Афестиваль аҳҭнықалақь аҿы имҩаҧысуеит ҩынтәны. Аусмҩаҧгатә ацхыраара арҭеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Егзакь ифонди.
Есма Гәаланӡиаҧҳа
Арҭ амшқәа рзы Аҟәа еизеит афатә хаа бзиа избо ауаа. Араҟа еилаӡҩоит афҩыхаақәа, амузыкатә ритмқәа, нанҳәамзатәи амрашәахәақәа. Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы иҟоу аӡыршә акәша-мыкәша еиҿыркааит ахәыҟаҵаҩцәа злахәыз ачеиџьыка.
Аилаџь, агәыҵаҧшь ӡны, аҵәкәац, аҧлоу, ачашә – асасцәа ирыдыргалеит рыла ишабоз иҟарҵаз ачысхкқәа. Фатәыла иҭәыз аишәа инацҵаны, ихьшәашәарц азы аӡыршә иӡаарҵеит акарпыжәи ҳтәыла иреиӷьӡоу анаплакҩцәа рыҟнытә аҩқәеи.
Ашҭаҿы ауаа рацәаны еизеит – асасцәа шынҭаацәароу имҩахыҵуан, аусмҩаҧгатә аҿы ирацәан ахәыҷқәа.
«Ҳара ҳ-Самаратәқәоуп, Гагра ҳаҧсы ҳшьоит, афестиваль аӡбахә анҳаҳа ҳаҭаарц ҳаӡбеит. Гәахәара дула ачысхкқәа алҳхуеит, еиҳарак иаҳгәаҧхоит акәацлыхқәа. Арҭ амшқәа рзы даара шоуроуп аҟнытә, хымҧада агьама ҳбароуп аҭыҧантәи акарпыжәгьы», – рҳәеит Коротковаа рҭаацәара.
Афатә-ажәтә рнаҩсангьы еиҿкаан аџьармыкьа, уаҟа ицәырган аҭыҧантәи аалыҵқәа, асувенирқәа, ацәаҩычагақәа, аеко-аксессуарқәа. Ас еиҧш иҟаз аиҿкаашьа агьамабара адагьы, ауаа ирылнаршеит ҳаамҭазтәи аҧсуа культура ахәҭак агара.
Агастрофестиваль иаҭааит Аҧсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенкеи. Анаҩс аделегациа ииасит Аҟәатәи абаӷәазахь. Уаҟа гәахәара дула иаҧылеит апассаџьыртә ӷба «Комета». Ари аӷба аибашьрашьҭахь раҧхьаӡа акәны Шәачантәи Аҧсныҟа иаауеит.
Афестиваль ахықәкы хадақәа – аҧсуа чысхкқәеи егьырҭ аалыҵқәеи рцәыргара, аҳҭнықалақь ауаажәлари асасцәеи ахьеизаша аҭыҧ ҿыц аиҿкаара, аҧсуа хәыҟаҵаҩцәеи ақьафурҭаныҟәгаҩцәеи рӡыргара.
«Агастрофестиваль — аҧсшьацәа радҧхьаларазы лшара бзиоуп. Амилаҭтә хәыҟаҵара иазку амассатә усмҩаҧгатәқәа Аҧсны ахьӡ ҭыргоит, ҳтәыла иазҿлымҳау ауаа рхыҧхьаӡара иацнаҵоит. Уи абзоурала аҧсшьацәа рхыҧхьаӡарагьы еизҳауеит», — ҳәа азгәалҭеит апроект аиҿкааҩцәа ируаӡәку Хьыбла Возҧҳа.
Аусмҩаҧгатә ацхыраара арҭеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Егзакь ифонди.
«Ари агастрофестиваль сынтәа Аҟәа ҩынтәны имҩаҧысуеит. Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Егзакь ифонди оффициалтә партнерцәас иҟан, ацхыраара ҟарҵеит. Гәахәара дула ари аныҳәа ҳхы алаҳархәит, избанзар уи иалнаршоит ҳкультура аларҵәареи ҳмилаҭтә чысқәа рӡыргареи. Агәра ганы сыҟоуп аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа ҧхьаҟа иаҳа лассы-лассы ишымҩаҧаҳгало», — иҳәеит АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа.
Амузыка лахҿых, агастрономиатә аартрақәа, асасцәеи алахәцәеи ргәалаҟазаара бзиа — абарҭқәа зегьы аныҳәатә ҭагылазаашьа аҧырҵеит. Амш ахыркәшамҭазы иаадыртит алашарақәа зуа, ашәа зҳәо амшынтә ӡыршә. Уи арт-кластер «Таврида» Аҟәа ҳамҭас ианаҭеит.
Аҟәа имҩаҧысуа агастрофестиваль шәаҭаар шәылшоит нанҳәамза 8 рҟынӡа.

шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.