Ҧхынҷкәынмза 28 диит еицырдыруа аҟазараҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы Боча Меџьиҭ-иҧа Аџьынџьал.

Алиса Хутаба

Ауаҩы – дахьынӡаргәалашәо иҧсы ҭоуп.  Боча Меџьиҭ-иҧа Аџьынџьал, лакҩакрада Аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи, акультура аиқәырхареи, аҿар рааӡареи аус аҿы злагала аҭыҧ ду ааннакыло ауаа дырхаҳҧхьаӡалар ҟалоит. Иахьа, иҧсы ҭазҭгьы 86 шықәса ихыҵуан хымҩаҧгашьала иаамысҭашәаз, уамак ала зыхшыҩ ҵарыз, зхымҩаҧгашьатә культура аҩаӡара ҳаракыз Боча Аџьынџьал. 

Боча Меџьиҭ-иҧа Аџьынџьал диит ԥхынҷкәынмза 28, 1937 шықәса рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. 1960 шықәса рзы дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт, афилологиатә факультет (аред. изгә. аԥсуа сектор). 1967 шықәса рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә атәылаҿацәҭҵааратә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩыс дыҟан, иара убри аамҭазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы асахьаҭыхратә ҟазара аҭоурых арҵаҩыс еилагӡаны аус иуан. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус иуан Аԥснытәи АССР акультура Аминистрра аҟазаратә усбарҭақәа ргәаҭаҩс, агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акорреспондентс, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла асахьаҭыхратә ҟазарҭақәа реиҳабыс.

1976 шықәса рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ирызку анаука-ҭҵааратә институт (иахьа – Д.И. Гәлиа ихьӡ зху ААР агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут) аҿы ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс аусура далагоит. Ара иара иҭиҵаауан аԥсуаа рсахьаҭыхратә ҟазара аҭоурых ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны XX ашәышықәсанӡа. Аҭыжьра иазирхиеит ҩ-монографиак: «Ажәытәтәи Аԥсны аҟазара апалеолит инаркны заатәи антиканӡа (археологиатә дыррақәа рыла)», «Аԥсуа советтә сахьаҭыхратә ҟазара аҭоурых 1921–1990 шш. рзы», аха урҭ анапылаҩырақәа жьҭаара 22 1992 шықәса рзы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсуаҭҵааратә институт анырблуаз, иалаӡит.

1978 шықәса рзы Боча Аџьынџьал иазирхиеит иагьҭижьит иусумҭақәа зегьы иаарылукааратәы иҟоу, еицырдыруа аԥсуа ҿыханҵаҩ, аграфик, асахьаркыратә критик, аимператортә тетрқәа рсценограф (1906-1918), ҳәаанырцә имҩаҧысуаз Диагилев исезонқәа рсценограф (1920-1930) Александр Константин-иԥа Чачба (Шервашиӡе) иусумҭақәа ральбом.

1978–2003 шш. рзы Боча Меџьиҭ-иԥа – ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредколлегиа далан. 1980 шықәса рзы иазырхианы иҭижьит аҟазара иазку астатиақәеи аочеркқәеи реизга (Аҟәа). 1981 шықәса рзы иара СССР Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла далалеит, 1985 шықәса рзы иҭижьит акыр шықәса аус здиулоз, А. К. Чачба ихьӡынҩылоу аусумҭа «Аԥсҭазаара ду адаҟьақәа». Уи ашәҟәы арҽеирақәа, ацҵарақәа, азгәаҭақәа азуны еиҭаҭыжьын 2017 шықәса рзы «Асахьаҭыхыҩ Александр Чачба: Иԥсҭазаара. Ирҿиамҭа. Илахьынҵа» ҳәа хьӡыс иаманы.

Боча Аџьынџьал 1967, 1977, 1978, 1987–1989 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла ихы алаирхәуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан 1993 ш. рзы Боча Аџьынџьал ақалақь Санкт-Петербург еиҿикааит акультура-гәыҳалалратә уаажәларра «Аԥсны». Ари аиҿкаара аибашьраан ахәрақәа зауз ҳаибашьцәа рыхәшәтәра еиҿнакаауан, ахҵәацәа рҭыԥ иқәнаҵон, ирыцхраауан. Аџьынџьал ари аиҿкаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан 2005 шықәсанӡа, анаҩс иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа –ҳаҭыр зқәу ахантәаҩыс.

1998 шықәса рзы Боча Аџьынџьал Санкт-Петербург иҭижьит «Аҳ Алықьсандр Чачба. Аҟазара иазку истатиақәа. Анҵамҭа шәҟәқәа рцыԥҵәахақәа» зыхьӡу ашәҟәы. Уи ашәҟәы иацын ихатәы аԥхьажәеи акомментариқәеи.

Аҭҵаарадырратә усура анаҩсан, Боча Меџьиҭ-иԥа ажәеинраалақәа иҩуан. Урҭ анылеит инапы иҵихыз ажәеинраалақәа реизга «Аныҳәаҿа».

2011 шықәса инаркны – Боча Аџьынџьал Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла далахәуп. Иара убас иара аҟазараҭҵааҩцәа Жәларбжьаратәи Рассоциациа далахәылан. 2005 шықәса рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡареи, Санкт-Петербург 300 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә медали ианаршьеит. 2006 шықәса рзы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа даларҵеит. 2015 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихырҵеит. 

Боча Меџьиҭ-иԥа Аџьынџьал иԥсҭазаара – ахацәнамырхареи, ауаа рымаҵ ауреи, Аҧсадгьыл гәык-ҧсык ала азыҟазаареи рзы зеиӷьы ыҟам ҿырҧштәуп. Лассы-лассы, ауаҩы иҧсҭазаара  иаалырҟьаны иҿахҵәоит. Боча Меџьиҭ-иҧа иҧсҭазаара далҵит нанҳәамза 20 2019 шықәса рзы. Апатриот, аҩыза, аколлега игәалашәара иџьа пату ақәызҵо ауаа ҳгәаҵаҿ наунагӡа иаанхоит. Аҟәа ақалақьтә Еизара иаадырҧшыз аҧшьгара инақәыршәаны, Воронов имҩаду 24 аҭыӡҭыҧ ала еицырдыруа аҟазараҭҵааҩ ауаажәларратә усзуҩы дахьынхоз аҩны амемориалтә ӷәы кыдырҵеит.