитә банкнотақәа рфункционал ԥкуп – аред.)», – ҳәа азгәаҭоуп Амилаҭтә банк асаит аҟны.

Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иажәақәа рыла, агәаларшәагатә банкнотақәа рҭыжьра залыршахомызт Урыстәылатәи Гознак ацхыраара ада.

«Акыр ихьшәаны Гознак ҳшадҵаалазгьы, ҳаилыркааит, адгылара ҳарҭеит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ҳазыҳәарагьы нарыгӡеит иҳаракӡоу хаҭабзиарала. Убри азы лымкаала иҭабуп ҳәа расҳәоит», – иҳәеит Бараҭелиа.

Абанкнота кьыԥхьхоит абамба иалху ақьаад шкәакәа аҟны, ахьаԥшшәи ашьацԥшшәи амазаауеит. Акупиура еиқәдыршәеит асахьаҭыхыҩцәа Баҭал Џьапуеи Ҭемыр Ҟаитани.

Абанкнота ахаҿра ихадоу сахьаны иануп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ипаҭреҭ, уи аҵаҟа иануп аҩыра «Владислав Арӡынба». Ашьҭахьтәи аплан аҟны иубоит аԥсуа ар аибашьцәа Аиааира абираҟ шышьҭырхуа. Асахьақәа ирықәҭыхуп итрадициатәу аԥсуа орнамент.

Абанкнота анааурҳәлак ихадоу сахьаны иануп Аԥсны Аҳәынҭқарра ахсаала, иара убас Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа архитектуратә комплекс ацәаара, Аԥсны аҳәынҭқарратә герб зну абаа хырӷәӷәарҭа афон аҟны.

Агәаларшәагатә банкнотақәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иҭрыжьуеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иаҳгаз Аиааира аиубилеи иазкны иҷыдоу абанкнотақәа ртираж аԥшьгаҩыс иқәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк.