Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиднакылоит ауацәеи аҭынхацәеи  рыхьӡала иҩу, аибашьра ахҭысқәа ирышаҳаҭцәоу ауаа рысаламшәҟәқәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 1992-1993шш. раантәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз  апроект ҿыц хацнаркуеит.

Апроект иалнаршоит еиуеиԥшым ауаа иргәакьацәаз, ирзааигәаз рыхьӡала ирыҩуаз асаламшәҟәқәа рыла усҟантәи аамҭазы ирыбзазашьаз аилкаара.

Асаламшәҟәқәа аинформациа ахыҵхырҭак аҳасаб ала  иақәнагоу хәшьарак рыҭара атәы шыуадаҩу далацәажәеит апроект автор, акоординатор, АААК аҿари абаҩырҵәыреи рыҿиараз аҟәша аҟазауаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа.

«Ҳара иаҳхықәку аибашьраамҭаз ирыҩуаз асаламшәҟәқәа ааизганы рҵакы аиҭаҳәара  амацара акәӡам.  Арҭ аҩымҭақәа еимардоит иацтәи аамҭеи иахьатәи аамҭеи, ҳиааира ду аҭоурых иашаҳаҭцәоуп. Дара зегьы хазы-хазы угәаҵанӡа инеиуеит, ирныԥшуеит ауаа зхысыз ауадаҩрақәа, урҭ иагьа ихьанҭазаргьы  ириааиртә аиԥш амч шырыԥшаауаз. Арҭ агәаҵа иҵгоу ажәабжьқәа аибашьра, аҭынчра, ауаа ирҭоурыхуп. Рхы инаркны рҵыхәанӡа абзиабара  ргәылыжжуеит, ирныԥшуеит  агәрагара, агәыӷра ду» ҳәа лҳәоит Кәыҵниаԥҳа.

Асаламшәҟәқәа ирҭарыгӡоит 1992-1993-тәи итрагедиатәыз ашықәсқәа раамҭа. Авторцәа  қәрала, ԥсҭазааратә ԥышәала ишеиԥшымгьы аԥсадгьыл ахь, ирзааигәоу-иззааигәоу рахь, рҩызцәа рахь ирымоу абзиабара еиднакылоит.

Асаламшәҟәқәа цәаҳәа-цыԥхьаӡа ирыҵубаауеит аиааира лассы ишыҟало, уаҵәтәи амш  хымԥада ишылашарахо азы агәрагара ду.

Апроект алахәылацәа руаӡәк, АААК аинформациа аҟәша аусзуҩ Алиса Хәытаба асаламшәҟәқәа рыԥхьара илызцәырыргаз ацәаныррақәа ртәы ҳзеиҭалҳәеит.

«Саламшәҟәы-цыԥхьаӡа ирылыжжуеит ашәара, агәҭынчымра, уаҵәтәи амш иаҳзаанагаша азымдырра, аха иара убри аан урҭ рцәаҳәақәа, ражәақәа ҭәуп гәыӷрала. Атекстқәа  уцәа-ужьы уҭадырӡыӡоит, усҟантәи аамҭа хьанҭақәа урыздырхынҳәуеит. Сара сзыԥхьаз  ҭоурыхк  - даара  атрагедиа ҟазшьа амоуп. Ҳаибашьра еиҳа ицәаҭарӡыӡагаз ахҭысқәа руак иадҳәалоуп.  Аӷа гәымбылџьбарала ахымца иаиргаз авертолиот аҟны зҭаацәа зцәыӡыз автор илыԥшаауеит амч, лгәы калыжьуам, зыԥсы еиқәханы иҟоу рыхьӡала Анцәа димҵаматанеиуеит урҭ еиқәирхарц азы, лассы аибашьра еилгарц азы», ҳәа еиҭалҳәоит Хәытаба.

Апроект еихыршьаалараны иҟоуп  авидеоҭаҩымҭақәа, зыҟны АААК аусзуҩцәа  аибашьра аамҭазтәи ахҭысқәа еиҭарҳәараны иҟоу рыла. Уи адагьы ахәаԥшҩы изеиҭарҳәоит арҭ асаламшәҟәқәа ҩышьас ироуз, авторцәа наҟ-наҟтәи рлахьынҵа зеиԥшрахаз.

Аҭыхратә процесс мҩаԥысуеит. Апроект режиссиорс дамоуп АААК аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аҟазауаҩ Наур Хышба.

«Сара сгәанала апроект лабҿаба сыбла ихгыланы избозшәа сҟалеит. Гәахәарылагьы напаласкит аусура.  Апроект абжьааԥынтәи ҳҭыхымҭақәа рыстиль иалкьуп, аха  Аконгресс иснаҭаз арҿиаратә хақәиҭра сара сзы акраҵанакуа иҟалеит. Сақәгәыӷуеит дарбанызаалак ахәаԥшҩы авторцәа рыцыԥхьаӡа  рыдраматә-мҩа инырып, дасу рфырхаҵара игәаҵанӡа инаӡап ҳәа» - еиҭеиҳәоит Наур Хышба.

Асаламшәҟәқәа реизгараз ацхыраара ҟарҵеит: С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә Ахьӡ-аԥша амузеи, Ешыратәи Ахьӡ-аԥша амузеи. Еизгоу аматериалқәа зегьы ахархәара рыҭоуп изхатәу ма урҭ рҭаацәа рақәшаҳаҭрала. Иазырхиоу авидеонҵамҭақәа Аконгресс асоциалтә ҳақәа рыҿтәи адаҟьақәа рҟны ицәыргахоит.