Зхы иақәиҭу аиқәԥаразы аклуб "Абаза" анагӡаратә директор Леонид Боџьгәуа АААК аинфопортал иаиҭаз аинтервиу аҟны далацәажәеит аклуб "Абаза" аихьӡарақәеи, иреиӷьу ааӡамҭацәеи, атәылаҿы ихадароу атурнирқәеи ртәы.

Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Саид Барӷанџьиа

- Ишԥашәызцәырҵ зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» аԥҵара? Насгьы аусура шәанбалагеи, шәабалагеи?

- Сара сынхон Санкт-Петербург, исыман схатә спорттә клуб «Олимпион». Мусса Егзакьи сареи ҳаибадыруеижьҭеи крааҵуеит, ҳаиҩызара 30 шықәса инареиҳаны иахыҵхьеит. Хаиқшәарақәа раан изныкымкәа ҳалацәажәахьан зхы иақәиҭу аиқәԥаразы аклуб Апсны аартра азҵаара. Мусса Ҳабал-иԥа даара бзиа ибоит ари аспорт хкы, иара ихаҭагьы Асовет Еидгыла аспорт азҟаза ҳәа дыҟан, акырынтә зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Ленинград дачемпионхахьан. Аԥсныҟа нхара ҳәа саниас, гәҭакқәас иҳамаз зегьы аԥсҭазаара раҳҭеит.

Уажәшьҭа фышықәса ҵуеит зхы иақәиҭу аиқәԥаразы аклуб «Абаза» аус ауеижьҭеи. Мусса Егзакь ицхыраарала иаахәан аспорттә маҭәаҳәқәеи, иара убасгьы аклуб аусуразы иаҭаху амыругақәа зегьы, уи азы иара иазоуижьит 15 миллион мааҭ. Иахьагьы дҳадгылоуп, дҳацхраауеит. Ҳәарада, иара иакәымзар ара ижәбо зегьы зыҟаломызт. Иара убасгьы, азыҟаҵаҩцәа ауалафахәы рыҭаразы есымза иазоуижьуеит 500 нызқь мааҭ рҟынӡа, ҳааӡамҭацәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рахь рцаразы ацхыраара риҭоит.

- Аклуб аус ауеижьҭеи иааизакны шаҟаҩ аҭаахьада, насгьы, иааиԥмарҟьаӡакәа иахьазы шаҟаҩ рҽазыҟарҵои?

- Уажәы исцәыуадаҩуп аклуб «Абаза» аус ауеижьҭеи шаҟаҩы ахәыҷқәа аҭааз еизакны рхыԥхьаӡара аҳәара. Даараӡа ирацәаҩын ахәыҷқәа ҩымз-хымз зҽазыҟаҵаны ицоз, аха иҟоуп аиқәԥара зыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа акы акәны иахьыҟалазгьы. Иазгәаҭатәуп, аклуб аҟны рыҽшазыҟарҵо Аԥсны араионқәа зегьы рҟнытә ахәыҷқәа. Иахьазы аклуб ашҟа иныҟәоит 840-ҩык ааӡамҭацәа, урҭ 5 инаркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа роуп. Ҳаушьҭамҭацәа аӡәырҩы Урыстәыла иреиӷьӡоу аиқәԥаратә школқәа ирҭоуп.

- Азыҟаҵаҩцәа шәрыхцәажәар ҳҭахын. Урҭ Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Афедерациа иатәу роума, мамзаргьы урҭ рыбжьара аклуб ахатә ааӡамҭацәагьы ыҟоу?

- Иахьазы аклуб «Абаза» аҟны аус руеит 36 азыҟаҵаҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳаклуб ааӡамҭацәагьы, иара убасгьы ахәыҷқәа азыҟарҵоит Аԥсны аспорт зҽаԥсазтәыз азҟазацәа, зыхьӡ Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруа. Аклуб азыҟаҵаҩцәа зус бзиа избо, зааӡамҭацәа рԥеиԥш иазхәыцуа уаауп. Ирылшо зегь ҟарҵоит ахәыҷқәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аицлабрақәа ирылахәхаразы.

- Аклуб «Абаза» аусмҩаԥгатәқәа ртәы ҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын, иара убасгьы урҭ рылахәхаразы иҟаҵатәу.

- Аклуб «Абаза» Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Афедерациа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Сара убасгьы Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩс сыҟоуп. Хаҭала ҳара ҳтәы ҳҳәозар, аклуб «Абаза» анаԥҵаз ашықәс инаркны имҩаԥнагоит турнирк — Мусса Егзакь ихьӡ зху. Иҳаҩсыз ашықәсқәа зегьы рзы, атурнир иаман жәларбжьаратәи аформат, ҳазҭоу ашықәс азоуп атәыла аҩныҵҟатәи формат ахь ианиагаз. Иааизакны иуҳәозар, Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Афедерациа имҩаԥнагоит 16 турнир — атәыла аҩныцҟатәи, жәларбжьаратәи аформатқәа змоу. Арҭ атурнирқәа реиҿкаара аклуб «Абаза» есымша ахы аларнахәуеит. Ҳәарада, атурнирқәа рҿоуп зегьы иреиӷьқәоу ақәԥаҩцәагьы ахьааԥшуа.

- Зегь реиҳа иналукааша, абаҩхатәра злоу «Абаза» ааӡамҭацәа рыӡбахә ҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын.

- Ҳара ҳҿы рҽазыҟарҵон, уажәгьы рҽазыҟарҵоит ирацәаҩны абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа. Аихьӡарақәа змоу ртәы ҳҳәозар, лымкаала иалыскаар сылшоит абарҭ арԥысцәа: Инал Кьетиа – Урыстәылеи, Европеи, иара убасгьы жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟны аиааирақәа згахьоу. Иахьазы иара иҽазыҟаиҵоит Урыстәылатәи Афедерациа еизгоу акоманда аҟны. Русҭам Амԥар — Адунеи ачемпионат аҟны араӡны медал иаԥсахаз, жәларбжьаратәи аспорт азҟаза. Осман Џьугьелиа — абаҩхатәра злоу аиқәԥаҩ, иҽазыҟаиҵоит Урыстәыла Афедерациа еизгоу акоманда аҟны. Убасгьы иалыскаар сҭахуп Асҭамыр Бениеи, Асҭамыр Гәымбеи, Асланбеқ Гәарамиеи. Даҽа зныкгьы исҳәоит, абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа даараӡа ирацәоуп, агәра шәсыргоит Аԥсны еизгоу акомнада Адунеи ачемпионат, мамзар Аолимпиатә хәмаррақәа рҟны иаҳзықәыргылозҭгьы, реиҳа иӷәӷәаз ахәҩык рхыԥхьаӡараҿы ҳҟалар ауан ҳәа.

- Еиҳараҩык азыҟаҵаҩцәа агәра ганы иҟоуп, аспортсмен ипрофессионалтә еизҳаразы жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәра ихадоу акы акәны ишыҟоу. Аклуб «Абаза» алахәцәа Аԥсны анҭыҵ лассы-лассы ицалома?

- Ари аус аҟны иҳамоу ауадаҩрақәа рацәоуп. Аҩныҵҟатәи аицлабрақәа 30 ма 40-нтәи имҩаԥугеит ҳәа, иаҳҭаху аеффект ҳнаҭом. Аспортсмен изҳаразы, ҳәарада ихы рылаирхәлароуп жәларбжьаратәи аицлабрақәа, иара еиҳа аԥышәа змоу аспортсменцәа драцлаброуп, урҭ еиуеиԥшым атехникақәа рыҿҵааразы. Жәларбжьаратәи аицлабарақәа рахь ҳцаразы лассы-лассы афинанстә цхыраара ҳашьҭоуп: зны-зынла ҳхатә ԥарала амҩа ахә ахаҳшәаауеит, иҟалалоит азыҟаҵаҩцәа афинанстә цхыраара ианашьҭоу рааӡамҭацәа рзы. Ари аус аҟынгьы Мусса Ҳабал-иԥа хәы змаӡам ацхыраара ҟаиҵоит. Убасгьы, ҳазҭоу ашықәс азы ҳгәы иҭоуп аицлабрақәа рҽазыҟаҵаразы Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә еиҳарак абаҩхатәра злоу ақәԥаҩцәа реизгара.

- Иахьазы зхы иақәиҭоу аиқәԥара аҿиаразы зегь реиҳа иуадаҩу зҵаарақәас аклуб аҿаԥхьа иқәгылеи?

- Зегь реиҳа ихадоу проблемас иҳамоу — идуу аспрорттә школ ахьыҟам ауп. Даараӡа иаҳҭахуп аспорттә комплекс ҩ-нызқьҩык раҟара ауааԥсыра зкыша, уи ада зыҩаӡара ҳараку аицлабрақәа узымҩаԥгом. Сара убасгьы Аԥсны аиҳабыра рахь ажәалагала ҟасҵеит аспорттә-ҵаратә база Ауадҳара аартразы. Ари зегьы хымԥадатәиуп ҳаспорт иҿыцу аҳаракырахь ашьҭыхразы. Ҳара иаҳуалԥшьоуп, иҳамоу абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа, зхы иақәиҭу аиқәԥара аҟны мацара акәымкәан, егьырҭ аспорт хкқәа рҿгьы, аспортсмен ҟазацәа рылҵырц азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара.