Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнаго аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнологиеи ирызку алекциақәа рцикл аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аҩбатәи алекциа, уи ахәыҷааӡара иазкын.

Саид Барганџьиа

Итрадициатәу аԥсуа хәыҷыааӡашьа иалацәажәеит АААК аҩбатәи алекциаҿы, аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнологиеи ирызку алекциақәа рцикл аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари алекциагьы аԥхьатәи еиԥш имҩаԥылгеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу еицырдыруа аԥсуа етнолог Марина Барцыц.

Лара еиҭалҳәеит аԥсуаа рҟны ахәыҷы иқәра иаԥшны иааӡара ишазнеиуаз.

Аетнолог ишылҳәаз ала, аԥсуаа асабицәагьы хаала ирацәажәоит, ирахәмаруеит, идырччоит, рыкрыфара иацклаԥшуеит, ахәыҷы амла дакны данҵәыуалак афатә идыргалоит, сааҭла акәымкәа.

Марина Барцыц илҳәеит аӡҟы дахьгароу амч лашьцақәа дырцәырхьчарц азы иҟарҵоз.

«Агара акасыш ақәдыршәуан, ҵаҟа аҩымсаг шьҭарҵон. Ахәыҷы имаҭәа амра ҭашәаанӡа ицәырхуан, уахынла иӡәӡәаны ихыршьуамызт. Убасгьы ахәыҷы дызларкәабаз аӡы уахынла икарҭәомызт. Еиҳарак ахәыҷы ҽынла дыркәабон, асааҭ 12 иахысаанӡа», – ҳәа еиҭалҳәеит Марина Барциц.

Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рықәра абас ала еихушар ауеит: хышықәсанӡа, хԥа инаркны хәба-фба шықәса рҟынӡа, быжьшықәса рҟынтә 12-14 шықәса рҟынӡа, нас 15-16 шықәса инадыркны 25 шықәса рҟынӡа ҳәа.

Алектор еиҭалҳәеит ахәыҷқәа хышықәса анырхыҵлак нахыс ишыҷкәынацәоу, ма ишыӡӷабцәоу еилыркааратәы рааӡара рыҽшазыркуаз. Анаҩс 5-6 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа еиҳарак раб ицло иалагон, уи дызҿу аусқәа рбон, ирылахәын, абасала раамҭа аиҳарак ахаҵа ус иацырхыргон.

«Аҷкәынцәа шьхацан ашьхаҟа иргон, ашәарыцара ианцозгьы убас. Аҷкәынцәа аҽнынтәарак адәы иқәын рықәлацәа, ма рашьцәа аиҳабацәа ирыцны», – лҳәеит аетнолог.

Аӡӷабцәа ракәзар, раамҭа аиҳарак аҩны ирхыргон, ран лааигәара иҟан.

Марина Барцыц иазгәалҭеит атрадициатә культураҿы аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи рааӡашьа амодельқәа шеиԥшымыз. Лара лажәақәа рыла, аҷкәынцәа ианакәызаалак еиҳа аҭакԥхықәра рыдын, урҭ ахысшьа, аиқәԥашьа ддырҵон, аӡә дқәылозар иаанкылашьа, иабашьышьа рдыруазар акәын.

«Ачкәынцәа гәымшәақәаны, рхы-рымч иақәгәыӷуа, ачҳареи алаӡареи рыланы ирааӡон. Аҷкәын ашәара ихы аимҭозар акәын, избан акәзар ашәаргәында иоуп аибарххареи агрессиеи еиҳаракгьы зхылҿиаауа», – лҳәеит алектор.

Убри аан аҭыԥҳацәагьы рхы рыхьчартә иҟазар акәын, убри аҟнытә аӡӷабцәагьы аҽықәтәашьа, ахысшьа ддырҵон.

«Аха зегь акоуп аӡӷаб лааӡараан акцент зырҭоз даҽа ҟазшьақәак ракәын. Аӡӷаб дҟәымшәышәӡа-дхааӡа, дыԥхашьа-ԥхаҵо, дуҿамԥало дыҟазар акәын. Аҩнаҭаҿы аимак-аиҿак, аҭыӡшәа ыҟамкәа, аҭынчра аԥызар, уи аԥҳәыс илыбзоуроуп ҳәа иԥхьаӡан. Убри аҟнытә аҭыԥҳацәа зегьы рнаалашьа, рацәажәашьа иақәшәартә еиԥш ирааӡон», - лҳәеит аетнолог.

Марины Барцыц ишылҳәаз ала, ахәыҷы исоциализациаҿы зегь реиҳа аҭакԥхықәра зцу аамҭоуп 7-12 шықәса анихыҵуа.

«Абри ақәра данҭагылоу ахәыҷы дызлагылоу ижәлар ркультура илаигӡо далагоит, ахымҩаԥгашьеи аетикети шьҭикаауеит», - лҳәеит аетнолог.

Алекциа алахәцәа алацәажәеит убасгьы ахәыҷқәа ремоционалтә ааӡашьа, аиҳабацәа рпатуқәҵара ахьынтәаауа, уи ахәыҷы иширбатәу, аԥсуа милаҭтә етикет ашьаҭақәа ирзааҭгылеит.

АБРИ АВИДЕО АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАПШРА>>

Алекциа иазыӡырҩуаз дыруаӡәкын АААК Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа. Лара иазгәалҭеит ахәыҷқәа рааӡара атема ҷыдала дшазҿлымҳау.

«Сара даара сазҿлымҳауп Марина Барцыц иҳалҭо аинформациа. Атема ҵҩа змам аинтерес аҵоуп. Даара иџьоушьартә иҟоуп ҳатрдициатә аԥсуа ааӡара аҭоурых аҟынтә исаҳауа афактқәеи, ҳкультура акырӡа иацәыхароу ҳаамҭазтәи аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа аӡәырҩы рҟны сзыԥхьо иахьақәшәо», – ҳәа азгәалҭеит аклуб анапхгаҩы.

Ҳара ажәытә аамҭазы ишыҟаз ҳалацәажәеит, уи иахьазы актуалра аҵам ҳәа угәы иаанагар ҟалоит, аха уи ус акәӡам, лҳәеит Кама Кәыҵниа. Лара излалԥхьаӡо ала, ажәытәан ахәыҷааӡара ҟәышрала ишазнеиуази иахьатәи азнеишьақәеи ахьеиԥшу даара ирацәоуп.

«Ахәыҷы иааӡараан иуԥыло ауадаҩрақәа уриааиуа уҿанынаухалак еилукаауеит ари аус аҟны инструментк аҳасабала иухәашақәа шыҟоу, иахьатәи алекциаҿы иҳаҳаз аҟынтә ԥыҭракгьы уахь иналаҵаны. Сааҭки бжаки ирылагӡаны ҳазлацәажәаз азҵаарақәа шьардоуп. Сара абас иҟоу аиԥыларақәа жәантә имҩаԥгахаргьы рыжәабагьы схы рыласырхәуан», – лҳәеит Кама Кәыҵниаԥҳа.

Алекциа иазыӡырҩыз дыруаӡәкуп арԥыс қәыԥш Маадин Сақаниа. Иара макьана ахылҵ димаӡам, аха уажәнатә итрадициатәу аԥсуа хәыҷааӡашьа дазҿлымҳауп.

«Иахьатәи ҳаамҭазы аӡәырҩы ирхашҭны иҟоуп итрадициатәу ахәыҷы иааӡашьа аԥҟарақәа. Ииашоуп, иахьа зегь аҽаԥсахит, аха ҳабацәеи ҳабдуцәеи ишрызҳаз, изакә уааны игылаз дырны, абас иҟоу алекциақәа иҵегь алаҵәара бзиа роуртә иҟаҳҵароуп. Даара ихәарҭоуп дара», – иҳәеит арԥыс.

Алекциақәа рцикл аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп хкы рацәала егьырҭ атемақәа рылацәажәрагьы. Алекциа иаҭаар рылшоит агәаҳәара змоу зегьы. Иааиуа алекциа иазку аинформациа шәазҿлымҳаз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс адаҟьақәа рҟны.