Амениу
24 Мшаԥы 2024
11:43
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Анацәеи абацәеи рыклуб

08.09.2023 09:50 Ажәабжьқәа 2254

05.07.2020 09:50 Ажәабжьқәа 15396
Елена Кәабахьиеи Анетта Бганбеи Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны ахәыҷқәа реизҳара иалацәажәеит

АААК иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларахь експертцәас ааԥхьара рырҭеит Елена Кәабахьиеи Анетта Бганбеи, дареи аклуб алахәцәеи алацәажәон ахәыҷқәа реизҳара азҵаара.

10.03.2020 21:25 Ажәабжьқәа 18800
«Х-абиԥарак рҟәышра»: Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны иалацәажәеит ахәыҷааӡараҿы андуцәа ҭыԥс иааныркыло

Анацәеи абацәеи рыклуб хәажәкырамзазы раԥхьатәи аиԥылара темас иаман ахәыҷқәа рааӡараҿы аиҳабыратә абиԥара рольс иааныркыло, иара убас иахьатәи ҳаамҭазы ааӡашьа аганахьала иҟоу азнеишьақәеи.

24.02.2020 12:55 Ажәабжьқәа 19939
АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҿы иалацәажәеит аемоционалтә гәылблаара атема

АААК Адискуссиатә клуб аҟны иаԥҵоу Анацәеи абацәеи рыклуб иацнаҵоит апсихологцәа-аекспертцәа рԥыларақәа. Жәабран 22 рзы имҩаԥысыз аиԥылара сасыс даҭааит апсихолог Елана Кортуа, излацәажәаз теман – анацәеи абацәеи ирызцәырҵуа аемоционалтә гәылблаара.

09.02.2020 12:55 Ажәабжьқәа 18767
«Аԥыза иааӡара»: АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҿы иалацәажәеит уи шыҟаҵатәу

АААК Адискуссиатә клуб иатәу Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны иацҵахеит ахәыҷқәа рааӡара аганахьала аекспертцәа рԥыларақәа. Убас, жәабран 8 рзы имҩаԥысыз аиԥылара дсасны даҭааит акоуч Асҭанда Саӡԥҳа, темас излацәажәазгьы – аԥызацәа рааӡароуп.

26.01.2020 13:50 Ажәабжьқәа 19333
АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны имҩаԥысит апсихологцәа Ричарди Оксанеи Коннераа рԥылара 

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб имҩаԥнагеит аҭаацәаратә психологиа ахырхарҭала еицырдыруа специалистцәас иҟоу Ричарди Оксанеи Коннераа рԥылара. 

29.12.2019 12:30 Ажәабжьқәа 19306
АААК Анацәеи абацәеи рыклуб аҿы имҩаԥысит Москвантә иааз ахәыҷтәы ҳақьым лԥылара

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб имҩаԥнагеит аҩбатәи апрактикатә еиԥылара – уажәазы аклуб алахәцәа зԥылаз специалистны дҟалеит ахәыҷтәы ҳақьым Асҭанда Кәарҷиаԥҳа.

15.12.2019 16:10 Ажәабжьқәа 17738
АААК Анацәеи абацәеи рыклуб раԥхьатәи сасцәас иаҭааит Аԥсны иреиӷьу ахәыҷтәы психологцәа

АААК Анацәеи абацәеи рыклуб имҩаԥнагаз раԥхьатәи апрактикатә еиԥылара спикерцәас иқәгылеит ахәыҷтәы психологцәа.

01.12.2019 12:00 Ажәабжьқәа 19827
Аҟәа аусура иалагеит Анацәеи абацәеи рыклуб

АААК Адискуссиатә клуб аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартыз Анацәеи абацәеи рыклуб Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥнагеит.