18040

Аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт ала Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы ихыркәшахеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

Аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи акәашаратә ансамбльқәеи злахәыз аныҳәатә концерт ала иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш, ԥхынгәы 23. Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан иара убас Аҟәа, Черқьесск, Есқьышьеҳир, Амман ақалақьқәа еимаздаз ателецҳа.

Иахьатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ шьақәырӷәӷәан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, ԥхынгәы 23, 1992 шықәсазы. Уи ианыԥшуеит аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара аетапқәа. Аԥшьыркца ҟаԥшь иану иаарту амаҿа – 12 шәышықәса раԥхьа ишьақәгылз Аԥсны аҳра ахаантәи ҳҳәынҭқарра иасимволуп. Ашкәакәеи ашьацԥшшәи рыла еивоу ацәаҳәақәа быжьба – адоуҳаи аҿареи ирсимволуп. Амаҿа иакәыршоу хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны иаҵанакуа адгьылқәа рҭоурыхтә хьыӡқәа роуп: Саӡын, Бзыԥ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибӷа.