Ажәытә аамҭа

Аԥсуаа – ижәытәӡатәиу Кавказ ашьагәыҭ жәларқәа иреиуоуп. Аԥсуаа ркультуреи рҵас-қьабзқәеи, рбызшәеи рыла ирзааигәоуп Нхыҵ-Кавказ инхо аешьаратә жәларқәа: ашәуаа, аедыгьаа, аҟабардақәа, ачерқьесцәа, аубыхцәа. Арҭ зегьы рбызшәақәагьы еигәыцхәуп, Кавказтәи абызшәатә ҭаацәара аҩнуҵҟа аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ еиҿыркаауеит.

Зегь реиҳа ижәытәӡатәиу аԥсуаа рыӡбахә зҳәо хыҵхырҭоуп ҳера ҟалаанӡа XII ашәышықәсазтәи ассириатәи акыдҩылара (уи ассириатәи аҳ Тиглатпаласар I ианҵамҭоуп), уаҟа аԥсуа жәлар «абешла» ҳәа рыхьӡ арбоуп. Анаҩс I–II ашәышықәсақәа рзтәи антикатәи абырзен-аурым хыҵхырҭақәа рҟны аԥсуаа рыӡбахә ҳәоуп «аԥсилааи» «абазгааи» ҳәа. Арҭ ахыҵхырҭақәа рҿы иаагоу ажәлари аԥсуа-абаза жәлари аӡә шракәу аршаҳаҭуеит аетнонимқәа «аԥсуа», «абаза», «обезы» (аурыс хыҵхырҭақәа рҟны иуԥылоит), «абхазы» (ақырҭуа ашықәснҵақәа рҟны). Аԥсуаа рыԥсадгьыл Аԥсны ҳәа иашьҭоуп.

Аԥсны абжьарашәышықәса аамҭазы

VIII–X ашәышықәсақәа рыбжьара Аԥсуа аҳра аԥын, раԥхьатәи Аԥсны аҳ – Аԥсҳа Леуан II иакәын, амч ду змаз аҳазрцәа ркаган иԥҳа илыхшаз, нсгьы усҟантәи Византиатәи аимператор диашьан. Аԥсҳа Леуан абас ауацәа ахьимаз иабзоураны Аԥсны иахьа ишаҳҳәарыз ала «жәларбжьаратәи азхаҵара» аиуит. Усҟан Аԥсны иаднакылеит Мраҭашәаратәи Аахыҵ Кавказ адгьылқәа зегьы. Аԥсуа аҳра иасакьаҳәымҭаны иҟан Х ашәышықәсазы аҳ Гьаргь II ихаан.

Аԥсуа аҳцәа рдинастиа еиԥҟьеит ахылҵ дызмауз Феодоси Алашә иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, усҟан амчра инапахьы инеит иара иаҳәшьаԥа Баграт III, уи иан – Феодоси иаҳәшьа гәакьа аҳкәажә Гәырандыхәт лакәын. Баграт III ила иалагоит «аԥсуааи ақарҭлиааи раҳра» ҳәа аҭоурых иадыруа аҳәынҭқарра ҿыц ашьақәгылара. Аха иҳәатәуп уи иҵегь акыраамҭа Аԥсуа аҳра ҳәа ахьӡ ахны иаанхон.

XIII–XV ашәышықәсақәа рзы Аԥсны Генуиа аполитика-економикатә нырра ӷәӷәахо иалагеит, ари аиаталиа қалақь иалҵыз ауаа Амшын Еиқәа аҿықәан Ҟрыми Кавкази ахәаахәҭратә факториақәа аԥырҵон. XVI–XVIII ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иқәнагалеит аҭырқәцәа. Уи аамҭазы ара амсылманра алаҵәо иалагеит.

XVIII ашәышықәсазы Қьалышьбеи Чачба (Шервашиӡе) ихаан Аԥсны ҩаԥхьа аҽарӷәӷәеит, аԥсуа шхәақәа Анапа инаркны Баҭымынӡа амшын аҿықә иахылаԥшуан. Аха 1808 шықәсазы Қьалышьбеи даныршь, аҳра инапаҿы иҟалеит Ҭырқәтәылаҟа зхы хаз уи иҷкәын аиҳабы Асланбеи.

Аԥсны Урыстәыла адлара

1810 шықәсазы Урыстәыла ацхыраарала Аԥсны аҳас дҟалоит Қьалышьбеи иԥеиҵбы Сафарбеи, данырнаҭ ашьҭахь Гьаргь ҳәа ахьӡ шьҭызхыз. Жәабран 17, 1810 шықәсазы Урыстәылатәи аимператор Александр I  инапы зҵаиҩыз ашәҟәы инақәыршәаны, Гьаргь шьҭрамадарыла Аԥсны аҳас дазхаҵан, Аԥсны – Урыстәылатәи аимпериа зхылаԥшуа, иагьзыхьчо, уи аҳәынҭқарра амчрагьы ахьаԥу дгьылны ишьан. Абасала, Аԥсны зхы ҳәаақәызҵо аҳрак аҳасабала Урыстәылатәи аимпериа иалалоит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, усҟантәи аамҭазы Аԥсны аҳра егьырҭ изларылукаауаз ҷыдарас иҟаз – Урыстәыла ианалала ашьҭахьгьы уи ахьыԥшымра аҵыхәтәанынӡа иацәымӡит, ақырҭуа аҳрақәа ишрыхьыз еиԥш акәымкәа (Қартли-Кахетиа, Иметериа, Гуриа, Гыртәыла).

Урыстәылатәи арратә цхыраарала аԥсуа аҳ имчра есааира иӷәӷәахон, уи аурыс арратә иерархиаҟны иҳараку аҭыԥгьы ааникылеит. Иаҳҳәап, аҵыхәтәнтәи Аԥсны аҳ Михаил Гьаргь-иԥа Шервашиӡе (Чачба) аинрал-леитенант, аинрал-адиутант ҳәа ачынқәа ныҟәигон, ацқьа Александр Невски иорден ианашьан. Иара убри аан иҳәатәуп аԥсуа аҳцәа аурыс инырра шаладырҵәоз зхы иақәиҭыз ашьхауаа рыбжьара, агәылара жәларқәа – аубыхқәеи ашаԥсыӷцәеигьы уахь иналаҵаны.

Кавказтәи аибашьра анеилгоз аамҭазы (1864 ш.) Аԥсны аҳра аҵакы ацәыӡит ҳәа иԥхьаӡан аурыс администрациаҿы, убри аҟнытә иара уи ашықәсан иаԥырырхит. Аҳра ахаҭыԥан иаԥҵан Аҟәатәи арратә округ, уи ишиашоу Кавказ итәаз аурыс аҳ иадминистрациа иахьыԥшын.

XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжа зегь реиҳа ихьанҭаз аамҭахеит аԥсуаа рзы, усҟан акырынтә ажәлар ишҳәыԥкыз Аосман империахь ихҵәар акәхеит (амҳаџьырра ҳәа аҭоурых иадыруеит ари ахҭыс). Аԥсуаа реиҳараҩӡак рыԥсадгьыл иқәцан, Аԥсны аетникатә еилазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Иҭацәыз адгьылқәа рҿы иааганы индырхо иалагеит аерманцәа, аестонцәа, аха еиҳараӡак – ақырҭқәа. 1886 шықәсазы Аԥсны ауааԥсыра зегь рахьтә аԥсуаа 85,7%  ыҟазҭгьы, 1897 шықәсазы – 55,3% рҟынӡа илаҟәит. Иааиуаз ажәашықәсақәа рзы аԥсуаа рхыԥхьаӡара еиҳагьы иагхон.

Аԥсны адгьылқәа зегь аҭауадцәа иртәны иҟамызт, араҟа ахаан атәра аԥымызт, анхацәа зегьы изқәынхоз адгьылқәа дара ирхатәын. Аԥсны ауаажәларра гәыцәс иамаз ақыҭа акәын, ара инхон ҭауади-аамысҭеи анхацәеи, лассы-лассы ахәԥҳара зыбжьаз.

Урыстәылатәи аимпериа анхабгала ашьҭахь Аԥсны – Еиду Кавказ Ашьхарыуаа Рхеилак иалалеит, иара убас иалалеит Алада-Мрагыларатәи Аидгыла. Абҵара 8, 1917 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысуаз аизараҿы иалхын апарламент – Аԥсуа Жәлар Рхеилак, уи иаднакылеит аԥсуа жәлар Рконституциеи Рдекларациеи. 1918 шықәсазы имҩаԥысуаз Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҭынчратә конференциаҿы ирылаҳәан «Ашьхарыуа республика» (Нхыҵ-Кавказтәи Ареспублика) шаԥҵоу. Даӷьсҭан, Чечентәыла, Уаԥстәыла, Ҟабарда инарываргыланы ари афедерациа иалалеит Аԥсынгьы. Абасала еиҭашьақәыргылан 1864 шықәса раахыс иаԥыхны иҟаз Аԥсны аҳәынҭқарратә статус.

Аха 1918 шықәса рашәарамзазы мышқәак раԥхьа иаԥҵаз Адемократиатә Республика Қырҭтәыла ар Германиатәи аимпериа иҟанаҵаз бџьарла ацхыраара рхы иархәаны Аԥсны иалалан ирымпыҵархалеит. Ақырҭуа меншевисттә политика Аԥсны иқәынхоз амилаҭрацәа иргәаԥхо иҟамызт, убригьы хәҭакахьала иармариеит 1921 шықәса март 4 рзы араҟа асовет мчра ашьақәыргылара. Амчра ҿыц ааира ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа риааира аҳасабала иахәаԥшуан, арепрессиақәа ирцәызыхьчоз акеиԥш.

Асовет аамҭа

Аԥхьаӡа абольшевикцәа аԥсуаа аполитикатә хҳәаақәҵаразы ахақәиҭра рырҭеит, уи азин рхы иархәаны Аԥсны ихьыԥшым советтә социалисттә республиканы ахьӡ рыларҳәеит, (убас иагьыҟан хәажәкыра 31, 1921 шықәса инаркны жәабран 17, 1922 шықәсанӡа). 1921 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны анапхгара Сталини Орджоникиӡеи иҟарҵаз ақәыӷәӷәара изацәымцакәа Қырҭтәылеи дареи «иҷыдоу аидгылатә еиқәшаҳаҭра» рыбжьарҵеит, уи аратификациа азун 1922 шықәса жәабранмзазы, иагьшьақәнарӷәӷәон аҩ-республикак зинла реиҟарара. 1922 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы Аԥснытәи ССР азинмчра нагӡа змаз ахаҭарнак Николаи Ақырҭаа инапы аҵаиҩит Асовет Еидгыла аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра.

1922 шықәса инаркны 1931 шықәсанӡа Аԥснытәи ССР «аиқәшаҳаҭратә» ҳәа ахьӡ ахын. Раԥхьатәи асовет Конституциа Аԥсны ирыдыркылеит 1925 шықәсазы III-тәи Аԥснызегьтәи Асоветқәа реизараҿы. 1931 шықәса жәабранмзазы Аԥснытәи ССР автономтә республика ҳәа астатус ԥсахны Қырҭтәылатәи ССР иаларҵеит Сталин иҟаиҵаз ақәымчрала.

1936 шықәса, ԥхынҷкәын 28 рзы Лавренти Бериа иҩны ашҳам иҭаны дшьын Аԥсны аиҳабыра ахантәаҩы Нестор Лакоба. Уи иԥсрала иалагеит ХХ ашәышықәсазтәи аԥсуаа рҭоурых аҿы адаҟьа еиқәаҵәақәа. Арӡрақәеи арепрессиақәеи раамҭазы иреиӷьыз аԥсуа ҵеицәа, аполитикатә, аинтеллектуалтә елитас иԥхьаӡаз ажәлар рхаҭарнакцәа зегь аԥырырхит. Арахь ҩ-напык рыла ақырҭуатәра аполитика амҩаԥгара иаҿын: усҟан алатин шьаҭала иҟаз аԥсуа ҩыра ақырҭуа ҩырахь ииаргеит, ажәытәӡатәи аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа ақырҭуа хьӡқәа рыла ирыԥсахуан, ашколқәа рҿы қырҭшәала аҵарахьы ииасит, ассимилиациа хықәкыс иҟаҵаны ақырҭқәа ааганы рнырхара иаҿын, ауааԥсыра ретнодемографиатә еилазаашьа шьаҭанкыла аԥсахра акәын иззынархаз арҭ аусқәа зегьы. 1937-1953 шықәсақәа ирылагӡаны Қырҭтәылантә Аԥсныҟа иааганы индырхеит жәанызқьҩыла ақырҭқәеи агырқәеи, дара рыхәҭаа акырӡа еиҳахеит Аԥсны ауааԥсыра рыбжьара. Сталин иаамышьҭахьгьы ари ақырҭуа експансиатә политика амҩаԥысра иаҿын. Уи алҵшәақәа удыршанхо иҟалеит: 1886 шықәсазы ақырҭқәа хыԥхьаӡарала 6% ыҟазҭгьы, 1989 шықәсазы – 45,7% рҟынӡа ҟалахьан. Аԥсны ари рымбо иҟамызт, ажәлар Қырҭтәыла алҵразы есжәашықәса амитингқәа мҩаԥыргон 1957, 1964, 1967, 1978, 1989 шықәсақәа раан.

Иахьатәи аамҭа

1989–1990 шықәсақәа рзы Қырҭтәыла апарламент ганкахьала Аԥсны иахымхәыцкәа аӡбамҭақәа аднакыло иалагеит, аҩ-республикак реизыҟазаашьақәа хырҩа рызымҭоз, аԥсуаа рзинқәа зҿаҟәоз. Қарҭ изакәантәым ҳәа ирԥхьаӡеит 1921 шықәса раахыс асовет аамҭазы иаԥҵаз Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы.  Ари аҭакс Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет 1990 шықәса нанҳәа 25 рзы иаднакылеит Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа.

1990 шықәсақәа ралагамҭаз Аԥсны иқәынхоз амилаҭқәа зегьы еицазхарҵаз ажәлар рԥызас дгылеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владислав Григори-иԥа Арӡынба. 1990 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс даҟалеит. 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаӡбеит 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа иазыхынҳәызарц, иара убри аҽны ишьақәырӷәӷәан Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби. Усҟанҵәҟьа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Қырҭтәылаҟа аҳәара нанашьҭит зинла еиҟароу аҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа еиҭашьақәыргылазарц азы. Уи аҭакс нанҳәа 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа бџьаршьҭыхла Аԥсны иақәлеит, ауаа шьуа, иқәцо, аԥсуа жәлар рматериалтәи рдоуҳатәи культура абаҟақәа ԥҽуа, ирҳәуа, амассатә зинеилагарақәа мҩаԥго.   

Аԥсны ахьчара иазгылеит Нхыҵ Кавказ аешьаратә жәларқәа, Алада Урыстәылантә аҵеицәа, аказакцәа уҳәа, хатә гәаԥхарала рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазықәԥарц иааит шәҩыла аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә. Ишьаарҵырахаз аибашьра рыхганы Аԥсны аруаа ирылшеит аӷа хәымга дахцаны аиааира агара. Цәыббра 30, 1993 шықәсазы аԥсуа бираҟ Егры аҳәаа иахашәыршәыруан.

1994 шықәсазы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы итәеит урыстәылатәи аҭышәныртәаларатә мчрақәа.

1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны иаднакылеит Аконституциа ҿыц, раԥхьатәи атәыла ахадас далхын Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

1999 шықәса жьҭаара 12 рзы имҩаԥысыз ареферендум инақәыршәаны Аԥсны ирыдыркылеит Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы Акт.

Аибашьра ашьҭахьтәи ауадаҩрақәа ирхысуа Аԥсны ахықәкы хада иазцон – зхы иақәиҭу адемократиатә ҳәынҭқарра аргылара.

2005 шықәса ажьырныҳәамзазы Аԥсны ахадас далхын Сергеи Багаԥшь (1949-2011 шш.).

2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла, Урыстәыла ацхыраарала уи аибашьра анаанкылаха ашьҭахь, усҟантәи Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Медведев алаҳәара ҟаиҵеит ишыӡбоу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа раҳасабала иазхаҵазарц. Аҩ-тәылаки Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа бжьаҵан.  Анаҩс Аԥсны Урыстәылеи еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа рыдыркылахьеит, убас напы рыҵаҩуп Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра (2008 ш.), Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҿы аицхырааразы аиқәшаҳаҭра (2009 ш.), Аԥсны иахьаҵанакуа еидкылоу аурыс арратә база иазку Аиқәшаҳаҭра (2010 ш.) уҳәа убас хыԥхьаӡара рацәала егьырҭ аҳәынҭқаррабжьаратә, аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа.

Урыстәыла анахыс Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит Еиду Амилаҭқәа Реилазаара иалоу атәылақәа Венесуела, Никарагуа, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика, Донецктәи Лугансктәи Жәлар Республикақәа.

Абҵара 24, 2014 шықәсазы Шәача Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла ахада Владимир Путини рнапы аҵарыҩит аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара Аидгылареи астратегиатә еиҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра.

Ари аиқәшаҳаҭра Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара акырӡа иҳаранакит, астратегиатә ҵакы анаҭеит. Ашәҟәы иазԥхьагәанаҭоит атәылахьчраеи ашәарҭадареи рганахьала еизаку аҵакыра ашьақәыргылара, еизхәыцу адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара, аҩ-тәылак еицырзеиԥшу асоциалтә, аекономикатә ҵакыра аԥҵара, Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхраара, Урыстәыла аԥшьгарала, мамзаргьы ацхыраарала имҩаԥысуа аинтеграциатә процессқәа Аԥсны рылахәзарц азы аҭагылазаашьақәа раԥҵара, акультуратә, адоуҳатә, агуманитартә ҵакыра аиқәырхара.

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә, атуристтә мчхарақәа рырҿиара аганахьала аус ауеит, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара аҽазнашәоит, ар арӷәӷәоит, ауаажәлар ганрацәала рырҿиара иазҿлымҳауп, ахатәы бызшәеи, акультуреи, аҵас-қьабзқәеи рыхьчара лымкаала иазнеиуеит.