Ахаҭарақәа
Аԥсны зегьы бзиа еицырбо жәлар рышәҟәыҩҩы, ҳаамҭазтәи аклассик Алықьса Гогәуа имшира инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иара изку аочерк.
Хәажәкыра 11 рзы Аԥсны хәыҷи-дуи бзиа еицырбо апоет Таиф Аџьба иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы 83 шықәса ихыҵуан. Ажәлар ргәалашәараҿы иара иԥсы ҭаны даанхоит, ицәаҳәақәагьы наунагӡа иажәуам, иԥсуам. Ииашаҵәҟьаны жәлар ирпоету Таиф Аџьба ииубилеи инадҳәаланы АААК аинфопортал иара изку аочерк азнархиеит.
Жәабран 23, 1950 шықәсазы Аҟәа диит Зураб Ачба – Аԥсны иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы, азиндырҩы, азинхьчаҩ. Иахьа иара иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан.
Ажьырныҳәа 29, 1918 шықәсазы иқәыргылан ҳмилаҭтә театртә ҟазара ашьаҭа зкыз раԥхьаӡатәи аԥсуа спектакль. Аԥсуа драматургиа ажанр хацзыркыз ҳәа дыԥхьаӡоуп иахьа Аԥсуа драматә театр зыхьӡ аху ашәҟәыҩҩы Самсон Ҷанба.
Ҟарачы-Черқьестәыла еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩы Исмел Абыџь ииубилеи инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит иналукааша ари ауаҩ иԥсҭазааратә мҩеи, иҭаацәареи, иазҿлымҳарақәеи ирызку аочерк.
Абаҩхатәра ду злаз арахәааӡаҩ, анхамҩаусуҩ Чуҳаиб Ҳапат иколлегацәеи иусзуҩцәеи даара патуқәҵарала изыҟан, ауаа реиԥш зыԥсы ҭоу зегьы дрыхӡыӡааны дахьрызнеиуаз азы. Илшамҭақәа ирхадароу акакәны иҟалеит зцәа ҵаӷоу ауасажәла ҿыц ранҵара, уи азы ианашьан иҳаракӡоу аҳамҭа – Сталин ипремиа.
Тевфик Есенч аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи уаҩԥсын. Уи диижьҭеи 115 шықәса аҵра инадҳәаланы АААК аинфопортал Ҭырқәтәыла аубыхцәа ахьынхо Ҳаџьы-Осман ақыҭан игылоу Есенч иҩнаҭа иаҭааит.
Аҟәа имҩаԥысит есышықәсатәи апремиа «Ашықәсан иреиӷьу асахьаҭыхҩы» анашьара.
Зыхьӡ нагоу алингвист, кавказҭҵааҩы Николаи Марр иҭҵаарадырратә ҭынха аҵарауаа еиуеиԥшымкәа иазнеиуеит, иара Марр ихаҭарагьы убас, аха ус шакәугьы, иара, жәаҳәарада, иналукааша Зыхьӡ нагоу алингвист, кавказҭҵааҩы Николаи Марр иҭҵаарадырратә ҭынха аҵарауаа еиуеиԥшымкәа иазнеиуеит, иара Марр ихаҭарагьы убас, аха ус шакәугьы, иара, жәаҳәарада, иналукааша ҵарауаҩ дуун, аԥсуаҭҵаараҿгьы ишьҭа анымҵуа инижьит. Ԥхынҷкәын 25 иара имшироуп.ҵарауаҩ дуун, аԥсуаҭҵаараҿгьы ишьҭа анымҵуа инижьит. Ԥхынҷкәын 25 иара имшироуп.
2019 шықәсазы лиубилеи азгәалҭоит «аԥсуа кәашара аҳкәажәс» иазхаҵоу Аԥсны жәлар рартистка Маиа Гьерзмааԥҳа.