Абаҩхатәра ду злаз арахәааӡаҩ, анхамҩаусуҩ Чуҳаиб Ҳапат иколлегацәеи иусзуҩцәеи даара патуқәҵарала изыҟан, ауаа реиԥш зыԥсы ҭоу зегьы дрыхӡыӡааны дахьрызнеиуаз азы. Илшамҭақәа ирхадароу акакәны иҟалеит зцәа ҵаӷоу ауасажәла ҿыц ранҵара, уи азы ианашьан иҳаракӡоу аҳамҭа – Сталин ипремиа.

Ҳаџьисмель Аџьбақь, Гьаргь Чкала

Чуҳаиб Ҳапат диит ажьырныҳәа 3, 1897 шықәсазы Гәымлоуқыҭ (иахьа Красныи Восток ҳәа изышьҭоу – аред.). Иара дышқәыԥшызнатә усҟан еилашуаз ареволиуциатә хынҭа-ҩынҭарақәа дрымҽхаркит. 1921 шықәсазы Аграждантә еибашьраан Будионныи актәи иҽыуаа рыр иатәыз Чонгартәи адивизиа мҩақәҵаҩыс дыҟан.

Адыррақәеи, аԥышәеи, азанааҭи шиоуз

Раԥхьатәи аҵара иоуит 1922-1924 шықәсқәа рзы, Баҭалԥашинтәи астаницаҿы (иахьа – Черқьесск ақалақь – аред.) еиҿкааз асовет-партиатә школ аҟны. Чуҳаиб Ҳапат иԥсы ахьынӡаҭаз иашьа иҭабуп ҳәа иаҳәара дааԥсаӡомызт, абарҭ аҩышықәса рыҩнуҵҟа ақыҭарантә афатә-ажәтә аагауа дахьибоз азы.

1924 шықәсазы Чуҳаиб Ҳапат Москваҟа аҵарахьы дышьҭын, Сталин ихьӡ зхыз Мрагыларатәи анхацәа ркоммунисттә университет ахь. Ҩ-курск данрылга аамышьҭахь Ҟарачы-Черқьесиатәи автономтә област ахь ддәықәҵан, уаҟа аус иуан Гәымлоуқыҭ ақыҭанхамҩа ахантәаҩыс. Анаҩс аус иуан Кисловодск ақалақь амилициаҿы, 1932-1935 шықәсқәа рзы – Ҟарачытәи автономтә област Адгьылтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

1935-1938 шықәсқәа рзы Чуҳаиб Ҳапат аҵара иҵон Тимириазев ихьӡ зху Асоциалисттә дгьылқәаарыхра академиаҿы, даараӡа ибзианы ҳәа азоотехникатә факультет далганы дрышьҭит Ставропольтәи атәылаҿацә иатәыз Ипатовтәи араион аҿы иҟаз ауасааӡарҭа «Асовет уасцәа» адиректорс.

Ҳапат итәала аиҿкаашьа

1924 шықәса инаркны ари ауасааӡарҭаҿы ажәлеиӷьтәра аиҿкаара рҽазыршәон, аха жәашықәсала ари аус рықәҿиомызт: анхамҩа еилаҳаны иҟан. 1936-1937 шықәсқәа рзы ауасақәа рыжәлацқьа алхра аганахьала аусура шамахамзар имҩаԥысуамызт. Уи адагьы, ауасақәа аимҳәацәгьеи аԥхҭреи рыхьны иҟан, инҵәаз рацәахеит.

Абас икаҳаны иҟаз анхамҩа дахагылеит адиректор ҿыц.

Чуҳаиб Ҳапат дшааиз раԥхьатәи амшқәа инадыркны инхамҩа ашьҭыхра далагеит: ауасааӡара атәы здыруаз иреиӷьыз аусзуҩцәа идикылеит, ауасахьчацәа рыбригадақәа дара рыла еиҿикааит, русурҭеи рыбзазареи маншәаланы ирзаԥиҵеит. Аԥсаса рхәы иазирҳаит, иҭакны иахьырааӡоз аҭыԥ ҿыц дуқәа рзеиҿикааит. Аԥхҭреи аимҳәацәгьеи аамҭа кьаҿк ала иалырган.

Анапхгаҩ ҿыц иусзуҩцәа реиԥш аԥстәқәагьы дрыхӡыӡаауан, зыԥсы ҭоу зегьы дреиҷаҳауан.

Асовет уасцәа ақыҭаҿы иахьа уажәраанӡагьы еиҭарҳәоит абас иҟаз хҭыск аӡбахә. Ҽнак зны ауасахьчацәа ацәқәа рыла иааит ажәла ргарц азы, нас ишыҟарҵалоз еиԥш дәқьанк иныҵалеит ҩык-ӡык инаҿыхәарц. Ацәқәа аҭәа рырҭеит, аха ацәуӷә иҵырмыжьит. Ацәқәа акрырфарц рхы аныладырҟәуаз, аҟәҟәа рыхәда илықәҳауан, цәгьа иаргәамҵуан. Абри аамҭазы аконторахь ицоз Чуҳаиб Наиб-иԥа игәаҟуаз ацәқәа илаԥш иҵашәеит. Афырҳәа днеин, аҟьатамақәа аамхны ацәқәа руӷә рхихит. Убасҟан ауасахьчаҵәа ирыцыз ҷкәынак, Чуҳаиб Ҳапат хаҭала дыззымдыруаз, дыцәҳа-шҳауа адәқьан даадәылҵын, рыцәқәа аузыжьуаз ахаҵа дааихагылеит. Ҳапат иакәзар, аурысшәа иидыруаз ала абас иҳәеит:

– Зачем твоя быка ярма шея давит?! – ҳәа.

Аусзуҩцәа баҩданқәа рҟны адиректор аџьбарара ааирԥшуан. Убри аҟнытә, ақыҭауаа акы иаламҩашьоз акцент аҭаны «Ти моя дорогая!» ҳәа иажәақәа анраҳауаз, еилыркаауан Чуҳаиб Наиб-иԥа ичҳара шхыжжыз, имаҟҿаҳәара иаваз амаузер аҭра ишҭигаз. Ахысраҿынӡа инеиуамызт, ҳәарада. Аха аршәара бзиаӡаны иалшон.

Ишырҳәо еиԥш, иауыр – хаала, иамур – мчыла ҳәа Чуҳаиб Ҳапат икаҳаны иҟаз ауасасовхоз аԥхьагылара змаз нхамҩаны иаақәиргылеит.

Аибашьреи аџьанхамҩеи рҿы илшамҭақәа

Анхамҩатә коллектив шьаҿаӷәӷәала рааира аибашьра еиԥнарҟьеит. 1942 шықәсазы анемец ир Ставрополь иазааигәахо ианалага, асовхоз ревакуациа рылаҳәан, аха афашистцәа рымҩа ааныркылеит. Чуҳаиб Ҳапат анхамҩа актив иманы Пиотр ихьӡ зхыз апартизантә отриад дацлеит, 1943 шықәса мшаԥымзазы, апартиа Ставропольтәи акраиком аӡбарала иара апартизантә отриад аҟынтә дааԥхьаны асовхоз «Асовет уасцәа» аиҭашьақәыргыларахь дышьҭын. Ари адҵа қәҿиарала инагӡан, 1945 шықәсазы Чуҳаиб Ҳапат «Аџьатә фырхаҵаразы» амедал ианашьан. Аха иеибашьратә гәымшәарагьы гәаҭамкәа инымхеит: ианаршьеит амедалқәа «Аџьынџьтәылатә еибашьра апартизан» (1943ш.), «Кавказ ахьчаразы» (1944ш.).

1948 шықәсазы аԥсасааӡара арҿиараҿы иааирԥшыз аихьӡара дуқәа рзы Чуҳаиб Ҳапат Ленин иорден ианашьан, 1951 шықәсазы – зцәа ҵаӷоу ауасажәлацқьа алхразы иареи даҽа хәҩык иколлегацәеи Сталин ипремиа ранашьан. Чуҳаиб Наиб-иԥа ихаҭа ашьҭахь игәалашәарақәа рҿы иҩуан, асовхоз аколлектив абри рылзыршаз зыбзоуроу ажәлалԥшааратә усура ҵаулаӡа ахьымҩаԥыргоз ауп ҳәа, даара иацклаԥшны иалырхуан ауасабқәеи анқәеи, иаҭахны иҟаз ажәла аҟазшьақәа еиҳаны измаз, анаҩс убри ажәлацқьа ранҵаразы.

Иааҳгоит абас иҟоу, иҿырԥшыгоу даҽа факткгьы: Чуҳаиб Наиб-иԥа асовхоз «Асовет уасцәа» директорс аус иуанаҵы жәеизаҩык иара иусзуҩцәа Асоциалисттә џьа афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан.

Ашьҭра бзиа

1952 шықәсазы Чуҳаиб Ҳапат асовхоз «Ҟабардатәи» аиҭашьақәыргыларазы дышьҭын, 1957 шықәсазы дахагылоитСтавропольтәи атәылаҿацә аҟны ҿыц иаԥҵаз асовхоз «Маҳмуд-Мақьҭабтәи», уаҟа аус иуан 1959 шықәсанӡа.

Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ихигеит Пиатигорск, абраҟа ҳаҭыр зқәу ақалақьуаҩ ҳәа ахьӡ ихҵан. Аԥсшьарҭатә қалақь аҟны Чуҳаиб Наиб-иԥа идагьы иҭаацәа ирхаҭарнакцәаз зегьы бзианы ирдыруан, урҭ доусы ззааԥсоз ахырхарҭақәа рҟны аихьӡарақәа роуит.

Иара иԥҳәыс Нурџьан Мҳамаҭ-иԥҳа Пиатигорсктәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы фельдшерс аус луан, лара иланашьоуп «Анемец фашизм иаҿагылаз Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы гәымшәаралатәи аџьабаазы» амедали, «Аџьатә фырхаҵаразы» амедали.

Рыԥха еиҳабы Ельвира ахимиа рылҭон Пиатигорсктәи абжьаратә школ № 9 аҟны, иагьланашьоуп «В.И. Ленин 100-шықәса ихыҵра агәырӷьара иазку аџьатә фырхаҵаразы» аиубилеитә медал. Аҩбатәи рыԥҳа Музагьы илымоуп аҳамҭа – «Агәабзиарахьчараҿы зҽалызкааз». Лара лзанааҭ ала дыпровизорын.

Аԥацәа рхы аадырԥшит аҭҵаарадырреи анапхгаратә маҵураҭыԥқәеи рҿы. Руслан – атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, 300 инареиханы аҭҵаарадырратә усумҭақәа дравторуп. 30 шықәса инареиҳаны К.А. Тимириазев ихьӡ зху Москватәи ақыҭанхамҩатә академиа иатәу акафедра дахагылан, Урыстәылатәи Афедерациа аҭҵаарадырреи атехникеи зҽаԥсазтәыз усзуҩын. Борис – атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аус иуан Асовет Еидгыла абжьаратә машьынаргылара аминистрра иатәыз Пиатигорсктәи ақыҭанхамҩамашьынаргыларатә зауад адиректор хадас, иара убас Москватәи аҭҵаарадырратә Ақыҭанхамҩатә машьынаргылара аинститут аҟны.

Иахьазы урҭ зегьы рыдунеи рыԥсаххьеит, аха ауаа ргәалашәараҿы инханы иҟоуп рыхьӡ лашақәа. Чуҳаиб Наиб-иԥа Ҳапат изкны абаза бызшәала адокументалтә повест аԥҵоуп – амилаҭтә литератураҿы ари ажанр ала иаԥҵаз ираԥхьатәиу – «Иаҵәаџьараа рҿыхамҭа», иара ҭыҵит Черқьесск, 1989 шықәсазы. 2017 шықәсазы Ҟарачы-Черқьестәыла инарҭбааны иазгәарҭеит Чуҳаиб Ҳапат диижьҭеи 120 шықәса аҵра. 2018 шықәса лаҵарамза 9 рзы иара дызлыҵыз Гәымлоуқыҭ иқәдыргылеит ибиуст, икыдырҵеит игәаларшәагатә ӷәы.