7126

Шәахәаԥшырц ишәыдаагалоит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳаи аҵарауаҩ Емма Кьылԥҳаи реиҿцәажәара.

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лавтортә дырраҭара "Аԥсуара амҩахәасҭақәа" азы длыҿцәажәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа аиҳабыс иҟаз абызшәадырҩы Емма Кьылԥҳа (1953-2017). Темас иқәгылан - Аԥсуара, аԥсуа культура, ахатәы бызшәа, аԥсадгьыл азҵаарақәа. Аиҿцәажәара анҵан 2009 шықәсазы Аҟәа, Аԥсуа телехәаԥшра астудиаҿы. 

"Аԥсуара шьаҭас иамоу – ауаҩроуп, ауаҩра ахьынӡаҳалоу ҳаԥсуарагьы ҳцәыӡуам. Аԥсуара гәыцәс иамоуп аԥсуа бызшәа. Аԥсуа дарбанзаалак ихаҿы иааигароуп аԥсшәа изымдыркәа инагӡаны дшаԥсыуам. Абызшәа аҳәара актәи аҭыԥаҿы игылоуп, аҩбатәи аҭыԥаҿгьы игылоуп, ахԥатәи аҭыԥаҿгьы убас", – лҳәеит аҵарауаҩ.