Аԥсны жәлар рартист, актиор Томас Кәакәасқьыр имшира иазкны АААК Аинфопортал иазнархиеит иԥсҭазаареи илахьынҵеи ирызку аочерк.

Алиса Хәытаба

Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы еицырдыруа акаҳуажәырҭаҿ гәыԥҩык артистцәа еидтәаланы акаҳуа еицыржәуан. Урҭ адунеи азбжак иакәшахьеит, ргәы иҭоуп инханы иҟоу еигьы ахәҭагьы хымԥада аҭаара. Лахҿыхрыла иргәаладыршәон Мозамбик асцена аҟынтә алашьцара ахәаԥшцәа рсахьақәа шырзалымбаауаз, иргәаладыршәон Лолита Торес аҳаираплан данааҭала, ансамбль иалахәыз арԥарцәа реиҳараҩык еицырдыруа аргентинатәи актриса лылаԥш аҵашәаразы ишеицлабуаз. Рыԥсадгьыл хәыҷ ӡырган, уи акультура адунеи изладырдырша иазхәыцуа, артистцәа аԥсышәа мацарала еицәажәон. Раԥхьаҟа ирзыԥшуп иҿыцу агастрольқәа, иҿыцу ахҭысқәа … Аха арҭ агастрольқәа ҵыхәтәантәихеит гәыԥҩык рзы. Урҭ дыруаӡәкхеит ҳочерк зызку, Аԥсны иреиӷьыз абаритонқәа ируаӡәкыз, Аԥсны Жәлар рартист, акиноактиор Томас Кәакәасқьыр.

Ихәыҷреи иқәыԥшреи

Ԥхынгәы 22, 1942 шықәсазы Гагра араион Бзыԥ ақыҭа Кәакәасқьыр Кәытеи иԥшәмаԥҳәыс Мариеи рҭаацәараҿы диит аҵеи. Ихьӡырҵеит Виктор. Аха зегьы Томас ҳәа иарҳәон. Иеиҿкаареи, иҟәыбҷареи рзы иман даҽа хәыҷыхьӡыкгьы – Ҷыгә. Томас Бзыԥтәи ашкол даналга, дҭалоит аиндустриалтә техникум. Анаҩс, аиҳәшьцәа Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыкарҵаратә институт аҿы «авокал арҵаҩы» изанааҭ ала аҵара иҵон. Аҵараиурҭа даналга, 1973 шықәсазы актиорс аусура далагоит Станиславски Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкалтә театр аҿы. Ашәа иҳәон еицырдыруа аоперақәа рҟны: «Свадьба Фигаро» Моцарт, «Дон Паскуале» Доницетти, «Травиата», «Бал-Маскарад» Верди.

1974 шықәсазы Томас дхынҳәуеит Аҟәаҟа. Аусура далагоит Ражден Гәымба ихьӡ хзу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы ахкыҳәаҩыс. Анаҩс Аԥсны зҽаԥсазтәыз Жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы ахкыҳәаҩ хадас. Уи инаваргыланы инаигӡон ахапатә аестрадатә қәгыларақәа ансамбль «Раида» аҟны. Иҳәон аклассикатә шәақәа реиԥш, жәлар рашәақәагьы.

«Уажәаԥхьа схаҿы дышԥамааи»

Ахаҵа ибжьы ҟәымшәышә ала иаразнак, ашәаҳәацәа дызлаз дрылукаауан. Уи ианацлалак иара игәыкра, иҭеиҭыԥш, ихаҿы лаша – зынӡаск дыблахкыгахон.  Абас еиԥш иҟаз иҭеиҭыԥш ҷыдазоуп еицырдыруа арежиссор Савельев ифильм «Хҭырԥа шкәақәа» ароль хада анагӡаразы дзалихызгьы. Арежиссиор акыр аамҭа дишьҭан ари ароль знаалаша актиор. Афильм аԥҵаразы цхырааҩси абжьгаҩыси имаз Анзор Мықәба диҳәеит, зыжәлар ирызхьаауа ироль назыгӡаша иалԥшаараҿы дицхраарц.

Ароль ианаалаша актиорцәеи акәашацәеи дрызхәыцуа, Баграт Шьынқәба ипоема «Ахра ашәа» бзиаӡаны издыруаз Анзор Мықәба, арежиссиор агәра ииргеит – ароль зықәнагоу даԥсуахаҭазароуп ҳәа. Даҽа милаҭк иеиуоу, даҽа культурак иагәылҵыз ауаҩы – аԥсуа фырхаҵа ихаҿсахьа ԥсыцқьарыла ахәаԥшцәа ргәаҟынӡа анагара даара ишизыуадаҩхо. Урҭ амшқәа руаказ, уааԥсырала иҭәыз Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿ дцәырҵит Жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи аҳәынҭқарратә ансамбль асолист.

«Абар дахьыҟоу! Уажәаԥхьа схаҿы дышԥамааи?!» ҳәа Томас дизхәыцуан Анзор Мықәба.

Гәахәарыла арежиссор Савельев изыицҳаит гәаҭалеи ҭеиҭыԥшлеи зеиӷьыҟам ауаҩы – актиор дшиԥшааз, иаарласынгьы ишеибардыртәу. Ус иагьыҟалеит, иҩыза дааиацәажәаны, Анзор еибаирдырит актиори арежиссиори. Уинахыс аусқәа зегь маншәалан. Акиностудиа асахьаркыратә еилацәажәараҿгьы хьаҳәаԥаҳәада иадгылеит Томас афильмаҿ ихәмарра. Анаҩс аҭыхрақәа хацыркын. Урҭ ирхыршәаауаз ахәԥса бзиа иабзоураны, Томас лассы-ласс уаххьафара ааԥхьара риҭон афильм аҭыхра иадҳәалаз зегьы: алашара зҭакԥхықәыз инаиркны амашьынаныҟәцацәа рҟынӡа. Томас изҷыдаҟазшьан зегь лымкаала, ҳаҭырла рызнеишьа. Афильм иаиуз ақәҿиареи уи афырхаҵа хада иӡбахәи уҳәалар ҟалоит ҵыхәаԥҵәарада.

Анаҩс азин сышәҭозар ҳфырхаҵа изку аочерк, акыр еилаҵәаз иҩ-хьӡык Кьахь Ҳаџьараҭи Томас Кәакәасқьыри схы иархәан инасыгӡоит. 1975 шықәсазы афильм «Хҭырԥа шкәакәа» Асовет Еидгылаҿы идырбан. Аҳәаанхыҵ иреиӷьу, еиҭаддырбо афильмқәа ируакны иԥхьаӡан. Иахәаԥшит 21 миллион инарзынаԥшуа ахәаԥшцәа.

Афильм даара ибзиан ирыдыркылон. Ҳаџьараҭ Кьахьба ахәаԥшцәа рыбзиабареи акритикцәа разхаҵареи даԥсахеит. Уи жәлар рфырхаҵа ихаҿсахьа аазырԥшуа, ахақәиҭра азықәԥара асимволс дҟалеит.

«Сахәаԥшит афильм «Хҭырԥа шкәакәа». Акыр анырра снаҭеит. Раԥхьа иргылан афырхаҵахада ихәмарра. Зегь рыла сиршанхеит… Ахақәиҭра иазгәышьуа, зыԥсадгьыл ԥсыс изхоу. Актиор ихәмарраҿ иуадаҩын Ҳаџьараҭ ихаҿи актиор ихаҿи реиҟәгара. Зыԥсадгьыли ашьхарыуажәлари ирԥоу, дызхылҵыз иреиӷьу рҿызҵааз… Хҳәаак аҿы саԥхьеит: «Ашьхарыуаа – амчи алшеи змоу жәларуп» ҳәа. Ари жәаҳәарада Ҳаџьараҭгьы изукыр ауеит. Ҳаџьараҭ фырхаҵарыла иҭахара сгәаҵанӡа инаӡеит. Сгәы иалоуп афильм ахаҭабзиара ахьԥсыҽу, гәахәарыла сеиҭахәаԥшларын…»

«Ҷыдала сиршанхеит актиор хада Томас Кәакәасқьыр, зыҟны узынамӡо ахаҿы акәымкәа, агәрагара узцәырызго афархаҵа дахьаҳирбаз» (мрагылара Германиатәи газеҭ ……)

«Даага нас у-Нина»

Уажәшьҭа еицырдыруаз аԥсуа актиор еиҳагьы аԥҳәысҳәаразы изышьҭашәарыцоз иакәны дҟалеит. Иҳәатәума, иуацәеи иҩызцәеи шаҟаҩык аҭыԥҳпцәа идыргаларц иалагахьаз. Аха усҟан уи игәы лызцахьазаарын аукраин ҭыԥҳа Нина.

Нинеи иареи еибадырит ианстудентцәаз, азеиԥшнхарҭаҿы. Занааҭла еизааигәаз Нинеи Ҳаџьараҭи ирласны еишьцылт. Нина аҵара лҵон Ипполит Иванов ихьӡ зхыз амузыкатә училишье аҿы. Аха Ҳаџьараҭ иуацәа атәым милаҭ иатәыз аҭыԥҳа лаагара иаразнак иадымгылеит. Жәашықәса рышьҭахь Томас ицәаныррақәеи дшырмеижьоз баны «Даага нас у-Нина!» ҳәа иарҳәеит иҭаацәа.

Абас Ҳаџьараҭ Кьахьба насыԥ змаз ихатә ҭаацәара аԥиҵеит, хҩык ахшара драбхеит. Раԥхьатәи рхылҵ ихьӡырҵеит Ҳаџьараҭ, аҩбатәи – Алхас, рыԥҳазаҵә– Мариа. Уажәшьҭа иҩеидасхьоу Томас ихшара раб ажәаҟәандала дыргәаладыршәоит: еиҭарҳәоит ашәҟәқәеи ажурналқәеи рыԥхьара бзиа ишырбоз, ҭаацәашәала ишеиҿыркаауаз аконцерттә хәылԥазқәа, раб ҷыдала зегьы рызнеишьа дшақәшәоз, лымкаала – иреиҵбыз Мариа дшылзыҟаз.

Аҩызцәа хьыӡнагақәа

Ҳаџьараҭ ироль заҵәык акәым актиор инаигӡахьаз. Акыр уздызхало ароль наигӡеит Владимир Попков ифильм «Хҩык рыгәқәа» аҿы. Афильм аҭыхрақәа мҩаԥысуан Давженко ихьӡ зху акиностудиаҿы. Араҟа Джек Лондон ироман афырԥҳәызба хада лаб Енрико Солано ироль наигӡон.

Еицырдыруа актиорцәа Алиона Хмельницкаиа, Сергеи Жигунов, Владимир Шевельков, Игор Кваша аԥсуа артист Томас Кәакәасқьыр лассы дрышьцылеит. Урҭ рахьынтә Томас иԥсадгьыл сасра иаҭаазгьы рхыԥхьаӡара маҷым. Томас дрылаҽхәартә дыҟан егьырҭ аҩызара изызуаз ахьыӡнагақәа. Убас, сасра дизнеихьан Фазиль Искандер ихаҭа. Акыраамҭатәи гәаартыла реицәажәара анаҩс, асас акыр гәахәара изцәырнагеит аҩнаҭа аԥшәма хаҭала икны ирмазеиз амлагәыр. Ашәарыцареи аԥсыӡкреи акыр зҵазкуаз аҭыԥ ааныркылон иԥсҭазаараҿы. Уи иара иԥсы инаршьон.   Иԥыхьашәа иуацәеи иҩызцәеи рызшара, уи иацыз аибабара, ачеиџьыкеиҩшара агәахәара изцәырыргон.

Уаҵәы еибашьран …

1992 шықәса нанҳәамзазы ансамбль изаамҭанытәу агастрольқәа рыманы идәықәлеит Бырзентәылаҟа. Уааԥсырала иҭәыз азалқәа напеинҟьарыла ирԥылеит аԥсуа артистцәа. Аншлагқәа, анапеинҟьарақәа, иҿыцу ааԥхьарақәа – ажәакала, асценатә ԥсҭазаара ашыкьымҭа иҭагылан. Мацәысеимҟьараҵас ирылаҩуеит ажәабжь – абар жәамш раахыс Аԥсны аибашьра ацара ишаҿу. Арахь аиқәшаҳаҭрақәа, ахыдҵақәа, ахәаԥшцәа, акыр заанаҵ иаархәаз абилеҭқәа… Асценахь рцәырҵра сааҭкоуп иагу, ахацәа ирҳәо-ируа иақәшәом, аҭыԥҳацәа рылаӷырӡ рзынкылом. Ҳартистцәа ргәи-рыԥси еилаҵәо ишгылаз, Томас ихахьы игеит агәышьҭыхгажәа раҳәара. Уи иҳәеит ари ахәылԥазаҿ рыгәра згаз ахәаԥшцәа реижьара азин шрымам. Зыԥсадгьыл ахақәиҭра иазықәԥан аҭоурых зыхьӡ азынзыжьыз минуҭктәи аҿымҭрала ргәалршәарзы астадионҿ иҟаз ауаа зегьы ршьапы иқәгылеит. Анаҩс ауп Жәлар рансамбль аконцерт ианалага. Адырҩаҽны ашьыжьымҭан иццакны рҽааизкны, ишрылшоз идәықәлеит Аԥсныҟа.

Ишааизҵәҟьа Томас напхгара аиҭоит Бзыԥтәи аибашьцәа ргәыԥ. Аиааира еицаԥылаанӡа игәра згаз иҩызцәеи иқыҭауааи дрылагыланы аибашьра ахлымӡаах зегьы ихигеит.

 Аҵыхәтәантәи амҩахь      

1994 шықәса, аибашьра еилгахьан, аха макьанагьы ахҭысқәа ҭышәынтәаламызт, еибархханы, ишәарҭараны иҟан. Агәыԥ напхгара азҭоз акомандиргьы агәҭынчымра ицрыхон. Егри Аԥсни рҳәаахь дцаанӡа, Томас иқыҭа гәакьа Бзыԥ иаланхоз иуацәеи иҭынхацәеи, хәыҷи-дуи зегьы дрылсны ибеит. Аамҭа анынаскьа еилкаахеит – усҟан наунагӡа еиԥырҵуазаарын. Томас ацәалашәара иоуит, аха хырҩа аимҭеит, иԥсадгьыли иуаажәлари рахь имаз абзиабара зегьы иреиҳан. Ашәарҭара ахьыҟаз аҭыԥқәа дрызцон, иҽыԥхьеикуамызт... Амҩан Аҟәа афилармониа азааигәара имашьына ааҭгылеит. Ансамбльк ицалаз иҩызцәа аҵыхәтәаны аԥшыхәрахь дышцо, иаарласны иԥсы злаз иусурахь агьежьра игәы ишҭоу али-ԥси рыбжьара инараҳәаны, ддәықәлеит аҳәаахь.

Уи амҩа дшаныз 51 шықәса ирҭагылаз Томаси иҩызцәеи иареи артҟәацга иахаԥжәеит. Ирзымдыруаз машьынак абылтәы нҵәаны амҩа ианхалеит. Згәы разыз Томас, амашьынаныҟәцаҩ дицхраарц иӡбеит. Метрақәак бжьаны абылтәыда игылаз амашьын азааигәара даангылт Томас. Аха усҟан издыруадаз аԥсреи абзареи рыбжьара дшыбжьанаргылоз ари иаанҿасра аҭыԥ.

«Томас иеиԥш иҟаз ауаа хьчатәын … еиқәырхатәын», - лахьеиқәрыла дигәалаиршәоит аҭаацәа рҩыза Анзор Мықәба.

Абарҭ ифырхаҵаратәу, илахҿыху, илахьеиқәҵагоу, илашоу ахҭысқәа ауаҩы хазына иԥсҭазаара ахәҭа маҷ ауп. Ихьаауп ари иҩыза ауаҩы раз, артист хазына шаҟа абиԥарақәа рымадара дахьымӡаз уаназхәыцуа. Ҳочерк зызку афырхаҵа хада иҵегьы иааигәаны идырразы, иеилкааразы иҭаацәеи иҩызцәеи акыр аамҭа ҳрыҿцәажәон. Урҭ зегь еицҿакны ирҳәон – ари иҩыза ауаҩы уаҳа дыҟаӡам. Томас афильмқәа рҿы ихәмаррақәа ҳанеиҭарыхәаԥш еилаҳкааит – ари иҩыза афырхаҵа уаҳа дыҟаӡам. Ҳрылаԥшуан аҭаацәара рфотосахьақәа, еилаҳкаауан – аҭаацәа реиҳаби ари иҩыза аби уаҳа дшыҟамло. Ибжьы хазына ҳазыӡырыҩны еилаҳкаауан – зеиԥшыҟам абжьы шихаз.

Томас Кәакәасқьыр инаигӡо ашәақәа рыхәҭа (Аԥсуа радио архив аҟынтә)

«Амца аԥырԥырҳәа иахысаат»

«Амца аԥырԥырҳәа иахысаат» – еиуеиԥшым ахҭысқәа рҿы Томас лассы-ласс иҳәалон арҭ ажәақәа. Урҭ рҵаки рыҵаулареи еиқәырханы даҽа бызшәак ахь иузеиҭамгар ҟалап. Дыццакын, дрыцраланы Томас ишиҳәоз еиԥшҵәҟьа иниҵит иԥсҭазаарагьы – дыццакны, длашаны, дымцабзны.

Р.S. Иҟоуп аинтерес зҵоу даҽа хҭыс маҷкгьы. Иҟалоит уи автор ихыҭҳәаак еиԥш ишәыдышәкыларгьы, аха даара агәыҩбара узцәырызго хҭысуп. Томас иааӡеит акымкәа алақәа. Урҭ зегьы хьӡык акәын ириҭоз – Џьульбарс. Ари аҩыза алахьӡ лассы-ласс иуԥылаӡом, санадҵаала, исызцәырнагеит иџьоушьаша афакт: Џьульбарс ахьӡ акыр еицырдыруеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду (1941-1945) аан артҟәацгақәа зыԥшаауаз алақәа рыбжьара иҟан убас хьӡыс измаз, зҽалызкааз ласбак. Иара аҭоурых иахәҭакхеит: Џьульбарс ацәалашәара бзиа змаз, ирласны аԥба шьҭызкаауаз лан, аӡәырҩы рыԥсқәа еиқәнархеит. Иҟалап, еимгеимцарак иалагӡан Томас иԥсҭазаара ҿахызҵәаз арҭҟәацгагьы, иара ииааӡоз Џьульбарс иаԥшаараны иҟазҭгьы. Аха усҟан иааигәа иҟамызт…