506

Апроект «Аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа» аетапқәа ируакын рашәарамза 28 инаркны ҧхынгәымза 11-нӡа Ҭырқәтәыла имҩаҧгаз амастер-классқәа. Аделегациа иалахәын: аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа, аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы аметодист, Аҧсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба, арежиссер Дауҭ Логәуа. Аусмҩаҧгатә аиҿкаараҿы ацхыраара ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра аполитикатә зҵаарақәа рзы Аҵаҳәаҩ Џьансыхә Лазба. Аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа ахьынхо атәылаҿацә - Сақариа ҳгәыҧ имҩаҧнагеит аҧсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазкыз амастер-классқәа. Урҭ рхыркәшара ашьҭахь еиҿкаан 15-18 шықәса зхыҵуа ахәмарҩцәа рыла ишьақәгылаз агәыҧ.