Аԥсны аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар АААК Адискуссиатә клуб даҭааит «Аекологиеи иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчареи» атемала аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Саид Барганџьиа

Адунеи аҳауа аглобалтә ҽыԥсахрақәеи реиҳа иҵарны иқәгылоу аекологиатә проблемақәеи ирылацәажәеит АААК Адискуссиатә клуб алахәцәеи Аԥсны аекологиа аинститут адиректор Роман Дбари жәабран 28 рзы имҩаԥысыз Аклуб аиԥылараҿы.

Аиԥылара алахәцәа рҿаԥхьа дықәгылауа, Роман Дбар иазгәеиҭеит, аклимат аглобалтә ҽыԥсахрақәа – адунеи зехьынџьара гәыҵхас ирымоу зҵаароуп ҳәа. Иара иҳәеит ари апроблема иалкаау ӡбашьак шамам. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҵарауаа иахьа уажәраанӡа акаҿы изымааицт аклимат аҽыԥсахра анырра азҭо закәу аҳәараҿы.

«Амзызқәа ируакуп арԥхаратә газқәа ирыдҳәалоу ауаҩытәыҩса ибзазара, урҭ аҳауа иахьалало идырԥхоит. Аҳауа аныԥхалак амшынқәеи аокеанқәеи рӡы ахылҩа-ԥсылҩа ахылҵуа иалагоит, нас уи шнеиуа иқәаны иауеит. Убри иахҟьаны адунеиаҿ аӡхыҵра дуқәа ҟалоит. Абри – аглобалтә ԥхарра ацәырҵрақәа ируакуп. Иаҳа ииашоуп аклимат «аглобалтә ҽыԥсахрақәа» ҳәа ҳҳәаларц («аԥхарра» мацара акәымкәан – аред.), избанзар акәзар адгьыл егьырҭ ахәҭақәак рҿы ахьшәашәахара ахьуԥыло ыҟоуп», – иҳәеит аҵарауаҩ.

Иара еиҭеиҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟагьы аклимат аҽыԥсахрақәа гәоуҭартә ишыҟоу. Убас, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыла, абжьарашықәсантәи аҳауаԥхарра 1,8 градус рыла иазҳаит. Иаҳхысыз ҩышықәса рыла акыр иацлеит аҳауа лышәшәақәа рхыԥхьаӡарагьы: иаҳҳәап Аҟәа 20 шықәса раԥхьа аҳауа лышәшәақәа рыҩаӡара 1,500 миллиметр ыҟазҭгьы, иахьа уи ахыԥхьаӡара ҩынтәны иазҳахьеит.

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

«Аӡиасқәа рымч иацлеит, ихыҵуа иалагеит, уи аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵоит рааигәа-сигәа иҟоу аинфраструктуразы. Абри зегьы аекономикатә хҟьа-ԥҟьақәа ацлоит. Ҳара иаҳбоит аӡысаамҭа ақыҭанхамҩазы ишҽеим, апроблема рацәа шцәырнаго. Убри аҟнытә зҽызыԥсахыз аклимат иашьашәалартә иҳаԥсахроуп ҳанхамҩагьы, ҳекономикагьы, ауаажәларра рхаҭа уи иаҳаршьцылароуп. Избан акәзар аҳауаԥсахра апроцесс рацәак анырра ҳзаҭо ҳаҟаӡам», – ҳәа азгәеиҭеит Аинститут адиректор.

Ашәарҭара зцу даҽа екологиатә проблемоуп ҳадгьыл агәам ахыҵәара. Иахьа адәқьанқәа рҿы ирҭиуа аалыҵ абжеиҳараӡак апластмасс, аполиетилен, ма апластик илаҳәоуп, уи зегьы – икьакьоу бзазаратә цәынхақәоуп.

«Арҭ аматериалқәа шәышықәсала аԥсабара иқәзар рылшоит, аҵыхәтәан амшын иалалоит, нас уа ирацәаӡаны еизоит, иҵааҟәрылоит, амшын аҿы зыԥсы ҭоу зегьы рзы иԥырхага духоит», – иҳәеит Роман Дбар.

АААК Адискуссиатә клуб адиректор Ирина Турааԥҳа аекологиатә сессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥылара «џьашьахәын» ҳәа ахылҳәааит, иагьацылҵеит уи ишаҭааз «ҳтәылаҿы иҟоу аекологиатә ҭагылазаашьа згәы иҵхо ԥшь-абиԥарак рхаҭарнакцәа».

«Аиԥылара ҩ-сааҭк имҩаԥысуан, Аекологиа аинститут адиректор ицәажәараҟынтә еилаҳкааит аклимат аҽыԥсахрақәа зеиԥшроу, урҭ рахьтә Аԥсны аекосистемақәа ирыцрасуа арбақәан. Роман Саид-иԥа – аинформациа рацәаӡаны измоу, уи аҭашьагьы иақәшәо ҵарауаҩуп. Уажәи-уажәи аҿырԥштәқәа ааго иажәаҳәа шьақәиргылон, еизаз аудиториа аекологиа аганахьала испециалистцәоу рыдагьы, баша аԥсабаразы згәы былуа ауааи ашколхәыҷқәеи ахьалаз ҳасаб азуны», – лҳәеит Турааԥҳа.

Лара лымкаала иазгәалҭеит иахьатәи аамҭазы ахәыҷқәа аекологиатә проблемақәа акырӡа ишрызҿлымҳау, иара убри алагьы лассы-лассы рҭаацәаразы иҿырԥшыганы ишыҟало.

«Аиԥылара иалахәыз аӡӷабцәа руаӡәк лангьы даалгеит, лара дактивисткоуп, лҩызцәеи лҭаацәареи аполиетилени апластики ирылху аилаҳәарақәеи амаҭәашьарқәеи мап рцәыркыртә иҟалҵеит. Аиԥылара иалахәын иара убас Гагратәи абжьаратә школ 8-тәи акласс аҵаҩцәа, дара ҷыдала абри аиқәшәарахь рырҵаҩцәа ирыцны иааит Роман Саид-иԥа изыӡырҩырц», – лҳәеит Ирина Турааԥҳа.

Лара илҳәеит убасгьы АААК Адискуссиатә клуб аиԥыларақәа рахь ԥхьаҟагьы ашколхәыҷқәа ааԥхьара шрырҭало.

Гагратәи абжьаратә школ №2 аҟны агеографиа арҵаҩыс аус зуа Амина Гәынԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит лҵаҩцәа Адискуссиатә клуб аусура ишалахәыз атәы.

«Ахәыҷқәа ргәынкылара иаҳа еиӷьхоит аекологиа апроблема акыршықәса раахыс знапы алаку апрактикцәа аналацәажәо. Ҩ-сааҭк инареиҳаны ахәыҷқәа Роман Саид-иԥа изҿлымҳаны изыӡырҩуан, азҵаарақәа ирҭон. Сара агәра ганы сыҟоуп ииҳәаз ажәакгьы шраҩырмыжьыз», – лҳәеит арҵаҩы.

Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭантә иааз ашкол аҵаҩы Ерик Мкртычан иазгәеиҭеит аиԥылара адырра рацәа шинаҭаз, «даҽа блак ала дызхәаԥшыз азҵаарақәагьы шыҟоу».

«Даара исгәаԥхеит аиԥылара. Сара еилыскааит ҳадгьыл ҳахӡыӡаалар шҳахәҭоу, агәам-сам иахьабалак акажьра шыҟамло, избанзар уи аԥсабаразы даара иус хәымгоуп», – иҳәеит аабатәи акласс аҵаҩы.

АААК Адискуссиатә клуб еснагьтәи алахәыла, ААУ астудентка Аелита Агрԥҳа ари аиԥылараҿы аҿар рабиԥара дырхаҭарнакны дыҟан.

«Роман Саид-иԥа иаликааит Аԥсназы ихадароу аекологиатә проблемақәа, нас иара ихаҭа урҭ дышрызнеиуагьы ҳзеиҭеиҳәеит. Аекологиатә уадаҩрақәа ртәы ус лымҳаҭасла изаҳахьоу аҿар рзы ас еиԥш аиԥыларақәа даара хәарҭара рыцуп, избанзар еилыкка иубарҭахоит ашәарҭара ҳашҭагылоу, иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы иаҳархәо абанӡабзиоу ҳәа ахәыцра узцәырҵуеит. Амаҷ ала уалагозаргьы, убас еиԥш аԥсабаразы иԥырхагоу аматериалқәа рхархәара мап ацәкра ҳҽазаҳшәар ҳалшоит», – лҳәеит астудентка.

Аекологиатә сессиа – АААК Адискуссиатә клуб аҟны алацәажәаразы иалкааз атемақәа ираԥхьатәиуп. Егьырҭ атемақәа зегь реиԥш, уи иамҽханакуеит мызла ԥхьаҟа еихшоу аинтерактивтә еилатәарақәа жәпакы.

АААК Адискуссиатә клуб аусура ахырхарҭа хадақәа раҳасабала аекологиа анахысгьы иалкаан абарҭ: аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, амилаҭтә литература аларҵәара ацхраара, аԥсуа-абаза жәлар рҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра аҿиареи аларҵәареи, Аԥсуара аиқәырхара. Атематикатә сессиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аклуб аиԥыларақәа мҩаԥысуеит мызкахьы ҩынтә, ԥшьашала.