Ишәыдаҳгалоит аскульптор асахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку АААК аинформациатә ҟәша иазнархиаз аочерк.

Шьазина Бганҧҳа

Есышьыжь, уажәшьҭа иқәыҧшым, аха макьаназы ақәра зыбӷа амырхәац ахаҵа Даӷьсҭантәи амҩа инаркны Аидгылара амҩаду ахь иҿынаихоит. Уаҟа игылоуп гәыла-ҧсыла дыззыҟоу, иҧсҭазаара зегьы зыхҭниҵаз аҟазарҭа. Ахӡыргара ҟазшьас измам, акультуратә усмҩаҧгатәқәа зегьы ирҭаауа – Амиран Адлеиба аҳҭнықалақь аҿы имҩаҧысуа арҿиаратә еиҧыларақәеи ацәыргақәҵақәеи излауала иагижьуам. Пату рықәиҵоит аиҩызареи, ганрацәалатәи аҧсҭазаареи, аха крааҵуеит амшын агәацҧыҳәара изцәырнамгоижьҭеи, акаҳуа акәзар – зынӡак ажәра даҟәыҵхьеит. Агәыразра зхубаало иблақәа, ахӡыргара дшашьҭам уеилзыркаауа иҭеиҭыҧш, иныҟәашәа – зегьы рыла иубарҭоуп Амиран Адлеиба ихатәы дунеи. Иҟалап, ари адунеи иагу акы ыҟазаргьы, аха хымҧада иҵаулоуп.

 «Агәрагара иаиааиуа амч змоу акагьы ыҟаӡам… Сызҿу аус, иаҧысҵо арҿиара ишадҳәалоу агәра ахьызго, уи шәышықәсала ишеиқәхо ахьыздыруа – абар, уажәшьҭа 67 шықәса ҵуеит агәацҧыҳәара сыҭаны арҿиара саднаҧхьалоижьҭеи», - Амиран Адлеиба.

Амиран Адлеиба – Аҧсны Жәлар рсахьаҭыхҩы, иреиҳаӡоу Аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-аҧша» III-тәи аҩаӡара акавалер, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы. Аҧсуа культура иузацрымхуа иахәҭакхаз аусумҭақәа дравторуп. Уахь иаҵанакуеит: Ахьӡ-аҧша Апарк аҿы иқәыргылоу, «Аҟама» зыхьӡу абаҟа, Алықьсандр Чачба-Шервашиӡе ибаҟа, уҳәа Аҧсны аҳҭнықалақьи, егьырҭ аҭыҧқәеи рҿы иаҳҧыло, асахьаркыра-архитектуратә ҭеиҭыҧш иаҵанакуа егьырҭ аҧҵамҭақәагьы. 

Ахәыҷреи ақәыҧшреи 

Скульпторс аҟалара зразҟыз Амиран Адлеиба диит 1952 шықәса,  нанҳәа 5, Аҧснытәи АССР Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Ашкол ахь дцартә аиҧш иқәра анынаӡа, Амиран иаразнак актәи акласс ахь дзымцеит. Иашьа еиҵба фышықәса ихыҵаанӡа дыҧшыр акәхеит. Иахьынхоз аҭыҧ аҿы ашкол аҩны иацәыхаран, убри аҟнытә уахгьы-ҽынгьы абзазаратә усқәа ирҿыз аҭаацәа, аишьцәа актәи акласс ахь еицыршьҭырц рыӡбеит. Аха ари аҭагылазаашьа аҵаратә еихьӡарақәа ирҧырхагамхеит. Хара имгакәаны, акласс аҿы итәаз қәрала иреиҳабыз Амиран иаиҩыжьыз иҽахьигӡеит. Уимоу, иҩызцәа аҵараҿы дрыцхраауа, инапы иадыруаз рымаидо далагеит. Хаҭала иаҳҳәозар – анышәаҧшь арҧшьшьара дирҵон.

Амирани ари ауси реибадырра  шалагаз убас ауп: анышәаҧшьи аҧслымӡи рыла иан лнапыла адашьма шықәылҵоз аниба, ҧшьышықәса зхыҵуаз Амиран раҧхьаӡа акәны дазхәыцит иара убарҭ амаҭәахәқәа рыла иаҳәшьцәа рзыҳәан акыц иалху ахәмаргақәа ҟаиҵар ауеит ҳәа. Ус ицәырҵит раҧхьатәи аҟаҵамҭақәа. 

1971 шықәсазы, Амиран Ҷлоутәи абжьаратә школ ибзиаӡаны далгеит. Иалихша ҧхьаҟатәи изаанаҭ азхәыцра иқәымшәаӡеит – избанзар уи азҵаара аҭак иоухьан ҧшьышықәса анихыҵуаз. 1971 шықәса инаркны 1974 шықәсанӡа аҵара иҵон Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы. Ҧшьышықәса ирылагӡаны, Амиран заманала инапаҿы иааигеит арҧшьшьареи, асахьаҭыхреи, аҿыханҵатә ҟазареи. Аскульптор қәыҧш ицәыригеит нышәаҧшьла иҟаҵаз, «Аскрипкарҳәаҩы» зыхьӡыз адипломтә усумҭа. 

 1974 шықәсазы А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (уажәы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет зыхьӡу) дҭалеит. 1978-1979 шықәсқәа рзы Асовет ҳәынҭқарра аҿаҧхьа арратә уалҧшьа наигӡон. Убри аамҭазы, ауасҭагатә графикаҿы (аред. изгә. – иҷыдоу ауасҭага – амольберте аҿы иаҧырҵо графикатә ҟазароуп) имчқәа ҧишәоит. 1979 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа Амиран Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә асахьаркыратә академиаҿы аҵара иҵон. Уи аныхиркәша, 1984 шықәса инаркны 1987 шықәсанӡа Ҷлоутәи абжьаратә школ аҿы асахьаҭыхра арҵаҩыс аус иуан. 

Амиран ихаҭа, иҟыбаҩ иазкны еиҭеиҳәоит анаҩстәи:

«Изларҳәо ала, Анцәа анышәаҧшь ааникылан, иааиларӷәӷәаны днаҭәҳәан, аҧсы ахеиҵеит – убас дцәырҵит ауаҩы. Абри ауп сара сзын аскульптура иаанаго. Аскульптор иусумҭа аҧсы изҭамҵозаргьы, иааикәыршаны иибо аҟнытә иреиӷьу наунагӡа аиқәырхара иуалуп», - ҳәа игәаанагарала далацәажәеит иара. 

1986 шықәсазы Амиран Адлеиба Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит. 1987 шықәса инаркны А. К. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы асахьаҭыхреи арҧшьшьареи рырҵаҩыс аусура далагеит. Шықәсык ашьҭахь СССР асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла далахәылахеит. 

1989 шықәса инаркны Амиран Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿыханҵатә ҟазара афакультет аҿы аусура далагоит. Ареспубликаҿы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шеицәахоз анеиликаа, Амиран ҧыҭҩык иқәлацәа ишыҟарҵаз аиҧш Жәлар рфорум «Аидгылара» далалеит. 

Аха ишакәхалакгьы, макьаназы аҭынч ҧсҭазаара атәылаҿы бзиарак ҟалап ҳәа ауаа аргәыӷуан. 1992 шықәса, лаҵарамза Амиран Адлеиба аҭаацәара далалоит. Уи анаҩс, Амиран нхара ҳәа Аҟәаҟа диасны, ихатәы ҟазарҭа аргылара далагоит. 

«Атәыла иашьагәыҭу ауаа ргәаанагара азымхәыцра аибашьра ахылҿиааит…»

Нанҳәамза 14, Аҧсны инхоз зегьы реиҧш, Амиран Адлеиба иҧсҭазаарагьы аибашьра ҟалаанӡеи ианалагеи ҳәа аҽеиҩнашеит. Аӡәгьы дыззыхиамыз аибашьра – ауаа рыҧсҭазаара иаалырҟьаны изыҧсахыз ҭагылазаашьахеит. Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә хеилак ар чарҳәарыла Аҧсны ишақәлаз атәы, Амиран иахьиаҳаз Аҟәатәи иҟазарҭаҿы ауп. Ажәабжь шааиаҳаз аиҧш, иҩызцәа дрыцны ацҳа Ҟаҧшь ахь дыццакит (аред. изгә. Аҟәа раҧхьаӡа аӷа иахьиҿагылаз аҭыҧ). Уи амш инаркны, арратә корреспондент иаҳасаб ала аибашьра далахәын. Иҩыза Рамин Қаџьаиеи иареи Ладатәи Ешыра ақыҭаҿы рҭыҧ ылхны, аибашьра ахроника мҩаҧыргон, акы аанмыжькәа рыла иабоз ахҭысқәа зегьы ашәҟәы ианырҵон. Анаҩс, еизыргаз анҵамҭақәа зегьы Гәдоуҭа иҟаз арратә штаб ахь идәықәырҵон. Ари амшынҵа иахьагьы еиқәханы иҟоуп. 

Уи адагьы, Амиран Адлеибеи уи иҩызцәеи Аҟәа иалахаз аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа ралгара аус дацхраауан. Урҭ рџьабаа иабзоураны, Аҟәантәи Гәдоуҭаҟа иалыргеит ҩынҩажәаҩык инарзынаҧшуа ауаа.

Аибашьраан зегьы реиҳа игәникылаз ахҭыс арбану ҳәа иҭаз азҵаара, аҭак ҟаиҵеит абас:

«Дунеихаан исхашҭуам хҭыск. Усҟан, сара сқыҭа гәакьаҿы сыҟан: еилачны игылаз аҵлақәа рыбжьара ҳаҽӡаны, сқыҭауаа срыцны, ҳныхгыла-аахгыло ҳакәша-мыкәша иҟоу гәаҭо ҳнеиуан. Убри аамҭазы, ақыҭа абомбақәа аларыжьуа иалагеит. Ахыҧҽыхақәа руак, сганаҿы игылаз, хәыҷы аахыс исҩызаз хаҵак иқәшәан дҭахеит. Ҳқыҭа гәакьа амца ахысны ишыбылуаз, лассы-лассы сыла иаахгылоит, – ҳәа игәалашәоит иара. – Жәаҳәарада, атәыла иашьагәыҭу ауаа ргәаанагара азымхәыцра аибашьра ахылҿиааит. Уи аӡәгьы дазҧшымызт аҟнытә, ари аибашьра ҳауаажәлар зегьы рзыҳәаны иҧышәарахеит. Аха иагьа ус акәзаргьы, аҷкәынцәа ируа иақәымшәо иаанымхеит. Ирацәаҩуп абџьар шьҭыхны аӷа иҿагылаз. Аибашьра ауаа зегьы рҭыҧ ылнахуеит, рхаҿы ҵабырг цәырнагоит. Ҳәара аҭахума, ҳаҷкәынцәа рҭахара – ҳажәлар зегьы рзын харҭәаашьа змам, зегь реиҳа игәыҭшьаагоу цәыӡуп» – иҳәоит илахь еиқәҵаны Адлеиба.

«Аҭынчра Аҟама» 

Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара иҭахаз аибашьцәа ирызку абаҟа аргыларазы аицлабра рыланаҳәеит. Абаҟа аҵакы аҩаӡара еилкааны, Амиран Адлеиба агәазыҳәара ахыҵхырҭас ишьҭихит Нарҭаа репос (аред. изгә. Нарҭаа репос –– аҧсуаа, абазақәа, аублаа, адыгаа, аҟабардақәа, ачеркесцәа зҵазкуа аҧсуа-абаза жәлар рфольклор ижәытәӡатәиу абаҟа). Аскульптор дрызҿлымҳахеит Нарҭ Сасрыҟәа изкыз ажәабжьқәа. Урҭ аҳәамҭақәа руак инақәыршәаны, Нарҭ Сасрыҟәа афырхы иҧшааит. Анаҩс, уи иалхны, Аинар-жьи анашанатә мчы змаз аҳәа ажьаҳәа иҵихит. Аинформациатә агентство "Спутник Аԥсны" аскульптор ириҭаз аинтервиуқәа руакаҿ иҳәоит:

«Зны-зынла, аҧсуа фырхацәагьы, Нарҭ Сасрыҟәа иаҳәа иадыркыло афцырҟьа алшарақәа рымазшәа сгәы иабоит. Абаҟа аиҿартәашьа, ахра аҧшра амоуп. Уи машәырны иҟамлаӡеит, избанзар ари аҩыза аформа амацәыс ацәаҳәа иеиҧшу, аметал иалху аҧҽыха ахәҭа угәаланаршәоит. Акомпозициа х-хәҭакны иаарҧшуп: хыхьтәи – амҵәыжәҩа – аиааирахь аихареи, аматериа аасҭа адоуҳа амч шыӷәӷәоуи ҳдырбоит, абжьаратә – имӷьаӡо ахәра ду зну, Аҧсадгьыл зыхьчо аибашьҩы игәышҧы – ажәлар рҭоурых хьанҭеи, ҵыхәаҧҵәара змам ацәыӡқәеи шырхамшҭуа арҵабыргуеит, ҵаҟатәи – адгьыл иҵарсу аҟама аҧыӡаӡ – аибашьра ахыркәшара иашьаноуп», – иҳәоит аскульптор.

Амиран Адлеиба ари абаҟа аскульптура жә-шықәса аус адиулон.

«Сусумҭақәа зегьы рыҟнытә, абри аскульптура ауп иаҳа аҵакы змоу ҳәа исыҧхьаӡо. Сара, уи гәыкала иаҧысҵеит, аформеи аҵаки гәцаракны срызхәыцуан. Ус анахәха иахьа, сыламыс шыцқьоу агәра ганы сыҟоуп!» – иҳәоит иара.

«Аскульпторра акәымзар – апоезиа»

Амиран Адлеиба аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара аниҵоз ажәеинраалақәа рыҩра далагеит. Раҧхьатәи ирҿиамҭақәа анеидикыла, Аҟәаҟа иманы дааит. Амирани егьырҭ иқәлацәеи анаҩс мҩақәҵаҩыс ирзыҟалаз апоет Ҷиҷикәа Џьонуа идикылеит. «Аскульптор изанааҭ акәымзар, иарбану?» ҳәа азҵаара аниоу, Амиран Адлеиба, маҷк даахәыцны аҭак ҟаиҵеит:

- Споетхар ҟаларын.

Иахьагьы, Амиран Адлеиба апоезиатә аккордқәа рыла игәы иҭоу аарҧшразы аамҭа деигӡом, «Сымҩа сықәуп ҧсгарада» [урысшәала «Иду по пути непрестанного творения»] зыхьӡу, иажәеинраалақәа аҩбатәи реизга ҭижьырц азы азырхиара даҿуп. Аҧсадгьыли, ахатәы бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи, ажәлар репоси рахь абзиабара – ирҿиаратә усура зегьы шьаҭас иамоуп. 

Аҧсуара ҭагәҭасыр алшон, 

Аламыс дац-ҧашәымзар. 

Уаӷеимшхара имҩасыр алшон, 

Иныҟәызго дацымзар.

Ҳәаа змаӡам Амиран иҩнуҵаҟатәи адунеи – ирҿиамҭақәа роуп: иҩу ацәаҳәақәа, иҭыху аескизқәа, аскульптурақәа. Аҟыбаҩ ду злоу ауаа зегьы ишырҷыдоу аиҧш – зны-зынла иеилкаара уадаҩзаргьы, Амиран еснагь ауаа рзы даартуп. Есымша, амра раҧхьатәи ашәахәақәа алашьцара ианаалҧхалагьы инаркны, аҵх иааимнахаанӡа Амиран Аидгыла амҩаду аҿы игылоу, гәыкала бзиа иибо аҟазарҭаҿы иҧсҭазааратә мца еиқәҵаны аусура даҿуп. Уаҟа еснагь ауаа рацәоуп, лассы-лассы изымҩахыҵуеит асасцәеи, аҵаҩцәеи, зхаҿы аскульпторатә ҧшра аҧшьшьара аус – арҿиара иаҿу Амиран инапы ианызҵар зҭаху аҿаҵаҩцәеи.