Аҭҵаарадырра
Изыбзоуроузеи амшынеиқәатә мыдаӷьцәа ауникалра? Уамашәа иубаратәы иалоузеи абиологиа. Иаҭахума ашколқәа рҿы аекологиа, аҧсуа ҵаратә система ҷыдарақәас иамоузеи? Абарҭқәа зегьы «Гәыкала» аинтервиу аҿы далацәажәоит Маиа Цыбулевскаиа – абиолог, арҵаҩы, Аҧсны Аҵара аминистрра ибжьаратәу азеиҧши азанааҭтәи ҵара Аусбарҭа аиҳабы.
РАН антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) аиҳабы Андреи Головнев иҭҵаарақәа рызкуп абаза ҧышәа ҿырҧштәыс иҟаҵаны, амилаҭра аҭҵаара.
Ауаажәларра-политикатә усзуҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Шамба игәалашәара иазкыз II-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаҧысит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.
Аедыгьтәылатәи аҳәынҭқарратә университет азыҳәаҩ Мариана Кармова қәҿиарала илыхьчеит “Абаза бызшәа абызшәарацәаратә ҭагылазаашьаҿы: асоциолингвистикатәи алингвокультуратәи аспектқәа” зыхьӡыз адиссертациа.
Жəабран — ачгара Ду иалагаанӡа шықәсык ахь знык имҩаҧырго қьабзтә ныҳәоуп. Крызхыҵуа ари аҵас адац-ҧашәқәа ҳажәлар ржәытә ҭоурых иаласоуп.
Аҵарауаҩ Виачеслав Чрыгба ишәҟәы «Аԥсны аҭыԥхьыӡқәеи егьырҭ атәылахьыӡқәеи ржәар» аӡыргара мҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-центр аҟны.
Иналукааша аҵарауаҩ, кавказҭҵааҩы Анатоли Генко иусумҭақәа еидызкыло ашәҟәы «Абаза материалқәа» аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа.