Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект ҿыц «Ахьа» аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭарҳаит 200 инареиҳаны аиҭаҳатә.

Ахьа – хәызмоу ҵлажәлоуп, аха ҧырхага ҟазҵо ахәаҷақәа ирыхҟьаны адунеи аныӡаара иаҿуп. Абас еиҧш иҟоуп аҭагылазаашьа ҳтәылаҿгьы. Аҧсны ахьара уҧылоит амшын қәыҧшылара аҟнытә 500-1000 метра иахьаҵанакуа аҳаракыраҿы. Ус иҟоу аҭыҧқәа руак алхын АААК апроект ҿыц анагӡаразы.

Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцуразы АААК аҟәша иаҧшьнагаз ари аус гәахәара дула дадгылеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь. Аекологцәеи, агрономцәеи, ААУ агронџьныртә факультет астудентцәеи, акурсантцәеи ацхыраара зырҭоз Аконгресс агәыҧ инанагӡеит аекологиатә проект.

Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцуразы АААК аҟәша аспециалист Херсон Симониа апроект аҧҵара аидеиеи аусурақәа рымҩаҧгашьеи дырзааҭгылеит.

«Ари аидеиа цәырҵижьҭеи шықәсык ҵуеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-ласссы иҳаҳауеит ахәаҷақәа ирыхҟьаны адунеи ишаныӡаауа апальмакәа, ашыц, ахьа. Аекспертцәа рҽазыршәоит ауаа ари аекологиатә проблема радыҧхьалара. АААК агәыҧ ирыӡбеит зегьы еицырзеиҧшу арыцҳара рҽацәыҧхьамккәа рлагала ҟарҵарц», – иҳәеит иара.

Аиҭаҳара иаҧхьанеиуан аџьабаа зцыз аҽазыҟаҵаратә процесс. Апроект акураторцәа ирыҿцәажәон Аҧснытәи анаука-ҭҵааратә абнатә аҧышәатә станциа (ААҬААС) ахаҭарнакцәа. Урҭ ацхыраара ҟарҵеит ианаало аҭыҧ алхраҿы, рус иашаны ишыҟарҵаша рыҵарҳәеит. Аҭыҧ аналырхуаз Аҟәа араион абнатә нхамҩа ақәдыршаҳаҭит. Аҽазыҟаҵараан еилкаахеит ахьа аиҭаҳатәқәа егьырҭ акультурақәа шрываҳатәу. Уи инамаданы, ахьа аиҭаҳатәқәа хҧа рнаҩсан еиҭарҳауан даҽа ҵиаа хкык.

«Аҵыхәтәантәи шәышықәса рзы ахьа адунеи аныӡаара аҟынӡа иназгаз акәыкәбаачымазара аҟнытә аҧсабаратә ҧынгыла аҧҵаразы ахьа егьырҭ аҵла хкқәа ирылаҵәахтәуп. Аиҭаҳатәқәа ршьапы акаанӡа гәцаракрала ирхылаҧштәуп, раҧхьатәи хәышықәса рзы ҧырхага анроулак иаразнак ахәшә рыҭатәуп, анакәымха иҧсуеит. Аха уи аҿҳәара ашьҭахь аҵла иаҳа аҽарӷәӷәоит, адәныҟатәи афакторқәа ирцәыхьчахоит», – иҳәеит Абнатә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Камо Мелкумов. 

Апроект «Ахьа» акоординатор Херсон Симониа иҭабуп ҳәа реиҳәеит зыбзоурала ари апроект алыршахаз зегьы.

«Апроект анагӡараан иҳарҭаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп АА Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, Аҧснытәи анаука-ҭҵааратә абнатә аԥышәатә станциеи (ААҬААС). Аҽазыҟаҵараан ирацәоуп ҿыц еилаҳкааз. Хазы иҭабуп ҳәа расҳәоит гәахәара дула ҳапроект зхы алазырхәыз акурсантцәеи ААУ агронџьныртә факультет астудентцәеи», – иҳәеит Симониа.

30-ҩык инареиҳаны астудентцәеи, акурсантцәеи зыцхыраауаз АААК агәыҧ ирылшеит Ҩадатәи Ешыра иахьаҵанакуа 200 инареиҳаны ахьақәа реиҭаҳара. Аусеицура иабзоураны апроект алахәцәа кырӡа ргәамчхара иацлеит.

«Ҳара раҧхьаӡа акәны ҳҽалаҳархәуеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс апроект. Иахьа аҳәырҧсарра иаҭааит аҩбатәи ахҧатәи акурсқәа рыстудентцәа. Дара рзы аиҧш зеиҧшу акциа – иалырхыз азанааҭ ала аусура ргәазырҧхо, рус абзиабара рылазааӡо ҧышәоуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит АААК агәыҧ ихәарҭоу аус аҿы ацхыраара аҟаҵара ахьҳалдыршаз азы», ­– иҳәеит ААУ агронџьныртә факультет агрономиа акафедра арҵаҩы Асҭан Арџьениа.

Апоект «Ахьа» хықәкыс иамоуп ианыӡаауа акультурақәа ауаа ирыдруа-ираҳауа аҟаҵара, аҧсабареи, хаҭала иаҳҳәозар аҧсуа милаҭтә культураҿы аҭыҧ ҷыда аанызкыло аҵиаақәеи иреиҷалалартә еиҧш ахдырра ауааԥсыра рылааӡара. Аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп аиҭаҳатәқәа рызҳашьа анаҩсгьы хылаҧшра азура. Иааиуа ҭагалан иазҧхьагәаҭоуп аҵла ҿыцқәа реиҭаҳара.