649

Ҟазарак аҳасаб ала амҿы аус адулара Аҧсны абзазаратә ҧсҭазаара иузаҟәымҭхуа иадҳәалан. Уи иалырхуаз даара ирацәан: анхарҭатә ргыламҭақәа, аҩнымаҭәа, абзазаратә маҭәарқәа, аџьатә маругақәа, аиҭанаиааигақәа - аҧсуа еснагь абна дадҳәалан.

Ҳаамҭазтәи анапҟазацәа амилаҭтә ҵасқәа ишрыцырҵо, аҧсуаа рыҩны азааигәара изҳауаз аҵлақәа зҧырымҟоз, амҿымаҭәахә аус адуланы, еиуеиҧшым амаҭәар шьарқәа шалырхуа - абарҭқәеи егьырҭ азҵаарақәеи ҳрылацәажәоит «Зыҧсы ҭоу аҟазара» изаамҭанытәиу аҭыжьымҭаҿы.