АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы инапынҵала Аконгресс Ҟарачы-Черқьестәыла Адискуссиатә клуб аԥнаҵоит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь инапынҵала, Ҟарачы-Черқьестәылангьы иаанартуеит Аԥсны иаԥҵоу аиԥш зеиԥшу Адискуссиатә клуб. Араҟа иалшоит згәы еилгоу аҿарацәа реидкылара, абаза жәлар рыҿиареи иааидкыланы Ҟарачы-Черқьестәыла аҿиареи ирзынархоу аусмҩаԥгатәқәа ралкааразы, рынагӡаразы.

Адискуссиатә клуб алахәцәа рхаҭақәа иалырхыр рылшоит излацәажәаша атемақәа, анаҩс амодераторцәа иалкаау ахырхарҭақәа рыла испециалистцәоу ауаа аарыԥхьалоит. Дара инҭкааны иазааҭгылалоит излацәажәо апроблема аҿиара мзызс иаиуз, насгьы уи аӡбашьа мҩақәас иҟоу. Раԥхьатәи аетап – аилацәажәарақәа – анхыркәшахалак, иаԥҵахоит апроектқәа, анаҩс урҭ АААК ахантәаҩы идгалахоит, дрықәшаҳаҭны агрант рзоужьразы.

АААК аппарат аиҳабы Кан Ҭаниа еиҭеиҳәеит иара Адискуссиатә клуб аформат ахаҭа шаԥҵахаз. АААК акоманда рнапы ианҵан «Мусса Егзакь игрантқәа еиҳагьы ихырҳаган рхархәаразы аусқәа еиҿкаазарц, аԥсуа-абаза бызшәеи, акультуреи, аҭоурыхи, атрадициақәеи реиқәырхареи рырҿиареи азы».

«Ҳазхәыцуан, абри ахықәкы анагӡаразы аҿаргьы аекспертцәагьы инеибеиԥшны ишԥадҳаԥхьалари ҳәа. Убас ҳагьазааит Адискуссиатә клуб аԥҵара, анаҩс абри аформат еиҭа аус адиулеит Мусса Ҳабал-иԥа. Иахьазы Аҟәа қәҿиарала рынагӡара иалагахьеит ахатәы бызшәа аҿиареи, аекологиа ахьчареи, ани ахәыҷи ргәабзиара атемеи уҳәа ирыдҳәалоу апроектқәа», – иҳәеит Ҭаниа.

Аклуб аиԥыларақәа ес-ҩымчыбжьа ирхыгамкәа имҩаԥгахоит. Агрантқәа раиура иазку аклуб аусура ахырхарҭа хада инаваргыланы, аусура хацыркхоит аҵара-ааӡара азҵаарақәа рылацәажәара иазку «Анацәеи абацәеи рыклубгьы», убас егьырҭ агәыԥқәагьы.

ҞЧА иаартхо Адискуссиатә клуб аԥхьа иаднакыло рхыԥхьаӡара ԥкуп, убри аҟнытә аиҿкааҩцәа аҳәара ҟарҵоит аклуб иалаларц агәаҳәара змоу зегьы анкета харҭәааны уаҟа иарбоу e-mail ахь, мамзаргьы асоциалтә ҳақәа рыла иаарышьҭырц, иара убас иҟалоит Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аофис аҟны хаҭала инаргаргьы (Мусса Егзакь ИАЕ «Алашара» ахадасгьы дыҟоуп - аред.).

АААК Адискуссиатә клуб аартын Аԥсны 2019 шықәса абҵарамзазы. Уи аусура мҩаԥысуеит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: абаза жәлар рбызшәеи ркультуратә ҭынхеи реиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра алаҵәара аҭара, иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчара уҳәа егьырҭгьы. Аклуб иалахәу раӷьырак аҿарацәа роуп. 2019-2020 шықәсазы Аҟәатәи аклуб аекологиатә хырхарҭала аус ауан. Ари асекциаҿы аусура иалахәын 23-ҩык ауаа. Аԥсны иаԥҵоу Адискуссиатә клуб аҳәаақәа ирҭагӡаны қәҿиарала аус ауеит ахыԥша бзиаӡа зауз Анацәеи абацәеи рыклубгьы.