Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан аспорт аҽазыҟаҵара адәы – воркаут аатит араҟа иаԥҵоу АААК аҭыԥантәи аҟәша амчала.

Амра Амҷԥҳа

Аспорт аҽазыҟаҵаразы ҳаамҭа иақәшәо амыругақәа рыла еибыҭаны воркаут адәы еиҿыркааит Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратә школ ашҭаҿы, ара иҟоу АААК аҭыԥантәи аҟәша алахәцәа раԥшьгарала.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аспорттә дәы аартразы иҟанаҵаз ажәалагала иадгылеит ақыҭауаагьы. Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Вадим Лакәиа иажәақәа рыла, амаҭәахәқәа рыхәԥса ахәҭак Аконгресс ахарџь ала иаахәан, егьи ахәҭа – ақыҭауаа хатәгәаԥхарала илырхыз аԥарала. Аиха иалху аԥырҟьақәа зегьы аҭыԥантәи ажьираҿы идырҭәеит. Ажьира аԥшәма Зураб Ҳагба еиҭеиҳәеит иаҭахыз аинформациеи асахьақәеи ширҭаз, иара урҭ дрықәныҟәаны аус инапы шаиркыз.

«Аус сыцызуа сыҷкәын Алиаси сареи ҳхала ҳнапы иҵаҳхит аԥырҟьақәа, нас еиԥаҳшьын, иаҳшәит. Шә-метрак рҟынӡа аиха агеит (аиха иалху атрубақәа – азгә.)», – иҳәеит иара.

Гәдоуҭа иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәша аиҳабы Амра Лакәиа иазгәалҭеит ажьицәа рус ахаҭабзиара шаҳараку, иагьацылҵеит Аконгресс уажәаԥхьагьы Зураб Ҳагба ишидҵаалахьаз. Убас, шықәсқәак раԥхьа иара инапала иҟаиҵаз аихатәы гәамсам-еизгарҭақәа уажәыгьы иҿыцҳараӡа Гәдоуҭа игылоуп. 

«Имазеины иҟоу воркаут аконструкциа ҿаҳҵазҭгьы, акырынтә ҳныхтәқәа еиҳхон, аагарагьы налаҵаны. Насгьы ус ианҿоуҵо, излырхуа аиха ахаҭабзиара зеиԥшрахо заа иуздырӡом. Иааухәо лассы-лассы  ацнҵыра ду амаӡам, иԥҽуеит – ара ҳаблала иаҳбоит ажьираҿы аус шыруа, издырулогьы зеиԥшроу», – лҳәеит лара.

Амра Лакәиа иҟалҵаз ажәалагала иабзоураноуп Гәдоуҭа хыџьара аиԥш зеиԥшу воркаут адәқәа раартра залыршахаз, ақалақьуаа еидыркылаз аԥарала. Уажәы лхаагьы ари аус бзиа иацырҵеит.

Лыхнытәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аԥхьатәи арратә ҽазыҟаҵара рызҭо Нодар Ҳагба иазгәеиҭеит, аспорт дәы аҟазаара иара имаҭәар ала аҽазыҟаҵарақәагьы акыр ишрыхәо.

«Махәҿылатәи аҽазыҟаҵарақәа, арра ус азы акомплекстә ҽаршьцыларақәа, аԥынгылақәа рахысра уҳәа убас 12 рҟынӡа еиуеиԥшым азнеишьақәа рҿы ицхыраагӡоуп, – ҳәа еиқәиԥхьаӡеит арҵаҩы, иагьациҵеит ахәыҷқәа хымԥада рыбаҩ дырҵәлароуп ҳәа. – Аспорт аҽазыҟаҵарақәа угәабзиара зчаԥо акоуп. Анцәа иџьшьоуп Аконгресс еиԥш абас аиҿкаарақәа ахьыҟоу, уи аҿы ацхыраара ҟазҵо».

Воркаут адәы аргылара ахԥатәи проектуп Лыхны иҟоу аҭыԥантәи аҟәша ақыҭаҿы инарыгӡаз. Уаанӡа дара рымчала идрыцқьеит Аџььынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы иҭахаз ирызку аскульптуратә ансамбль: абаҟа рыцқьаны иршәит, акәша-мыкәша изызҳаз аҳәира дырххит, аамҭа зыԥшшәы агаз афырхацәа рыхьӡқәа дырҿыцит. Иара убас алашара ахьнагам ақыҭамҩа адыргақәа анҵазарц азҵаара цәырыргеит, анаҩс иаҭахыз аусқәа нанагӡеит уи иазку амҩаусбарҭа

Аԥсны иахьаҵанакуа иаарту аҭыԥантәи аҟәшақәа 42 ихадоу ҷыдарас ирымоу – ауааԥсыра разҿлымҳара аизырҳароуп, доусы рыԥсҭазаара аиӷьтәраз иаҭаху, дара ирылшо ашьаҿақәа ҟарҵаларц азы, ҳәа ҳгәалалыршәеит АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа. Лара лажәақәа рыла, аҭыԥантәи аҟәшақәа зегьы рхатә ҷыдарақәа рымоуп, аки-аки еиԥшӡам, иҟоуп Аконгресс аҟынтә ацхыраара еиҳаны изҭаху, иҟоуп – маҷк адгылара зызхо. Лыхнытәи аҟәша атәы ҳҳәозар, активра аадырԥшуеит, рхала зегь еиҿыркаауеит.

«Лыхны иҟоу аҭыԥантәи аҟәша зегь рыла еиҿкаауп. Дареи ҳареи ҳааидтәаланы апроект аидеиа аншьақәҳарӷәӷәалак ашьҭахь, иаразнак уи анагӡара рҽазыркуеит. Шьаҿақәас иҟаҵатәу азгәарҭоит заа, доусы рыдҵақәа еихыршоит, апроект иҵегь харџьқәас иаҭаххо рыԥхьаӡоит. Абри аҩыза аус азнеишьа иҳанаҳәоит ишпатриотцәоу, излиааз ажәлари аҭоурых ду змоу рқыҭа гәакьеи бзиа ишырбо. Абри аҵакоуп иааидкыланы Аконгресс аусура шьаҭас иамоу, егьырҭ аҭыԥантәи аҟәшақәа рҟынгьы иаҳбарц иаҳҭаху. Гәахәара дууп, Аҭыԥантәи аҟәша иалоу ауаҩ иус гәыкала данашьҭоу, имч-илша дамеигӡа ауаа акала сызрыхәозар ҳәа ауаажәларратә ус данаҿу, ихарџьгьы аҭаххозар аныхра дазыхианы. Убас иҟоу ауаа рыԥшаара акраанагоит ҳара ҳзы», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Лара иҭабуп ҳәа ралҳәеит аӡәк иеиԥш рыжәҩахыр еибыҭаны аус зуа аҟәша анапхгаҩы Вадим Лакәиеи, уи алахәцәеи – Никита Лакоба, Аинар Вартагва, иара убас воркаут ашьақәыргылараҿы ацхыраара ҟазҵаз Лыхныәи ашкол аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа: Ануар Гәыблиа, Инал Гьерзмаа, Леван Лакоба.

Воркаут ҳәа иашьҭоуп адәаны игылоу аспорт аҽазыҟаҵарҭақәа, ари асубкультура ахы ыҵнахит Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны 2008 шықәсазы, анаҩс адунеи аҿы алаҵәара аиуит, Аԥснынӡагьы иааӡеит. Ас еиԥш иҟоу адәқәа даараӡа иманшәалоуп: афитнес-клубқәеи агимнастикатә залқәеи реиԥш акәымкәа дара еснагь иаартуп, убри аҟнытә ианаауҭаху урҭаар улшоит, насгьы ихәыда-ԥсадоуп. Иахьазы АААК аԥшьгарала Аԥсны иахьаҵанакуа иаартуп ас еиԥш иҟоу адәқәа ԥшьба.