Аԥсны иатәышьҭроу ашәҟәыҩҩы Антон Ҵылкьиа АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит ҿыц иҭыҵыз мрагыларатәи илакәқәа рышәҟәы аӡбахә, иҳацеиҩишеит ԥхьаҟатәи игәҭакқәа.

Ашәҟәыҩҩы қәыԥш Антон Ҵылкьиа Урыстәыла диит, аха шьала-дала даԥсуоуп, иаб Тҟәарчалтәиуп. Аамҭак азы Антон Томсктәи аполитехникатә институт далган, Санкт-Петербургҟа нхара диасит, абар уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит уа дыҟоуижьҭеи.

Антон дхәыҷаахыс ашәҟәыҩра игәы азыҳәон. Данмаҷызгьы еиуеиԥшым аҭоурыхқәа ихы иҭҳәааны иҩызцәеи иқәлацәеи ирзеиҭеиҳәон, иажәабжьқәа ҵҩа рымамызт, насгьы имарианы ииуан, убри аҟнытә џьара ианҵатәуп ҳәагьы дазхәыцуамызт. Иахьа 34 шықәса ирҭагылоу Антон мрагыларатәи алитературеи, аҭҵаарадырреи, адинхаҵареи, еиуеиԥшым атәылақәа ркультуреи дрызҿлымҳауп.

«Сара зинтерес сымоу ахырхарҭақәа ҳәаадоуп», – ҳәа дԥышәырччо иазгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы.

Ус шакәугьы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа алакәқәа мацара ирзикит.

«Зегь реиҳа ихадароу алакә – сыԥсҭазаароуп, уи «аҩра» саҿуп абар уажәшьҭа 34 шықәса раахыс, ашәҟәы атәы ҳҳәозар, уи хышықәса раԥхьаҟа сызлагаз акоуп», – иҳәоит автор.

Ашәҟәқәа сҭиуан, сагьрыԥхьон...

Ирҳәоит, даараӡак иуҭаху акы ыҟазар, нас улахьынҵа уцныҟәар, угәҭакы намӡар ауам ҳәа. Антон убас зыгәҭакы наӡаз иоуп.

«Санкт-Петербургҟа нхара сиасын ашәҟәыҭирҭаҿы аусура салагеит, уаанӡа аҭоурыхқәа реиҭаҳәра бзиа ишызбозгьы, ашәҟәыԥхьара рацәак сҽадысцаломызт. Аха убра саннеи сара схазы иаасыртит ашәҟәқәа рдунеи. Ашәҟәы сузадымхуа аԥхьара салагеит, ԥарак шаасоулак аҿыцқәа аахәо. Афатә-ажәтә иаахашәалоз зегьы ашәҟә ҿыц аахәаразы иԥхьаскуан. Ашәҟәыҩра санхәыҷыз аахыс исыгәҭакын аҟынтә, иаалырҟьан сазааит уажәшьҭа уи сылсыршартә сшыҟоу», – иҳәеит арԥыс, иагьҳаилиркааит изакәытә лшараз иоуз.

Аусураҿы дыҟанаҵ ашәҟәқәа дахьрыԥхьоз иара гәцаракрала дазхьаԥшуа далагеит ашәҟәы аструктура, ахҭысқәа реиҭаҳәашьа, урҭ шаҟа даҟьа рықәирӡуаз автор, адиалогқәа шаҟа инаӡоз уҳәа убас егьырҭ адетальқәа ҭиҵаауан.

«Сара ианакәызаалак ажәларқәа рыӡбахә еиҭазҳәо ажәытә аклассикатә усумҭақәа срызгаган аҟынтә, аламала уаҩ иԥыхьамшәо ашәҟәқәа срышьҭало салагеит. Убас зны снапаҿы иҟалеит Инаиатуллах Канбу ишәҟәы, аҳәса бзиақәеи зкалҭ «цқьам» аҳәсақәеи ирызкыз. Ари аџьамцәа аус здырулаз ажәытә индиатә лакәқәа ракәын. Раԥхьатәи адаҟьа анаасырт, актәи ацәаҳәақәа санрыԥхьа нахыс, ҽа дунеик сатәнатәит, сыкәша-мыкәша иҟаз зегь схашҭит. Иара убасҟанҵәҟьа схы аҷараҳәа иааԥнаҟеит: абри аҩызоуп саргьы иаԥысҵарц исҭху ҳәа! Даара исгәаԥхеит ашәҟәы аиҿартәышьа, ихадоу алакә аҩнуҵҟа иҟан хкырацәала, аха дара-дара еидҳәалаз асиужетқәа рацәаны. Ари иаразнакала уагәыланахалоит!» – ҳәа игәы ацԥыҳәаны еиҭеиҳәон ашәҟәыҩҩы.

Уи аԥхьа иара аҩышьа иҵон «ароман дуқәа хҩылаауа», аха уи уиаҟара аинтерес ацымызт. Ари ашәҟәы акәзар, Антон ихатә аԥҵамҭа ажанр иҵанаҳәеит. Анаҩс даԥхьеит убасгьы зыӡбахә ҳҳәаз ашәҟәы иеиԥшу алакәқәа реизга «Зқьи акы ҵхы».

«Абарҭ аҩ-шәҟәык ирыбзоураны, дара срыԥхьонаҵы схатә лкәқәагьы ииуа иалагеит», – иҳәеит Антон.

Ашәҟәыҭиҩы изанааҭ акәзар, уи иҵегь иаԥхьаҟагьы иахьихәаз ҟалоит.

Басараи

Ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә псевдонимс ишьҭихит – Басараи. Ари ажәагьы ифырхацәа аӡәырҩы рыхьӡқәа реиԥш «ахала иит».

«Зны стәны сизыӡырҩуан хинди абызшәала ицәажәоз ҟәыӷадырк. Сара уи абызшәа сзеилкааӡом, аха ашьҭыбжьҳәашьа сгәԥхоит. Ус сшыӡырҩуаз, ажәак иҳәан, саргьы сыбыз иаақәыххит иаразнакала. Абри ажәа ансгьы-арсгьы инасырҳәы-аасырҳәуа сшаҿыз Басараи алҵит. Иара уаҵәҟьа аинтернет аҿы сашьҭалеит, иаанаго акрыҟоума ҳәа. Аукраина жәлак ыҟазаап Басараи ҳәа. Аха зегь акоуп исгәаԥхеит, убри аҟнытә макьана иаансыжьп сгәахәит», – ҳәа еиҭеиҳәоит Антон-Басараи.

Алакә иагәылоу алакә

«Ариджани уи иԥҳәыс Харипудреи ирызку алакәқәа, мамзаргьы ахаан уаҩ имаҳац Мрагылара жәытә алакәқәа» – абас ахьӡуп Антон Ҵылкьиа ишәҟәы. Уи хадаратәла аус адиулон ҩышықәса рыбжьара. Ашәҟәы зегь ихадоу лакәк ауп, аха уи иагәылоуп зхатә ҭоурыхқәа еиҭазҳәо даҽа хә-лакәк.

Алакәқәа зегь еидызҳәало афырхаҵа ашәҟәыҭиҩы иоуп. Алакә хада зызку аҳ иԥа Ариджан аҭыԥҳа ԥшӡа Харипудра бзиа дшибаз, нас уи иахылҿиааз ауп. Дара еибагеит. Харипудра даара лыхшыҩ ҵарын. Ҽнак зны лара шәҟәык лылаԥш ақәшәеит, аха аҭиҩы уи лирхәҳар иҭахымхеит. Уи лара даара лгәы лнархьит, аҵәыуара хҭалкит. Ариджан иԥҳәыс лылаӷырӡ аниба, ихаҭагьы ашәҟәы ааихәарц далагоит, аха изалҵуам. Усҟан иӷьычырц иақәикуеит. Игәҭакы наигӡан, ашәҟәы иманы дыццакы-ццакуа данааи аамҭазы иԥҳәыс дшыцәаз ибеит. Иҟаиҵахуаз, ашәҟәы аартны аԥхьара дналаган, дамҽханакит.

Абра иалагоит аҩнуҵҟа иагәылоу алакәқәа хәба. Руак аҿы еиҭаҳәоуп Ашман зыхьӡу арԥыск асулҭан имц шиҵихыз, иҭыԥ дахҳәаны, ажәлар амшхәыбзазара шырзааигаз. Аҩбатәигьы даҽа сулҭанк изкуп, уи иаҳҭынраҿы иааигашаз аԥҳәыс дизымԥшаазт, дӷарушәа иҽеилаҳәаны агәылара тәылак ахь ԥҳәысҳәара дцоит. Ахԥатәи алакә рызкуп зыбзиабара зцәыхьшәашәаз арԥызбеи аԥҳәызбеи. Аҭакәажә дырҩык лабжьагарала дара Кхаджурахо аныхабаахь ицоит, ҩаԥхьа рыбжьара агәаԥхара акәицқәа ҿыхарц. Анаҩстәи алакә аҟны сулҭанк аҭыԥҳа ԥшӡа дызну асахьа ибан, лара лыԥшаара иҽазикуеит. Аха даниԥшалак, аԥышәара ӷәӷәа дахлыжьуеит. Аҵыхәтәантәи алакә – ашьхаҿы инхоз адауы изкуп, уи ауаа ихәура иҭеицалан, қьафура иманы аҳ иеиԥш дынҵуан, акалиан дахо. Ус ишыҟаз сулҭанк даалаган даԥырихырц иӡбеит, ивизир даашьҭыхны ашҳам злаз аҭаҭын аԥшаара идәықәлоит, адауы даарханы дыршьырц.

Абри ашьҭахь алакә хада асиужет иацҵахоит. Ашәҟәы даԥхьаны данаалга Ариджан илақәа цоит. Харипудра дааԥшит, лхаҵа дзықәшәаз арыцҳара анылба, лҽааибыҭаны иблабара зырхынҳәыша ахәшә дашьҭалоит.

«Сышәҟәы аелектронтә портал бзиак иҭазгалеит. Адәқьан дуқәа ирыдыргалахьеит. Уажәшьҭа «Читай-город», «Буквоед» реиԥш иҟоу адәқьанқәа рекземплиарқәа зегь анырҭилак уажәи-уажәи аҿыцқәа аархәоит. Ашәҟәы уаҟа иҿоуҵар ҟалоит, мамзаргьы аелектронтә портал Ridero аҟны, иара убас Amazon, Ozon рҟынгьы», - иҳәеит Антон.

«Ауада хәыҷ ажәабжьқәа»

Антон уажәаԥхьагьы ашәҟәқәа ҭижьхьан, аха иқәҿиаз ҳәа ииԥхьаӡо «Ариджани уи иԥҳәыс Харипудреи ирызку алакәқәа» роуп.

«Раԥхьатәи сышәҟәы «Ауада хәыҷ ажәбжьқәа» – акалам аԥышәаран. Уи ахәҭак аҟны иуԥылоит мрагыларатәи алакәқәа, дара иагьрылсхит Ариджани Харипудреи ирыхҳәаау алакә. Егьи ахәҭаҿы иаагоуп Мрагылара иадҳәалм ажәабжьқәа, амистика, адетектив, асиурреализм ажанрқәа ирықәшәо. Ари ашәҟәгьы Ridero аҟны иухәҳар ҟалоит, аха иқәызгар сҭахуп, избанзар бжала ихиоу ашәҟәы ауаҩы аԥар ахьахишәаауа иашам ҳәа сыԥхьаӡоит. Иҟалап, шәышықәса рышьҭахь раритетк аҳасабала аҭҵааразы аинтерес аиур», – ҳәа дахлафаауеит Антон.

Аԥсны аҭаара – «индиатәи акино»

Ашәҟәыҩҩы қәыԥш зныкоуп Аԥсны данаахьа, аха уи азныкгьы азхеит атәыла игәы-иԥсы иалахарц.

«Асоциалтә ҳа «Вконтакте» аҟны зны исзиҩит Аԥснытәи ҷкәынак. Уи исеиҳәеит хаҵак иҭаацәа дышрышьҭаз, сара уи дзышьҭаз арԥыс ихаҿсахьа сшақәшәо атәы. Уарбан-сарбан ҳәа аизҵаара ҳаналага еилкаахеит уи ахаҵа саб шиакәыз. Саби сареи ҳамҩақәа хаз-хазы ихеит 13-14 шықәса санырҭагылаз, иара усҟан Урыстәылантә Аԥсныҟа даазаап, сара уи атәы сыздырӡомызт. Аҭел сизасит, ҳаицәажәеит, иара уи ашықәсан аԥхынра анааи сизцеит, Тҟәарчалҟа. Уа саннеи ауацәеи аҭынхацәеи маҷҩымкәа ишсымаз збеит, Кавказ азы уи агьџьашьатәым», – иҳәоит Антон.

Иҳаҩсыз ашықәсазы зыӡбахә «машәыршәа» иаҳаз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс абзоурала, Антон Ҵылкьиа иаҳәшьагьы диԥшааит, нас лара лыла – иашьагьы.

«Саби сареи ҳаиқәшәаанӡа сусқәа сырҿын, исызҳауан, аҵара сҵон, Аԥсны сазхәыцуамызт. Схәыцрақәа зегь зызкыз сыԥсҭазаара аҭышәныртәалара акәын. Аха уажәшьҭа, ижәбама зегь шааҳәыз. Индиатәи акиноқәа рҿеиԥш», – иҳәоит арԥыс.

Амҩатә хҭыск

Антон дгәыӷуеит иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь лассы-лассы дзаалап ҳәа, иуацәеи иҭахцәеи еиҳа иааигәаны идырырц.

«Аԥсны саныҟаз агәахәара ду соуит. Ауаа қьиақәа сԥылон, бзиарамзар акгьы сымбеит уа сахьынӡаҟаз. Хҭыск акырӡа иснырит: зны амаршрутка сақәтәон, сара дсыцҭалеит ԥҳәыс быргк. Ԥыҭк ҳцахьан еиԥш, аангыларҭақәа руак аҿы ҷкәынак дақәтәеит. Даҽа ԥыҭк ҳнеиуаны иара аҭыҵра иҽазирхиеит, иҭыҵымҭазы аԥҳәыс бырг лахь даахьаҳәын бымҩахә шәоуп ҳәа лаҳәаны дцеит. Сгәы иахәеит Аԥсны абас ауаа ахьыҟоу, игьмаҷҩым ҳәа сгәы иаанагоит», – иҳәеит Антон Ҵылкьиа.

Ҵылкьиа иманускрипт маӡеи аԥсуа лкәқәеи

Ирҿиаратә гәҭакқәа дырзааҭгыло Антон иазгәеиҭоит илакәқәа рышәҟәы англыз бызшәахьы аиҭагара дшазхәыцуа. Убасгьы игәы иҭоуп арҿиарауаа ирызку ашәҟәы аԥиҵарц, еиҳаракгьы асахьаҭыхцәа.

«Ари ашәҟәы арҿиаратә гәацԥыҳәара узҭо ак акәхоит. Аԥснытәи асахьаҭыхцәа шьоукы ирзысыҩхьеит сыгәҭакы атәы, аха аҭак макьана исмоуцт. Адунеи иасырдырырц сҭахуп аԥсуа сахьаҭыхцәа шьахәқәа рыӡбахә. Уажәы снапы злаку абри ауп. Аматериал аизгара сықәманшәалахоит. Иҟоуп аинтернет аҿы исоуа, иара убас адокументалтә фильмқәа санрыхәаԥшуа, ма шәҟәык санаԥхьо исоуа адыррақәа еизызгоит, сыкәша-мыкәша избо зегьы срызҿлымҳауп, схазы иалыскаауа рацәоуп. Убас аус зуеит. Ари аус гәахәароуп са сзы, зынӡа иџьабааӡам, бзиа избо ауп», – иҳәоит Антон.

Уажәазы арԥыс инапы алакуп убасгьы «аманускрипт маӡаркыра» аԥҵара.

Антон амистицизми, амаӡақәеи, аламала уаҩ иԥыхьамшәо ашәҟәқәеи дышрышьҭаз, ҽнак зны аӡбахә иаҳаит Воинич иманускрипт маӡаркыра. Уилфрид Воинич – еицырдыруа англыз шәҟәыҩҩы, акомпозитор Етель Лилиан Воинич лыԥшәма иакәын. Аха дазусҭадаз Уилфрид ихаҭа? Ииашоуп. Дышәҟәыҭиҩын! Имаӡаркыроу ари адокумент авторс иамаҵәҟьоу дшьақәыргылам, аха Воинич ихьӡ аҵаҩуп, иара ҵәахуп Америка, Иельтәи ауниверситет аҟны. Акыршықәса раахыс аҵарауааи ашәҟәыԥхьара абзиабаҩцәеи рыхшыҩ азышьҭны аҭҵаара иаҿуп, уи иаҳәо аилкааразы, аха амаӡа рзаартуам. «Аманускрипт» атекстқәа уаҩ изымдыруа абызшәала ианҵоуп. Даҟьацыԥхьаӡа асахьақәа ануп.

«Иахьа уажәраанӡа ари зегь реиҳа имаӡаркыроу манускриптуп, иара аԥҵан XV-тәи ашәышықәса алагамҭзы. Уажәыгьы уаҩы издыруам иԥызҵаз дарбан, изакә бызшәоу изланҵоу, мамзаргьы асахьақәа иану рҵакы. Абри аманускрипт аӡбахә ансаҳа, схаҭагьы аиԥш зеиԥшу акы аԥысҵарц сҭаххеит. Иаасхәеит ианаалашаз аблокнот, ашәыгақәа, акаллиграфиатә каламқәа, нас схәыцрақәа реиужьра сҽасҭеит. Ианысҵаз закәу, асахьақәагьы ирҳәо атәы сызшәаҳәаӡом. Уи маӡас иҟазааит. Исҳәо акызаҵәык, раԥхьатәи асахьақәа Ҭырқәтәыла саныҟаз иҟасҵақәаз роуп, Аланиа ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны, Адгьылбжьарамшын аԥшаҳәаҿы, излахсыркәшо асахьа Санкт-Петербург иҟасҵаз ауп, акарантин аналагоз аамҭазы. Хышықәса сагеит ари аус», – иҳәеит Антон Ҵылкьиа.

Ҳаицәажәара ахыркәшамҭаз аманускрипти мрагыларатәи алакәқәеи равтор Антон Ҵылкьиа гәаартыла исеиҳәет, мышкызны аԥсуа лакәқәагьы рыҩра инапы алаикыр ҟалап ҳәа.