15297

Раԥхьаӡа акәны ашәа "Сыԥсадгьыл Аԥсны" Хьыбла Гьерзмаа иналыгӡеит 2018 шықәса цәыббра 30 рзы – Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 25 шықәса ахыҵра аҽны. Ари амш лҽазкны ашәаҳәаҩ Аԥсныҟа дааит илзыгәдуу лыжәлар гәакьа хаҭала аныҳәа ду рыдылныҳәаларц. Ҷыдала аоператә шәаҳәаҩы лзы ари ашәазы амузыка аԥиҵеит акомпозитор Максим Фадеев, ажәақәа лыҩит Ирина Секачиова. Ашәа ҿыц азы аклип ҭихит еицырдыруа урыстәылатәи арежиссиор, апродиусер Аслан Ахмадов. Аклип аҭыхрақәа мҩаԥысит Хьыбла Гьерзмаа лыԥсадгьыл Аԥсны. Аклип аҟны иубарц улшоит иблахкыгоу ҳтәыла асахьақәа: Пицунда ақалақь, аӡиас Басла иху ацҳа, Мықәтәи, Бедиатәи аныхабаақәа.