Аԥсуа режиссиор Аҭана Агрԥҳа лфильм «Бача» британиатәи акинофестиваль Lift-Off Global Network апрограмма иалоуп.

Саид Барганџьиа

«Бача» захьӡу, зметр кьаҿу ахәмарратә фильм – аԥсуа режиссиор Аҭана Агрԥҳа иҭылхыз ихатәроу британиатәи акинофестиваль Lift-Off Global Network иалахәуп.

«Ҩымзҟа раԥхьа исышьҭит сфильм [афестиваль алархәразы]. Афильм ахьҭыху атәыла ҳәа Аԥсны аурбар, «аполитикатә мзызқәа» ирыхҟьаны уи аконкурстә программахь инармышьҭыр ҟалон, убри иахҟьаны Урыстәыла аҳарбеит, ахәаԥшцәа рҟынӡа афильм анагаразы. Анаҩс иаҳзааит асалам шәҟәы: афестиваль акомиссиа аконкурстә программахь ҳфильм аланаҵеит ҳәа», – еиҭалҳәоит арежиссиор.

Аҭана Агрԥҳа лгәаанагарала, афестиваль Lift-Off Global Network «аҟны мацароуп ихьыԥшыҵәҟьам акино ахьцәырырго».

«Иара убасгьы, ари афестиваль акинематографистцәа рыпроектқәа рынагӡаразы адгылара ҟазҵақәо ируакуп. Ҳәарада, арҭ рҩызцәа афестивальқәа рхыԥхьаӡара рацәаӡам. Аха ус шакәугьы, еиуеиԥшым аетапқәа урхысроуп, урҭ ахәаԥшцәа рыбжьыҭирагьы иадҳәалоуп», – лҳәоит лара.

Арежиссиор қәыԥш – С.А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә кинематографиатә институт ахәбатәи акурс аҟны аҵара лҵоит. Аконкурс аҿы ицәыргаз афильм аидеиа Аҭана илызцәырҵит актәи акурс аҟны дантәаз, аха усҟан лыгәҭакы анагӡара лылымшеит.

«Сара изҩит асценари аҭоурых, усҟан аҩнуҵҟатәи атехникатәи аресурсқәа ыҟамызт, иара уи иазхаша адыррақәагьы сымамызт. Даҽа аамҭак азы ҳәа инсыжьит, нас иагьсхашҭит. Анаҩс, хышықәса рышьҭахь асценари машәыршәа иаасԥыхьашәеит, уи аҭоурых аԥсахрагьы сҽазыскит», – лҳәоит арежиссиор.

Асиужет аҭоурых ҳзаамыртыкәа лара иаҳзеиҭалҳәеит, афильм ахҭысқәа акыршықәса инеиԥынкыланы ақәа ахьымлеиуаз қыҭак аҟны ишымҩаԥысуа. Уи ақыҭаҿы инхо ауаа рыԥсҭазаара амцхаҵарақәа рыла иҭәуп, насгьы ақәа ахьымлеиуа афильм афырԥхәызба хада Маиа илхарартәоит, уи, дара ргәаанагарала, ақыҭаҿы лыҟазаара мацара «агәаҟрақәа рзаанагоит».

Бача – атрактор иахьӡуп. Убри акоуп арежиссиор лфильм асиужет иазкны иаҳзеиҭалҳәаз.

Акиносахьаҟны рыҽҭырхит Аԥсуа драматә театр актиорцәа, уи Агрԥҳа еиҳарак далаҽхәоит.

«Ароль хадақәа назыгӡаз актиорцәа Милана Ламиаԥҳаи Бенар Ақаҩбеи – даара абаҩхатәра рылоуп, Москватәи аҭыхратә гәыԥ аҿаԥхьа урҭ рыла сгәы дуун. Акино аҭыхрақәа рҿы ирымоу аԥышәа макьана ишырацәамгьы, адырреи, апрофессионалра дуи аадырԥшит, насгьы ари аусура гәыбылрала иазнеит, зеиӷьыҟам ала рхы аарԥшра рҽазыршәеит. Саргьы абас еиԥш иҟоу апрофессионалцәа аус рыцураҿы аԥышәа бзиа сырҳаит», – лҳәеит Агрԥҳа.

Аҭыхрақәа мҩаԥысуан аԥсуа қыҭа Баслаҭа. Агрԥҳа лажәақәа рыла, аҭыхрақәа акыр аџьабаа рыцын, аха угәалашәараҿы инхо иҟан.

«Аҭыхра апроцесс агәеибафара ацын, ԥшьымш рыла аҭыхра ҳахьӡеит 11 смена рыла иҭаҳхырц ҳгәы иҭаз аматериал. Иҟалалон ҭыхратә мшык аа-сааҭк рцымхәарас 18 сааҭ ианынаӡоз», – ҳәа азгәалҭеит арежиссиор.

Еиҳарак лгәалашәараҿы инхеит акульминациатә сцена анҭырхуаз ауха. Уи аҟны ақыҭанхамҩатә техника – атрактор ахархәара аман, уи адагьы аҭыхрақәа иахәҭаз лашарала еиқәыршәатәын.

«Афильм аҵыхәтәантәи асцена ахьҭаҳхуаз адәаҿы афымца неиуа иҟамызт, ааигәа-сигәагьы алашара ахьаҿоукуа ҳәа акгьы ыҟамызт. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ацхырааразы ҳрыҳәеит, агенератор ҳарҭеит. Уи ашьҭахь асценари ала, ақәа аур акәын. Иара уи ауха иагьауит, аха акамера ақәа хаҭа ҭнахӡом, убри аҟнытә иԥсабаратәым ақәа ҟаҵатәхеит. Ҩаԥхьа АҶА ҳрыҳәеит аӡы зҭоу амцарцәагатә машьынақәа ҳарҭарц азы,

иагьҳарҭеит хәыда-ԥсада, уи ауха аҭыхрақәа ҳрылгаанӡагьы даара иҳацхрааит», – ҳәа еиҭалҳәеит Агрԥҳа, АҶА иҟанаҵаз ацхыраара иҭабуп ҳәа ахҳәаауа.

ВГИК астудентка илгәалалыршәоит атехникатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны аҭыхрақәа акыраамҭа ишызрыламгоз, нас уи азымхошәа амш бааԥс ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟалеит.

«Иара усгьы ирласӡаны имҩаԥысуаз ҳҭыхрақәа еиҳагьы иҳарццакит. 50-ҩык ауааԥсыра алахәын ари апроцесс. Абарҭ зегьы сара соуп абра еизызгаз ҳәа саназхәыцлак агәахәара соуан ганкахьала, аха иара убри аамҭазы хәыҷыкгьы сгәы еихьнашьуан сырҿиаратә експериментқәа рымшала абрысҟаҩык ауаа аухантәарак ҭаха рмоуит. Даара аӡәырҩы аволонтиорцәа афильм аҭыхраҿы рхы иамеигӡакәа ацхыраара ҟарҵон – ҳәа еиҭалҳәеит арежиссиор қәыԥш.

Зметр кьаҿу афильм «Бача» мчыбжьык аҩнуҵҟа афестиваль асаит аҟны онлаин ахәаԥшразы иқәгылоуп, аномер 81 амоуп. Аинтернет ахархәаҩцәа зегьы ирылшоит афильм рыбжьы арҭарц, иуадаҩым аҽҭаҩра иахысны. Афильмқәа ралхраан онлаин-быжьқәагьы ҳасаб рзухоит. Убри аҟнытә акинофестиваль Lift-Off Global Network иалахәу аԥсуа фильм азы иарбан бжьызаалак алахьынҵа аӡбар алшоит.

Афильм аԥсышәала иҭыхуп, абызшәа ззымдыруа ахәаԥшыр рылшоит урысшәала, ма англыз бызшәала асубтитрқәа аҿакны.