25-ҩык инареиҳаны Арасаӡыхьтәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи аҳҭнықалақь аҭыҧ ҧшӡарақәа рахь еиҿкааз аекскурсиа рхы аладырхәит.

Селма Базба

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура аҟәша еиҭахацнаркит апроект «Аимадара». Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны аҩнуҵаҟа аныҟәарақәа еиҿкаахоит. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи, Аҟәатәи амаамын ааӡарҭа, Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәа – абас аиҧш иҟаз амҩа ианысит С.Е. Капба ихьӡ зху Арасаӡыхьтәи ашкол №2 аҵаҩцәа.

«2024 шықәсазы апроект «Аимадара» аиҭахацыркра азаҳкит Дырмит Гәлиа 150-шықәса аихыҵра. Ашәҟәыҩҩы иҩны-амузеи аҭаара анаҩсангьы, ахәыҷқәа мҩахыргеит егьырҭ аблахкыгарҭақәа зҵазкыз аҭыҧқәа рахь»,– иҳәеит АААК аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура аҟәша специалист Херсон Симониа.

Аекскурсиа хацыркын Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҭаарала. Ахәыҷқәа азалқәа зегьы дырбаны, ажәытә аамҭа инаркны иахьатәи амшқәа рҟынӡа Аҧсны аҭоурых рзеиҭарҳәеит. Ашколхәыҷқәа шанханы ирыхәаҧшуан аҧсуаа рыбзазареи ркультуреи ирыдҳәалаз амаҭәарқәа, иара убасгьы ирызҿлымҳахеит аҧсабаратә ҭоурых аҟәшаҿы ицәыргаз ақәҵарбақәагьы. Аексурсиа ахыркәшамҭазы  ахәыҷқәа иддырбеит амузеи ашҭаҿы иҟоу анкьатәи аҧсыжратә ргыламҭа – аҳаҭгәын. Анаҩс ахәыҷқәа мҩахыҵит Иури Воронов имемориал ахь. Уаҟа дара ирзеиҭарҳәеит аҵарауаҩ иҧсҭазаареи иусуреи зызкыз.

Уи анаҩс ашколхәыҷқәа аҭааит аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дмитри Гәлиа иҩны-амузеи. Ауадақәа рҿы имҩаҧгаз аекскурсиа хада анаҩсангьы, аҭааҩ қәыҧшцәа иддырбеит ашәҟәыҩҩы изкыз афильм, ирзаҿаркит амузеи аҿы еиҷаҳаны ирымоу апоет ибжьы зныз аудионҵамҭа.

«Ишдыру аиҧш, 2024 шықәса Дырмит Гәлиа ишықәс ауп ҳәа ирылаҳәоуп. Убри инамаданы, иаҳҭаауа рхыҧхьаӡара кырӡа иацлеит. Ҳгәы иаахәоит ақалақьуаа рыдагьы, иахьеиҧш ақыҭауаагьы ахьаҳзымҩахыҵуа. Дырмит Гәлиа аҧсуа қыҭеи, уи акультуреи, ахатәҟазшьақәеи иҷыдоу бзиабарала дырзыҟан», – лҳәеит амузеи аиҳабы Светлана Корсаиа.

Уи лажәақәа рыла Арасаӡыхьтәи ашколхәыҷқәа апоет ирҿиара иазкны ирдыруа аҩаӡара ҳаракуп, уи алагьы ирылукаартә иҟоп. Урҭ аӡәаӡәала Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа ирыҧхьеит. Анаҩс Аконгресс аусзуҩцәа рыцны, аекскурсантцәа Аҟәатәи амаамын ааӡарҭахь рҿынархеит. Даҽазныкгьы аекскурсиа маҷ!

Амаамын ааӡарҭа аҭаара, амш иалагӡаны ахәыҷқәа ирбаз аҟнытә иаҳа илахҿыхын ҳҳәар ҳалшоит. Маҷк ишшәозгьы, ашколхәыҷқәа рҽазыршәеит ааӡарҭаҿы иҭакыз амаамынқәа акрырҿаҵареи рыцклаҧшреи. 

«Еиҿкааз аекскурсиа даара илахҿыхын. Ирацәоуп иҿыцны иаҳдырыз! Зегь реиҳа ҳгәалаҟазаара шьҭнахит амаамын ааӡарҭа аҭаара, избанзар ирацәаҩуп дунеихаан арахь имҩахымҵыцыз», – лҳәеит аҵаҩы Миранда Амҷҧҳа. 

Аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп апроект «Аимадара» ацҵареи агеографиатә ҳәаақәа рырҭбаареи.  

«Ахәыҷқәа рылаҧшҳәаа арҭбааразы  Аҧсны еиуеиҧшым аҭыҧқәа рахь ргара анаҩсгьы иаҳгәиҭоуп. Иахьатәи ҳекскурсиа иалагӡаны, ахәыҷқәа ирзааҳхәеит Аҧсуа драматә театр аҿы еиҿкаахо аспектакль «Иареи лареи» ахь абилеҭқәа. Аспектакль ықәыргылоуп Д. Гәлиа ирҿиамҭа «Арҧызбеи аҧҳәызбеи рысаламшәҟәы» амотивқәа рыла», – ҳәа азгәеиҭеит Херсон Симониа. 

Хҭысла ибеиаз амш хыркәшан Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәаҿы. Иара убасгьы Аконгресс амчқәа рыла ашколхәыҷқәа рзы еиҿкаан шьыбжьхьа.


Апроект «Аимадара» азынархоуп аҿар рыбжьара Аҧсны акультуратәи аҭоурыхтәи аҭыҧ ҧшӡарақәа раларҵәара. Аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп анаҩсгьы атәыла ақыҭа школхәыҷқәа рзы аиҧш зеиҧшу аекскурсиақәа рымҩаҧгара.