Аконгресс агәыԥ алахәцәа асоциалтә ҳа Facebook аҿы ишиашоу ицоз аефир ала ахәаԥшцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит алхратә кампаниа аихшьаалақәеи ԥхьаҟа ргәы иҭоу аусқәеи ирызкны. 

Амра Амҷԥҳа

Аконгресс акоманда асоциалтә ҳа Facebook аҟны аефир мҩаԥыргеит, уи ахәаԥшцәа ирызцәырҵуаз азҵаарақәагьы зегь рҭак ҟарҵеит, излахәыз апарламенттә алхрақәа хәшьарас ирырҭо иазааҭгылеит, иара убас ԥхьаҟа рнапы злакырц ргәы иҭоу иалацәажәеит.

Ахәаԥшцәа азҵаарақәа рҭиуан ишиашоу ицо аефир ала, алшара ыҟан азҵаара аелектронтә ԥошьҭала заа иааушьҭыргьы. Азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит Жәлар Реизара адепутатс иалху Инар Гыцба, насгьы адепутатрахь кандидатцәас иқәгылаз Изольда Ҳагԥҳа, Ҭемыр Рекәаа, Дмитри Жьиба, иара убас АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа. Аефир амҩаԥгаҩс дыҟан АААК аинфопортал аредактор хада Амина Лазԥҳа.

Алхрақәа реихшьаалақәа ишиашоу ицо аефир ала рыҟаҵара ҳгәаԥхеит, избан акәзар Аконгресс агәыԥ еснагь еиԥш ҳусура зегь рыла иаартызарц ҳҭахуп ҳәа аефир алагамҭаз иазгәарҭеит уи алахәцәа, иаразнакгьы ахәаԥшцәа ажәа рырҭеит иҟаз шыҟаз зегь шрарҳәо.

Аефир амҩаԥгаҩ илҭиит зегь реиҳа лассы иқәдыргылоз азҵаара: «Избан ауаажәларратә еиҿкаара «Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс» аполитикатә ԥсҭазаара аҽаланархәыр заӡбыз?» Ари азҵаара аҭак ҟаҵо, аефир алахәцәа иазгәарҭеит Апарламент ахь анеира рыҽзазыршәаз, дара зегьы хаҭа-хаҭала иқәзыргылаз рыдгылаҩцәа рыӡбамҭала шакәу.

Аконгресс аҟны аус руанаҵы дара Аԥсны шамахамзар иахьымнеиз қыҭак, қалақьк нымхаӡеит, ауааԥсыра ирыҿцәажәон, урҭ ирызцәырҵуаз ауадаҩрақәа рбон, рыӡбараҿгьы ацхыраара ҟарҵон. Убас ала иит асоциалтә хырхарҭа зауз гәыԥҩык аицҿакыҩцәа рыпрограмма, уи анагӡаразгьы зегь реиҳа иманшәалоу ҭагылазаашьахон азакәанԥҵаратә мчра змоу аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы аҟазаара, ус анакәха Апарламент адепутатс ақәгылара ҳәа азгәарҭеит аефир алахәцәа. 

АААК ИА аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа хазы дазааҭгылеит Аконгресс аусзуҩцәа алхарақәа иахьрылахәыз зинтә шьаҭас иамаз.

«Ауаажәларратә еиҿкаара ахьӡала акандидатцәа ҳәа уаҩ дықәымгылаӡеит, Аконгресс аусзуҩцәа хаз-хазы депутатцәас иқәгылан. Аха дара гәыԥҩык ҟалеит азы, насгьы АААК аусзуҩцәа зларакәу ала, ҳара иҳаӡбеит Аконгресс агәыԥ ҳәа иааидкыланы рыӡбахә аҳәара. Иазҳархиеит иҷыдоу апрограмма Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иҳарҳахьоу аԥышәа хшыҩ азышьҭны», – иҳәеит Ҭаниа.

Аефир цонаҵы депутатс иалху Инар Гыцбеи, адепутатразы иқәгылаз акандидатцәеи хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵон: урҭ зызҿлымҳаз маҷмызт, алхрақәа рымҩаԥысшьазы доусы цәаныррақәас иоуз инаркны, абраҟа иҳәатәуп Аконгресс аусзуҩцәа рыԥшьҩык раԥхьаӡа акәны алхрақәа ишрылахәыз. Иҟан иаахжәаны иҳәаз азҵаарақәагьы, иаҳҳәап: «Алхыҩцәа рыбжьы аашәхәозма?» ҳәа. «Аконгресс аҿы аус ҳуанаҵы имҩаԥаҳгоз агәыҳалалратә усура уахь иалазар, ааи», - ҳәа иахлафааны аҭак ҟарҵеит аконгрессаа.

Нас доусы ргәаанагара рҳәеит зеиԥшла алхратә кампаниа амҩаԥысшьазы. Изольда Ҳагԥҳа гәалсрала иазгәалҭеит алхрақәа акандидатцәеи, урҭ рыпрограммақәеи, рылшарақәеи реиндаҭлара ахаҭыԥан аштабқәа реицлабраны имҩаԥысит ҳәа, убри ззеилымкаауаз алхыҩцәагьы маҷҩымкәа рхы иадырхәеит ҳәа ацылҵеит лара.

Аха алхратә система иахьа ишыҟоу ала иагқәоу егьа ыҟазаргьы, аԥсахрақәа шаҭахугьы, Аконгресс аусзуҩцәа ирҳәеит иааиуа апарламенттә алхрақәа ҩаԥхьа рхы шлрыладырхәуа.  

Ишиашоу ицоз аефир сааҭки бжаки иҭаӡеит, аха уи аамҭа ахьцаз умбо лассы инҵәеит, ахы инаркны аҵыхәанӡа азҿлымҳара ацны имҩаԥысит ахәаԥшцәа рганахьалеиԥш, алахәцәа рганахьалагьы. Кан Ҭаниа алкаа ҟаиҵеит, ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡара зларацәоу ала, ари аҩыза аформат аҭахны иҟоуп ҳәа.

«Аинтерес зҵаз азҵаарақәа рацәан – иҵарыз, иҵаулаз, узырччозгьы. Сгәанала, ари аформат хәарҭара алоуп ауаажәлар рыҿцәажәаразы. Ԥхьаҟагьы иаҭахханы иҟалозар, хымԥада иацаҳҵоит. Ҳара ҳашьцылоуп ҳусура иаартны амҩаԥгара, алацәажәара. Убри азоуп ҳгәаанагареи ҳхәыцрақәеи ауаа ирыцеиҩаҳшар заҳҭаххаз, алхрақәа реиԥш ҿыц иҳарҳаз аԥышәа аганахьала. Аконгресс аинфопортал аредактор хада Амина Лазԥҳа аефир мҩаԥаҳгап ҳәа ажәалагала аныҟалҵа, иаразнак ҳадгылеит», – иҳәеит Ҭаниа.

Инар Гыцба иакәзаргьы, иазгәеиҭеит ишиашоу ицо аефир аформат алшара аԥнаҵеит ҳәа иахьынӡауа иаартны еиуеиԥшым азҵаарақәа рҭак аҟаҵара, иуадаҩқәоугьы уахь иналаҵаны. 

«Ҳара иаҳҭахуп ари апрактика ԥхьаҟагьы иацаҳҵарц. Иҟалап, ҳара иаҳҿыԥшны абас ала ауаажәлар зыҽрымаздо иҵегь аполитикцәа ҟаларгьы. Абжьааԥны ишаҳбо ала, алхрақәа анеилгалак ашьҭахь, урҭ шамахамзар ирылацәажәаӡом, ари апроцесс акәша-мыкәша иҟоу аинтерес еиԥхьбоит. Ҳара иаҳҭаххеит ҳкоманда имҩаԥнагаз аусура абасала аихшьаала азаҳурц. Ҳаигәырӷьеит азҵаара рацәа ахьҳауз, ҳџьабаа ҳџьызшьаз маҷҩымкәа иахьыҟалаз. Иахьынӡауаз иаахтны, насгьы инарҭбааны зегьы аҭак раҳҭеит», – иҳәеит Инар Гыцба.

АААК аинфопортал аредактор хада Амина Лазԥҳа гәаартыла илҳәеит ишиашоу ицоз аефир амҩаԥгара агәыхыҭхыҭра шылзацыз, избан акәзар лара лжурналисттә практикаҿы ари раԥхьаӡатәи аефир акәын. 

«Уажәаԥхьа ишиашоу ицо аефирқәа мҩаԥызымгацызт, ара амонтаж ыҟам, заа аҽазыҟаҵаразы алшарагьы умам. Дыршьа умам зҵаарас иурҭо», - ҳәа азгәалҭеит лара.
Амина лажәақәа рыла, зегь реиҳа акрызҵазкуаз – ауаа рацәа аефир иахәаԥшыртә еиԥш радыԥхьалара акәын. Аиҳараҩык ирзыманшәалахаша аамҭагьы уҽақәуршәар акәын. Урҭқәа зегь зеиӷьыҟам ала еиқәшәеит. 

«Даара сгәы алаҟоуп иҳауз алҵшәа. Гәаартыла, гәреибагарала аицәажәара ҳаман. Азҵаарақәа рхыԥхьаӡара рацәан, рхаҭабзиарагьы ҳаракын сҳәар сылшоит. Ауаа ииашаҵәҟьаны аинтерес рыман, ажәа ҟәандақәеи азеиӷьшьарақәеи рацәаны иҳаҳаит. Сара сзы акраанагоит ҳашгәыԥыз аефир ҳахьалахәыз, избанзар хаҭалатәи аиҿцәажәарақәа уаанӡа иҭаҳаҩхьан, уажәазы зегь ҳаиццәырҵит», – лҳәеит аинфопортал аредактор хада. 
Аудиториа ирҭахханы иҟалозар, ари аҩыза аефирқәа ԥхьаҟагьы еиҿаҳкаалоит, лҳәеит Амина Лазԥҳа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа ԥшьҩык – Инар Гыцба, Изольда Ҳагԥҳа, Ҭемыр Рекәаа, Дмитри Жьиба – 2022 шықәсазы Аԥсны Жәлар Реизара алхрақәа рхы рыладырхәит еиуеиԥшым алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны. Хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысыз абжьыҭира алҵшәақәа рыла, аҩбатәи атур ахь днеит Инар Гыцба, уаҟа аиааира ганы Апарламент адепутатс дҟалеит.  Иааидкыланы иахьазы иалхуп 33-ҩык адепутатцәа, даҽа ҩыџьа адепутатцәа зусҭцәахо макьаназы еилкаам. Алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба рҟны аиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп. Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьаӡатәи реилатәара азыԥхьагәаҭоуп мшаԥы 12 рзы.