Инапылаҟаҵароу акьанџьақәа, аҳамҭаҷқәа, асахьақәа уҳәа аԥсуа цәаҩа зыҟәну еиуеиԥшым анапкымҭақәа цәыргоуп ԥхынҷкәын 12 рзы Аҟәа иаартыз жәлар рнапҟазара афестиваль «Ахьынапқәа» аҟны.

Саид Барганџьиа

Аԥсны жәлар рнапҟазареи рҟазаалыхреи раԥхьатәи афестиваль «Ахьынапқәа» аатит Аҟәа, ԥхынҷкәын 12 рзы.

Афестиваль аҟны ицәыргоуп еиуеиԥшым анапҟазара ахкқәеи анапкымҭа ԥшӡақәеи.

Афестиваль аиҿкааҩ – Жәлар рырҿиара ацентр адиректор, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Нури Кәарҷиа афестиваль аартраҟны иажәа иалаҵаны иҳәеит, ари аекспозициа хықәкы хадас иамоу – аԥсуа напҟазацәа рӡыргара шакәу, избанзар урҭ рыӡбахә здыруа макьана даара имаҷуп.

«Араҟа ицәыргоу анапкымҭақәа иаадырԥшуеит ҳажәлар рыбжьара знапы хьу аҟазацәа шырацәоу. Ҳара жәлар рнапҟазара аҿиара ҳацхраалоит», – ҳәа азгәеиҭеит Нури Кәарҷиа.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа, ҵабыргны, аԥсуа милаҭтә напҟазара ахкқәа рҽыргәылахаланы иҭырҵаарц алшара рыман, иара убас дара аҟазацәа рхаҭақәагьы ирабадырырц рылшон.

Убас, иаҳҳәап, асахҭани ацәеи аус рыдызуло анапҟазаЕдем Коӷониа аҳәақәеи аҟамақәеи рыҟаҵарагьы инапы алакуп. Уажәазы анапҟаза ихатә жьира аргылара даҿуп, уи анхыркәшахалак ашьҭахь, иаҳа ирацәаны аалыҵ икәлоит, иҟалап аҭира далагаргьы.

«Сколлекциаҿы реиҳа изызҿлымҳау експонатуп аурымцәа реибашьыгатә аҳәа – оригинал иақәыршәаҵәҟьаны ичаԥоуп иара. Аҭра амшә ацәа иалхуп, аҳәа аура ахы инаркны аҵыхәанӡа – 70 сантиметра иҟоуп», – ҳәа еиҭеиҳәеит Коӷониа.

Афестиваль иаҭааз аҳәса рыбжьара аинтерес ду цәырнагеит ақьаадмаҵә ала иԥаны анапкымҭақәа ҟазҵо адизаинер Инна Салаҟаиа лыстенд.

«Ақьаадмаҵә салаԥо салагеит шықәсык аԥхьа. Раԥхьатәи снапкымҭа – кашпо акәын (ашәҭҭра зҭадыргыло адекоративтә ваза – аред.), нас мшаԥныҳәазтәи акаҵкәырқәеи. Уи ашьҭахь аҳәса рзы арԥшӡагақәа ҟасҵо салагеит», – лҳәеит Салаҟаиаԥҳа.

Лнапкымҭақәа абас азҿлымҳара ду роуеит ҳәа лгәы иаанагомызт адизаинер. Ааигәа лара амҿи ацәеи ирылхынгьы аҳәса рзы аксессуарқәа рыҟаҵара нап алыркит.

Аԥсны жәлар рнапҟазареи рҟазаалыхреи раԥхьатәи афестиваль «Ахьынапқәа» мҩаԥысуеит Акоммандиттә еиҩызара «НУР» азал ҿыц аҟны, иагьаартуп ԥхынҷкәын 19 рҟынӡа. Уи аҭаара хәыда-ԥсадоуп, изҭаху зегь неир рылшоит.