Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа ԥхынҷкәын 24 рзы Баслахә ақыҭан Аԥсны еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәа ҿарацәеи рцитатақәа зну аҭыӡҩырақәа кыдырҵеит.

Камила Кирвал

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа Баслахә иҟоу Ашәҟәыҩҩцәа рбаҳчаҿы еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәа ҿарацәеи рҩымҭақәа рҟынтә ацыԥҵәахақәа зну аҭыӡҩырақәа кыдырҵеит ахәаша, ԥхынҷкәын 24 рзы.

Абри апроект атәы дазааҭгылеит АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа. Лара иазгәалҭеит, апроект аидеиа зызцәырҵыз Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь шиакәу.

«Ииасыз ааԥынразы Мусса Ҳабал-иԥа Аконгресс ахьӡала Баслахә даҭааит. Даара иҟәанданы ҳрыдыркылеит ҳахьнеиз ашкол аҿы, аиԥылара бзиаӡа ҳаман, убасҟан ҳашцәажәоз ицәырҵит абри аидеиагьы аҵлақәа ирну аҭыӡҩырақәа ҳарҿыцырц азы», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, ашәҟәыҩҩцәа рнапала еиҭарҳаз абаҳча макьаназы иахьыҟоу аԥсыуа қыҭак аҟны мацароуп, аха ари аҩыза апроект згәаԥхо егьырҭ ақыҭақәагьы ҟалар – Аконгресс уи аҿы ирыцхраауеит.

«Агәыӷра ҳамоуп ақыҭақәа рҿы иҟоу Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа рнапхгаҩцәа абри апроект анырбалак, даргьы рхазы ирҭаххап ҳәа. Ҳара ҳазыхиоуп аҿар ахьыҟоу, ашәҟәыҩҩцәа рцитатақәа ралԥшаара ҳазыхиоуп ҳәа ҳазҳәо рҟны ҳнеины, абри аиԥш зеиԥшу апроект анагӡара», – ҳәа ацылҵеит лара.

Баслахәтәи абаҳча ашьапы кын 50 шықәса раԥхьа. Есышықәса араҟа аҵла ҿыцқәа еиҭарҳауеит. АААК аҭыӡҩырақәа рырҿыцра адагьы, ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡ аҵаҟа доусы рҩымҭақәа рҟынтә ацитатақәагьы аҵаҩны иҟарҵеит.

«Ҳара ашколхәыҷқәа ҳрыҳәеит, дара иргәаԥхо ацитатақәа алырхырц. Мызки-бжаки абри аус иаҿын, Очамчыра абиблиотекаҿы ицаны ашәҟәқәа алырԥшаауан, ацитатақәа алырхуан, еилацәажәон, азҿлымҳара рыман. Ҳәарада, ари аллеиа есааира иҵегь еизҳалоит, аҵла ҿыцқәа еиҭаҳахоит, ус анакәха – апроект ԥхьаҟагьы иацҵахоит», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Аҭыԥантәи аҟәшақәеи аҿар рактивреи аҳәаақәҵаҩ Валерии Берзениа иажәақәа рыла, аҭыӡҩырақәа злыху аматериал акыршықәса анарха зауа, зхаҭабзиара ҳараку, узықәгәыӷша акоуп. Акыраамҭа зыԥшра еицамкуа аҭыӡҩырақәа аус рыдулара цон шықәсыбжак аҟара.

«Ҳара ҳҽазаҳшәеит аԥсабаратә цәырҵрақәа ирцәымшәо, зычҳара ӷәӷәоу аҭыӡҩырақәа рыҟаҵара, ашколхәыҷқәа ԥхьаҟатәи рабиԥарақәагьы рыла иабо ирызҳаларц азы. Гәыкала ҳазнеит абри аус, избан акәзар – зегьы еицаҳзеиԥшу акоуп. Абри апроект иазааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп, аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәагьы, иахьҳавагылаз азы», – иҳәеит Берзениа.

Апроект акуратор, абиологиа арҵаҩы Инга Аблоҭиа иазгәалҭеит аекологиа аганахьалагьы ари аус ишәаны-изаны ишазнеиз атәы.

«Аҵлақәа, иааҳакәыршоу аԥсабара шынеибарку еиԥш, рыԥсы ҭоуп, ирызҳауеит, убри аҟнытә аҵәымӷ рылаҳҵар иашаӡам», – лҳәеит лара. Аҭыӡҩырақәа иҷыдоу ашашәаӡақәа рыла иадыркит, аҵла ацәа ԥырхага амаиурц азы.

Баслахәтәи абжьаратә школ аушьҭымҭа, иахьа ақыҭа ахадас иҟоу Даур Паӷәаа апроект анагӡара иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, хаҭалагьы Аконгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь.

«Иҭабуп ҳәа расҳәоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа абри аҩыза апроект ахьеиҿыркааз. Ҳара ҳзы, ҳашкол азы – ари Ашықәс ҿыцазтәи ҳамҭа бзиоуп», – ҳәа азгәеиҭеит Паӷәаа.

Аиҳабыратә классқәа рҟны аҵара зҵо ашколхәыҷқәа иргәаладыршәеит, ааԥынраз ацитатақәа ралԥшааразы адҵа анроу гәахәарыла уи ишалагаз. Аҩымҭақәа рцыԥҵәахақәа ралԥшаараан принцип хадас иҟаз - ԥхьаҟа игыло абиԥарақәагьы урҭ ирҳәо еилыркаауа, аҵакы рзааигәахо иҟазарц акәын.

Абыжьбатәи акласс аҵаҩы Мрамза Воуԥҳа ишылҳәаз ала, ацитатақәа ралхра ус имариамызт.

«Ҳара аԥсуа бызшәеи алитературеи рметодикатә кабинет аҿы ҳаизон. Аматериалқәа ҭаҳҵаауан, ак еимаҳкуан, ак еиҿаҳкуан, нас ишԥа, аха аҵыхәтәан акы ҳазааиуан. Ҳара иаҳгәаԥхеит абри аҩыза арҿиаратә усура, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аиҿкааҩцәа», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Ашкол адиректор Асида Ԥачлиа еиқәылԥхьаӡеит иуникалтәу Баслахәтәи абаҳчаҿы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҵлақәа еиҭазҳаз ашәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа. Урҭ иреиуоуп Терент Ҷаниа, Платон Бебиа, Нели Ҭарԥҳа, Сарион Ҭаркьыл, Анатоли Аџьынџьал уҳәа убас ирацәаҩны. Аҵлеиҭаҳара ашьҭахьгьы ашәҟәыҩҩцәеи аҵаҩцәеи реимадарақәа ԥҵәомызт: асалам шәыҟәқәа рыбжьан.

«Ашәҟәыҩҩцәа рҟынтә иаауаз асалам шәыҟәқәа алитературатә кружокқәа рҿы ирыԥхьон, абри аҩыза аимадара, аус азнеишьа ахәыҷқәагьы аҩра ргәанарԥхон. Иахьагьы ари атрадициа еиқәырханы иҳамоуп», – лҳәеит адиректор.

Аҭыӡҩырақәа ркыдҵараан ашколхәыҷқәа доусы бзиа ирбо ашәҟәыҩҩцәа рцитатақәа ҿырҳәала ирыԥхьон.

2021 шықәса хәажәкырамзазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилк ахантәаҩы Мусса Егзакь аусура аҵыхәала Аԥсны даны даныҟаз Баслахә ақыҭа даҭааит. Аиԥылара мҩаԥысит Ҷыҷыкәа Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ ахыбраҿы. Убасҟан иӡбан Ашәҟәыҩҩцәа рбаҳчаҿы аамҭа акыр иаражәхьаз аҭыӡҩырақәа ԥсахзарц. Ари абаҳчаҿы изызҳауа аҵлақәа реиҳарак ашәҟәыҩҩцәеи ашкол иаҭаауаз асасцәа хатәрақәеи рнапала еиҭарҳаз роуп. Мусса Егзакь инапалагьы ари абаҳчаҿы ҩ-ҵлак еиҭеиҳаит – аԥсаҵлеи аҳаҵлеи.