АААК Адискуссиатә клуб аекологиатә сессиа иацҵауа, аклуб алахәцәеи аекспертцәеи алацәажәеит ҳтәыла аҵакырадгьыл аҿы аҵиаақәа рыхьчареи аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа рҽацәыхьчареи шымҩаԥысуа.

Аҵиаақәа рыхьчара аганахьала аус зуа аекспертцәа АААК Адискуссиатә клуб иаҭааит аԥшьаша, хәажәкыра 12 рзы. Аклуб алахәцәа рҿы иааины аҵиаақәа рыхьчара атема иалацәажәеит: Аԥсны иҟоу Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаара ақыҭанхамҩатә еиҿкаара (ФАО ООН) аофис анапхгаҩы Михаил Клиукин, иара убас Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут аентомологиеи аинвазивтә хкқәеи рлабораториа аиҳабы Михаил Қриа.

Аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа ишԥарҿагылатәу

Михаил Клиукин еиҭеиҳәеит аҵиаақәа ирԥырхагоу ахәаҷа-маҷақәа рҿагыларазы еиуеиԥшым амҩақәа шыҟоу: ахимиатә, абиологиатә, амеханикатә, агротехникатә.

«Ахимиатә мҩа, даҽакала иуҳәозар – апестицидқәа рхархәара – ирласны аус зуа акоуп, аха аекологиа иаԥырхагоуп аҟынтә иахьазы ари аметод шамахамзар рхы иадырхәом, иажәхьеит», – иҳәеит аексперт, иагьациҵеит абиологиатә хәшәқәа рхархәара акәзар, ауаҩи аԥсабареи рзы ашәарҭара ацӡам ҳәа.

Аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа рҿагыларазы иҟоу амеханикатә мҩа аҿырԥшыс Клиукин иааигеит амармалташьтә пты напыла аизгара. Ари ахәаҷа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳтәыла иахаҵәеит, аԥхасҭагьы маҷымкәа иҟанаҵеит. Аҵиаақәа рыхьчаразы иҟоу агротехникатә процедурақәа ртәы ҳҳәозар, урҭ хадаратәла иззынархоу апрофилактикоуп, аусхкқәа рацәангьыы ирыҵаркуеит.

Афермерцәа рзы адәынтәи ашколқәа

Аексперт еизаз иргәалаиршәеит иара дызхаҭарнаку аиҿкаара амчала иахьа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы ишаарту ақыҭанхацәа рзы иҷыдоу «адәынтәи ашколқәа», уаҟа ауаа иддырҵоит аҵиаақәа ирԥырхагоу ахәаҷақәеи акәыкәбаақәеи шаԥыхтәу. Абас иҟоу ашкол иаҭаар рылшоит изҭаху зегьы, аҭыԥантәи ақыҭанапхгараҿы ашәҟәы аҽҭаҩра аамышьҭахь.

«Ҳара хықәкыс иҳамоуп – анхаҩы адырра иҭара, – иҳәеит Михаил Клиукин. – Адәынтәи ашкол аҭааҩцәа доусы рыдгьылқәа рҿы изызҳауа ақыҭанхамҩатә культура аӡбахә рҳәоит, нас аҟазацәа-азыҟаҵаҩцәа иддырҵоит убри аҵиаа шыхьчатәу. Абас иҟоу аусеицура хырҳаганы иҟаларц азы иаҭаху анхаҩы иҭакԥхықәреи иуснагӡашьеи мацара роуп».

Аԥсны иҟоу ФАО ООН аофис анапхгаҩы адырра ҟаиҵеит убасгьы, аиҿкаараҿы ргәы ишҭоу Аԥснытәи адәынтәи ашколқәа рҟынтә азҿлымҳара змоу алахәцәа Молдоваҟа иганы уаатәи ашколқәа реихьӡарақәа ддырбарц.

Арԥшӡагатә ҵиаақәа рзы иҟоу ашәарҭарақәа

Аекологиа аинститут аентомологиеи аинвазивтә хкқәеи рлабораториа аиҳабы Михаил Қриа иазгәеиҭеит, аҵиаақәа рыхьчара – «аекологиатә шәарҭадара иаприоритетуп» ҳәа, иагьеиқәиԥхьаӡеит ахьчара иаҵанакуа аҵиаақәа.

«Ихьчатәу иреиуоуп ақыҭанхамҩатә культурақәа, абнатә, аҩычагатә еиҭаҳатәқәа. Ауааԥсыра рзы акраҵанакуеит аарыхра бзиа аиура. Аекологиатә система ахкырацәара аиқәырхаразы абна хьчалатәуп, иахӡыӡаатәуп. Ҳара ԥсшьарҭатә тәылак аҳасабала ҳхы ҳшьоит. Апальмақәеи, акипарисқәеи, аевкалиптқәеи егьырҭ аҵиаа ԥшӡақәеи рыхьчара – ҳаԥсабара ахаҿра еицакрада аиқәырхаразы ихымԥадатәуп», – иҳәеит аспециалист.

Иара гәалсрала иазгәеиҭеит, ҳтәылаҿы изызҳауаз ашыц 98 процент амцаԥшь хәаҷа иқәнахит ҳәа. Қриа иҳәеит Аԥсныҟа иаарго аҵиаақәа рзы акарантин шаҭаху, иара убасгьы ҳхатәы ааӡарҭақәа ҳамазар шакәу.

Аекспертцәа еиҭарҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥырхага ҟазҵо ахәаҷақәа рхыԥхьаӡара ишацлаз: ашыц зфо амцаԥшь хәаҷа, амармалташьтә пты, апальма зфо ахәаҷа.

«Ҳаамҭазтәи алогистика иабзоураны аидарақәа уадаҩрада инеиааиуеит, ахәаҷа-маҷақәагьы аԥсабаратә ԥынгылақәа – аӡиасқәеи, аӡиақәеи, ашьхақәеи ираҩсны, мариала адунеи кәакьк аҿынтә даҽа кәакьк ахь инеиуеит. Ахылаԥшра ӷәӷәа еиҿаҳамкаар ҳҩычагатә культурақәа

зегьы, ҳабнатә ҵиаақәа рыхәҭаки ҳцәыӡыр ҟалоит», – иҳәеит Аекологиа аинститут аспециалист, иаьациҵеит ааигәа Аԥсныҟа ишықәнагалаз ахьаҵла иаԥырхагоу ахәаҷагьы.

Аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа ртема анахысгьы аклуб алахәцәа алацәажәеит ҳтәылаҿы иҟалало абна амцакрақәа рызҵаарагьы. Аекспертцәа инаҵшьны иазгәарҭеит амцакра еснагь изыхҟьо ауаҩ иоуп ҳәа.

«Ааԥынра анааилак анхацәа рымхәырсҭақәа дрыцқьо иалагоит, амцақәа еиқәырҵоит, аха уи иахәҭоу ахылаԥшра анырзамҭо ыҟоуп, убри аҟнытә амцакра амҽхак аҽарҭбаауеит. Даҽа мзызуп – абнаҿы иҟало абылрақәа. Ауаҩы иҭаҭын рԥсымкәа џьара фацарак инылашәар, ма амца ахьеиқәыз аҭыԥ аҵыхәтәанынӡа иԥсаанӡа уадҵыр – абарҭқәа ирыхҟьаны гектарла абнақәа анбылуа ыҟоуп», – иҳәеит Михаил Қриа.

«Аекологиатә ҵара ауасхыр»

Адискуссиатә клуб алахәҩы, Аҟәатәи иаарту аинститут астудент Анзор Бироиԥа аиԥылара аамышьҭахь иҳәеит аҵиаақәа абас ашәарҭа ду ишҭагылоу ихахьгьы иааиуамызт ҳәа.

«Аӡәырҩы ирдыруеит Аԥсны аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа шырацәоу. Аха уи ҳаԥсабара ишаныруа, апроблема ахала ишыҟам, уи иацааиуа зегь шыӡбатәу, акгьы ҟамҵакәа ҳтәар – даара ишшәарҭоу уҳәа, абарҭқәа зегьы иахьатәи ҳаиԥылараҿы еилыскааит», – иҳәеит арԥыс.

Иара игәаанагарала, аҭагылазаашьа аиӷьтәра акыр иацхраауеит ауааԥсыра адырра рыҭара амацарагьы.

«Ахархьуаҩ аекологиатә проблемақәа рҵаҵӷәи рыхҟьа-ԥҟьақәеи шеидҳәалоу ихаҿы иааиӡом дыспециалистымзар. Сара схаҭагьы усоуп, ари аинформациа саҳауан, издыруан, аха уи азхаӡом. Хықәкыла аусура аҭахуп: ателехәаԥшреи аинтернет аҿи асоциалтә роликқәа шьҭлатәуп, ахештегқәа рхархәаралагьы аинформациа аларҵәара ҟалоит. Абасала ауаа рхәыцшьа анырра ауҭар улшоит», – ҳәа иԥхьаӡоит Бироиԥа.

Аԥсны иҟоу ФАО ООН аофис анапхгаҩы Михаил Клиукин имҩаԥысыз аиԥылара аихшьалақәа ҟаҵо иазгәеиҭеит аҿар рырацәара, разҿлымҳара шгәахәароу.

«Ҳара ҳаигәырӷьоит аҿар рацәаны иахьааиз. Аҿар роуп ауаажәларраҿы ианакәызаалак реиҳа згәы цых-цыхуа. Аекологиатә ҵара ауасхыр рзышьҭаҳҵар, хара имгакәа алҵшәақәа ҳбоит», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп аклуб асас.

Аекологиатә ҵарадырра шхымԥадатәу дақәшаҳаҭуп уи иколлега Михаил Қриагьы, иара иазгәеиҭеит «аекологиатә рккара аганахьала ихьысҳаны аус ахьаҳуа амшала, ауаа ирзымдыркәа аԥсабара аԥырхага арҭар шыҟало».

«Ҳара лассы-лассы иаҳбоит ауаа ашьхарахь ианцо, Ашәҟы ҟаԥшь иану аҵиаақәеи ашәҭқәеи хҵәаны, рпатреҭқәа ҭыхны ишҭаргало. Дара ирыздырӡом, арҭ ашәҭқәа аиаӡаара ашәарҭа ишҭагылоу, ишыхьчатәу. Убри аҟнытә сара сгәы иаанагоит абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа (АААК адискуссиатә клуб аҟны аицәажәарақәа реиԥш иҟоу – аред.) еиҳа ирлас-ырласны имҩаԥгалатәуп ҳәа, аекологиа ахырхарҭақәа зегь рыла», – иҳәеит Қриа.

АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Ирина Турааԥҳа имҩаԥысыз аилатәара бжьаратәуп ҳәа ахылҳәааит: аекологиатә сессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥшь-еиԥыларак мҩаԥысхьеит. Лара излалԥхьаӡо ала, ари адискуссиа акраҵанакуа иҟалеит аклуб алахәцәа рзы.

«Апроект аҿы иазымхоз ахәҭак иахьа иҭҭәааит. Алахәцәа руаӡәы ишиҳәаз еиԥш, ҳара аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилкаауамызт Аԥсны аҵиаақәа рықәӡаара апроблема шаҟа иӷәӷәоу. Сара сыхьӡалагьы иацысҵарц сҭахуп: шәҭы ԥшӡак ахҵәара аекосистема зегьы ишаныруа ҳхаҿы иааҳгомызт», – лҳәеит Турааԥха.

Ԥыхьатәи аиԥылараҿеиԥш уажәтәигьы иаҭааит 8, 11-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо Гагра ашколхәыҷқәа. Ирина Турааԥҳа иазгәалҭеит «ахәыҷқәа аԥсабара иахӡыӡааны азнеишьа шьҭыркаар – ԥхьаҟатәи аекологиа аԥеиԥш бзиахоит» ҳәа.

Аекологиатә сессиа – АААК Адискуссиатә клуб аҟны алацәажәаразы иалкааз атемақәа ираԥхьатәиуп. Егьырҭ атемақәа зегь реиԥш, уи иамҽханакуеит мызла ԥхьаҟа еихшоу аинтерактивтә еилатәарақәа жәпакы.

АААК Адискуссиатә клуб аусура ахырхарҭа хадақәа раҳасабала аекологиа анахысгьы иалкаан абарҭ: аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, амилаҭтә литература аларҵәара

ацхраара, аԥсуа-абаза жәлар рҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра аҿиареи аларҵәареи, Аԥсуара аиқәырхара. Атематикатә сессиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аклуб аиԥыларақәа мҩаԥысуеит мызкахьы ҩынтә, ԥшьашала.