4006
Ихацҳаркуеит апроект ҿыц «Гәыкала» — аинтерес зҵоу ауаа рыҿцәажәарақәа. Урҭ — иаҳзеиҧшу апроектқәеи аиҩызареи рыла ҳзыдҳәалоу уаауп. Уажәазы дсасны даҳҭан аҵарауаҩ-абызшәадырҩы, адипломат, ауаажәларратә усзуҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Виачеслав Чрыгба. Аҭҵаарадырреи адипломатиеи, аҧсуа бызшәа аиқәырхара иацу ауадаҩрақәа, адунеи ахы-аҵыхәа дакәшаны иибахьоу, уамашәа иубаша ауаа рыҿцәажәара, амилаҭ аидкылараҿы АААК иааннакыло аҭыҧ, уҳәа убас егьырҭ атемақәа - «Гәыкала» раҧхьатәи аҭыжьымҭаҿы.
Ахҳәаа ыҟам
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.