АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь абаза жәлар рҭоурых аҭҵаамҭа шәҟәы «Абаза ренессанс» аицавторс дамоуп.

Саид Барганџьиа

Москва иҭыҵит абаза жәлар рҭоурыхи ркультуреи атәы зҳәо ашәҟәы «Абаза ренессанс» актәи атом, ашәҟәы авторцәас иҟоуп АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакьи еицырдыруа урыстәылатәи аҵарауаҩ Надежда Емелиановеи.

Ашәҟәы аҭыҵра ахҳәаа азуа, Мусса Егзакь ҩаԥхьа иазгәеиҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи» еидгыланы амилаҭтә бызшәақәеи акультуратә традициақәеи реиқәырхара иазынарханы аусура рацәа шымҩаԥырго, иагьациҵеит ашәҟәы «Абаза ренессанс» - «абри аусура иахәҭакуп» ҳәа.

АААК ИА ахантәаҩы еиҭеиҳәеит, ашәҟәы аԥҵаразы гәацԥыҳәарас, стимул хадас иоуз – ҳашьҭахь иааиуа аԥсуа-абаза абиԥарақәа рыжәлар аҭоурых рдыруа, рхатә ҭоурых иаҳа инарҵауланы аҭҵаара ргәаԥхо аҟаҵара акәын ҳәа, избан акәзар азқьышықәсақәа иргәылсны иаауа абаза жәлар ирхыргахьоу амыҟәмабарақәа рацәоуп, акырынтәгьы ақәӡаара ахықә иқәгылан.

«Даара сақәгәыӷуеит, абри аусумҭа ҳажәлар рыҿиара иазышьҭоу ауасхыр зырӷәӷәо хаҳәык иаҩызахап ҳәа. Зегьы еицырдыруа акоуп – зҭоурых ззымдыруа ажәлар ԥеиԥш шрымам. Абарҭ ажәақәа иахьагьы даҽа аамҭанык иеиԥшымкәа актуалра рыҵоуп. Ашәҟәы акьыԥхь абахьеит, хара имгакәа ашәҟәыҭирҭақәа рахь инаргоит. Аиашазы, ари аинтерес зҵоу ҭоурыхтә усумҭоуп, дарбанзаалак дхызхша асиужетқәа маҷымкәа иагәылоуп. Ҳара [аицавторцәа] ихадароу даҽа шьаҿакгьы ҟаҳҵеит – ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳажәлар рҭоурых ҿыцымҭала ианаҳҵеит», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Ашәҟәы «Абаза ренессанс» аҩбатәи автор – аурыс ҭоурыхдырҩы, мрагылараҭҵааҩ, ажурналист Надежда Емелианова лоуп. Лара иазгәалҭеит, ашәҟәаҿы абазақәа рҭоурых шеиҭаҳәоу зегь реиҳа ирзааигәоу аешьаратә аԥсуа жәлар рҭоурых инадҳәаланы. Автор лажәақәы рыла, ашәҟәаҿы арҭ аҩ-жәларык рҭоурыхтә-культуратә акзаара иазку алкаақәа ҟаҵоуп, уаанӡа Абазадгьыл ҳәа изышьҭаз аҵакыраҿы ишьақәгыланы иҟаз аполитикатә, асоциалтә-культуратә ҭагылазаашьа аарԥшуп.

«Абазаа рҭоурых – еибашьратә ҭоурыхуп, избанзар араҟа лассы-лассы аибашьрақәа цон, зны-зынла ҭынчрак ҟаларгьы, имаҷын, ауаа рыдгьыл ақәылаҩцәа рҟынтә ирыхьчон, нас ргәылара жәларқәеи дареи аиҩызара рыбжьарҵон. Ҩашьара зқәым адокументалтә хыҵхырҭақәа рышаҳаҭрала абазақәа ҳабла ихгылоит аенергиа дуӡӡеи аҭоурыхтә ԥышәеи хьчаны измоу жәларык раҳасабала – арыцҳарақәа ирзаԥырымхит, ауадаҩрақәеи ахьанҭарақәеи ирызхәымжәеит, зегь реиҳа ицәгьаз аамҭақәа рзы аиҭеиразы аҩнуҵҟатәи агәамч рыԥшаауан», – лҳәеит автор.

Лара иазгәалҭеит, аҭоурыхтә ҵабырг иақәшәо асахьаркыратә материал аизгараҿы (уахь иаҵанакуеит аџьоуҳарқәа, абзазаратә маҭәахәқәа, амилаҭ маҭәа аелементқәа уҳәа) ацхыраара ду шриҭаз ИАЕ «Алашара» Черқьесск иҟоу аҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мыкәа.

Мусса Егзакь даараӡа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, аҭыжьымҭа аус адызулоз аколлектив зегьы. Иара лымкаала иазгәеиҭеит аредактор Татиана Филлипова лџьабаа, лара ашәҟәы ахқәа зегьы доусы ирнаалоз аепиграфқәа рзылԥшааит: ацитатақәеи, ажәаԥҟақәеи, жәлар рҳәамҭақәеи аагауа.

Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иажәақәа рыла, илагала дуӡӡоуп иара убас аҭыжьымҭа аҭакзыԥхықәу аредактор, адунеи зыхьӡ адыруа аҵарауаҩ, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵаара аинститут ԥыхьатәи адиректор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳаҭыр зқәу академикс иҟаз Ростислав Борис-иԥа Рыбаков (1938-2019шш.).

Мусса Егзакь хазы иаликааит ашәҟәы сахьала еиқәзыршәаз еицырдыруа петербургтәи асахьаҭыхҩы Ольга Граблевскаиа лусурагьы лара аиааира лгахьеит аконкурса «Лермонтов-2014» аҟны. Авторцәа ишырҳәаз ала, аҭоурыхтә сахьақәа

раԥҵаразы асахьаҭыхҩы Урыстәыла амузеиқәеи асахьаркыратә фондқәеи рҟны афактологиатә материал рацәаӡаны лнапы иҵылгеит.

«Лермонтов иҩымҭақәа рсахьа ҭызххьоу автор Кавказ ҷыдала лцәа ианыруеит. Уи иласу лыстиль аҭыжьымҭа зегь аҟазшьа ҷыда анаҭоит», – ҳәа иԥхьаӡоит Егзакь.

Ашәҟәы «Абаза ренессанс» лассы ашәҟәыҭирҭақәа рҿы ицәырҵуеит. Аҭыжьымҭа инеиҵыху аԥхьаҩцәа раудиториа иазынархоуп – амилаҭбжьаратә, акультурабжьаратә еимадарақәа ахьымҩаԥысуа ҭыԥк аҳасабала Кавказ аҭоурыхи аҷыдарақәеи интересс измоу зегьы. Авторцәа ргәаанагарала, ашәҟәы хәарҭахоит аполитикцәеи, ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рзгьы, змаҵурала амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу.