Ааигәа Аконгресс Аҟәатәи аофис иаҭааит еицырдыруа аҽыбӷаҟаза-спортсменцәа Харлами Наталиеи Шәманиаа. Урҭ алацәажәеит рыҧсҭазаареи рыспорттә нысмҩеи рыҟнытә аҭоурыхқәа, ирҳәеит ауаҩы зынӡа дазыҧшӡамкәа иразҟы аҽеиҭакра ҟазшьас ишамоу, иара убасгьы аиааирахь игаз рымҩа аҧынгылақәа ишырхысуаз атәы. Аицәажәара иалҵшәахеит аҽыбӷаҟаза, СССР ҧшьынтәны ачемпион, СССР Ахраҿа ҩынтә зҽаҧсазтәхьоу, СССР аспорт азҟаза, Аҧсны зҽаҧсазтәыз азыҟаҵаҩ «Ахьдз-Апша» аорден III аҩаӡара акавалер Харлам Шәманиа изку анҵамҭа.
Есма Гәаланӡиаҧҳа
Инысымҩа алагамҭеи азанааҭтә шьҭыҵреи
Ачемпионхара зҧеиҧшыз аҷкәын аҽқәа рахь абзиабара изцәырҵхьан дхәыҷаахыс. Харлам иаб аҽтәы кавалериа далан, Адунеизегьтәи аибашьрақәа ҩба дырхысит, иҭынха гәакьа Валери Шьаҟрыл занааҭла дҽыбӷаҟазан, иашьа Дмитри иакәзар – амилаҭтә хәмаррақәа инапы рылакын. Лыхны еснагь аҽқәа нҵаны ирыман аҟнытә, Харлам дшыхәыҷӡаз аҽқәа дрышьцылеит, ауаҩы изааигәоу арҭ аҧстәы хазынақәа аамҭа рацәаны ирықәирӡуан. Харлам дышқәыҧшыз Гәдоуҭатәи аҽыбӷаҟазаратә школ даҭаауа далагеит. Уаҟа иара дазыҟарҵон Лев Папба, Валери Шьаҟрыл, Дулаҭбеи Ачба. Харлам иқәра анынаӡа, аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ҳаракы иҽаҧсеитәхьан. Арратә маҵура ихигон Қарҭ, аспортротаҿы, уаҟа СССР еицырдыруаз аҽыҩ Владимир Распопов инапхгарала иҽазыҟаҵарақәа ирыциҵеит.
Аспорттә еизарақәа руак аҿы аинтерес зҵоу ахҭыс ҟалеит. Зегьы ишырбоз Распопов дидҵаалеит Қырҭтәыла еизгоу агәыҧ азыҟаҵаҩ еиҳабы:
– Мшәан, Шәманиа изы мацароума мызкы зқьмааҭ заҳшәо?
– Дысшәырба иара иеиҧш гәыкала зҽазыҟазҵо даҽа спортсменк, – иҳәеит Распопов.
1977 шықәсазы аҿартә хәмаррақәа рашьҭахь, Шәманиа еицлабрала СССР аҿар еизгоу ргәыҧ далалеит, 1981 шықәсазы – Асовет ҳәынҭқарра хыбгалаанӡа хадара злоу аилазаарахь диаргеит. Ари аамҭа иалагӡаны иара ҧшьынтә СССР дачемпионхеит, СССР ажәларқәа рспартакиадаҿы аџьаз иҽаҧсеитәит, активла дрылахәын Европеи адунеи рчемпионатқәа.
Аспорт ду ахатәы ҧҟарақәа амоуп — 80-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Шәманиа нхара ҳәа Урыстәылаҟа диасит — дынхон Москва, Ростов, анаҩс дазыхынҳәит иахьа уажәраанӡа иҭаацәа иманы дахьынхо аҳҭнықалақь.
Аҽы ауаҩы иҩызоуп
Аҽыбӷаҟаза изанааҭтә нысмҩа иалагӡаны аҽқәа рацәаны инапы иҵихуеит: ишакәхалакгьы ҽыки-ҽыки еибамҧсахыр ауам, ауаҩгьы ари «аканвеиер» дашьцылоит. Аха дарбазаалак аҽыбӷаҟазаҩ шәиазҵаар – ишәаиҳәоит иҧсҭазаараҿы зегь реиҳа бзиа иибо, аҭыҧ хада аанызкыло аҽы ахьӡ.
Асовет аамҭазы СССР аизга алахәцәа рзы еиҿкаан аҽқәа ролимпиатә резерв агәыҧ. Аҽқәа азыҟарҵон уи аус бзианы издыруаз ауаа, анаҩс аспортсменцәа ирзыршон. Херсон зыхьӡыз аҽқәа руак агәы иадҳәалаз ачымазара адырбалеит. Уи иахҟьаны Аҧсны инхоз Харлам Шәманиа ирҭарц рыӡбеит. Изҩыдоу амшынтә ҳауа иара атәы ҟанаҵеит, аҽи аҽыбӷаҟазеи ӷәӷәала еилаҵәеит.
«Уи даара ибзиаз ҽын. Ауаҩы иеиҧш зегьы еилнакаауан, Иара сақәтәаны схы аласырхәит Асовет еидгыла Аҧхьахә, СССР ачемпионат, иара убасгьы Голландиа, Франциа, Италиа. Сашьа аҧа данихылҵ, уи ихьӡырҵаша иҵасҳәарц дысзасит. Сара ус иасҳәеит: «Умгәаауазар, Херсон ҳәа ихьӡаҳтәып». Ус иагьыҟарҵеит», – иҳәеит Харлам Шәманиа.
Уи адагьы ари ахьӡ ҳҭаацәатә хьыӡқәа заманала ирышьашәалеит – Харлам иаҳәшьцәа ирыхьӡуп Хана Хьыма, иҧҳа еиҳабы илыхьӡуп Хатуна, аиҵба – Христина.
Аспорт ду иацу ауадаҩрақәа
1988 шықәсазы Шәманиа дызлахәыз аспортсменцәа ргәыҧ Сеул имҩаҧысраны иҟаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҽазыҟарҵон. Аҵыхәтәантәи алҧшааратә етап еиҿыркааит Чутово. Аицлабра ахьымҩаҧысуаз аҽырҩрҭа даара ишыуадаҩызгьы, Харлам илшеит қәҿиарала аҧышәарақәа зегьы дырхысны Аолимпиадахь ицо ргәыҧ даҵанакыртә еиҧш аҟаҵара. Аха игәыхәтәы дахьырмыгӡеит.
«Асааҭ 4 рзы аҽқәа рҭыҧ иқәҵаны ҳашьҭалеит. Шьымҭан, асааҭ 8 реиҧш ҳааизар, сыла ишабоз, милаҭла илатышыз спортсменки, азыҟаҵаҩ Виктор Ненахови сҽы аҭра иҭыргеит, аҩналарҭа иныларгыланы аҧхьатәи аҽеимаақәа аҵырхит. Анаҩс, азыҟаҵаҩ хада Олег Оводов аҭел изасын, Херсон иҽы аҩшьапык цыркьуеит ҳәа иарҳәеит. Сара Оводов иҟалаз сеилиркаарц санидҵаала: «Имҩаҧысуа саргьы исзеилкаауам. Сеулҟа аҵыхәтәантәи азыҳәанҵа сышьҭуан. Уҽы цыркьуеит ҳәа ансарҳәа, асиа уанысымҵаӡеит» иҳәеит иара. Ари аҩыза ансаҳа, илақәа снархыҧшылан: «Шәызегьы ахәымгақәа»– сҳәеит».
Сеул имҩаҧысыз аицлабрақәа рҿы СССР аизга алҵшәа бзиақәа аадырҧшит, егьырҭ алахәҩцәа кырӡа ираҧасит, аха цасҳәа иҟалазшәа агәыҧтә зшьараҿы медалькгьы рзымгеит.
Ари аҭоурых хыркәшахеит 30 шықәса анҵы, Оводов Харлам Шәманиа аҭел данизас. Усҟан аспортсменцәа гәаартыла еицәажәеит.
«Ԥхынҷкәынмза 31 сымшира азгәаҳҭон, ашықәс Ҿыц ааира ҳазыҧшын. Ус, Оводов исыдиныҳәаларц аҭел дысзасит. Ҳаицәажәараан инамҩатәны ус иҳеит: «1988 шықәсазы, Сеулҟа ацара ҳҽаназыҟаҳҵоз ишакәым ҳузныҟәеит. Уи азы уҿаҧхьа аҭамзаара шьҭасҵар сҭахуп». Арҭ ашықәсқәа зегьы усҟан мчыла идырҟаҵаз, ишсызныҟәаз гәнигозар ҟаларын. Уи аицәажәара ашьҭахь хышықәса анҵы, Оводов идунеи иҧсахит».
Апортсмени аҵарауаҩи
Иџьаушьаша, Владислав Арӡынбеи Харлам Шәманиеи еибадырит Москва, Курсктәи авокзал аҿы. Усҟан Арӡынба аус иуан СССР аҭҵаарадыррақәа ракадемиа мрагылараҭҵаара аинститут аҿы. Уаҟа аҵарауаҩ иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәлар жәытәқәа рҭоурыхи ркультуреи. Шәманиа иакәзар, Асовет еидгыла дачемпионын.
Аспортсмени аҵарауаҩи еиқәшәеит Аҧснынтәи анашьҭымҭақәа ирҧылоит ҳәа апоезд иахьазҧшыз аперрон аҿы. Аибадырра хациркит Арӡынба: «Саҭамзааит, Харлам Шәманиа шәакәӡами?» - ҳәа дҵааит аҵарауаҩ. Ҩыџьа аҧсуаа еибадырын, рҭел аномерқәа еимырдеит. Уи ашьҭахь Арӡынба Шәманиа сасра диҧхьеит, анаҩсгьы ҭелла еицәажәалон, аиҩызара рыбжьалеит.
«Аибашьра ианалага сусқәа зегьы кажьны Аҧсныҟа сеихеит. Пицунда иӡхыҵыз аӷба сшааҭыҵыз, иаразнак Арӡынба иштаб ахь сҿынасхеит. Уи схы инаркны сшьапы аҟынӡа сааимидан, ус иҳәеит: «Ара иҟоуҵозеи? Уара узҿу заманала иаҳдыруеит. Акультуреи аспорти ҳамамзар ҟалом. Уанаҳҭаххалак уҳаҧшаауеит, уажәазы уахьааз уца, узҿыц уаҿыз. Араҟа ҳамч азхоит». Сара дунеихаан схы ӡырсымгацт, џьара цхыраарак ҟасҵеит ҳәа смыҽхәаӡац. Иҟан ауаа, ихәарҭоу акы аҟаҵара иахьӡаанӡа, зыхьӡ телехәаҧшрала ирҳәозгьы».
Кыршықәса анҵы, Арӡынба ҽыла Ауадҳара дхалоит ҳәа ниаҳа, Харлам Шәманиа иӡбеит еицырдыруа амаршал Жуков идикылоз Аиааира Апарад азы ҷыдала ирӡахыз акәадыр ҳамҭас ииҭарц. Арӡынба ари аҳамҭа уамашәа ибеит, иҩыза ииҭеит хәызмоу ахаҳә ала иҩычоу аҳәызбеи, ахьтәы ҩыгеи. «Аҧа думоума?» - ҳәа дсызҵааит иара, «Духшозар, ари аҩыгала ихьӡ анҵа» - иҳәеит Арӡынба.
«Сыршьуазаргьы, афырхаҵа ишиқәнагоу аиҧш абираҟ кны аҧсра саҧылоит!»
1992 шықәсазы аибашьра алагара маҷк шагыз, Аҟәа ареспубликатә стадион аҿы имҩаҧысуан Жәлар реизара. Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараҿы ишьақәдырӷәӷәаз Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ауаа рҿаҧхьа ицәырыргар акәын. Зышәагаа 1,5х70 сантиметр иҟаз абираҟ ашьҭыхра инапы ианырҵеит Харлам Шәманиа.
«Ҳара ҽыла астадион зегьы ҳакәшаны, абираҟ атрибунахь ихаҳгалар акәын. Уи аус Нхыҵ Кавказтәи ҷкәынаки сареи ҳнапы ианын. Аха абираҟ анагара зҭахыз рацәаҩызаарын, сгәы сҽанырҵеит адәныҟа кәымжәыла еилаҳәоу џьоукы ҳамҩа кны ишыҧшу. Уи ансаҳа сааицрашәан ус сҳәеит: «Иҟоу шәдыруоу, абыржәы сыршьуазаргьы, афырхаҵа ишиқәнагоу аиҧш абираҟ кны аҧсра саҧылоит!». Абри аасҳәан, абираҟ шьҭыхны, ҽыла сҿынасхеит» - ҳәа игәалаиршәоит аспортсмен.
Анаҩс уи абираҟ ҳаманы ҳаҳҭнықалақь аҧшаҳәа зегьы ҳахысит. Аҳәынҭқарратә символика ашьақәырӷәӷәара ашьҭахь хымз ааҵуаны, Қырҭтәыла архәҭақәа Аҧсны иалалеит. Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны, аҧсуа еибашьцәа ахақәиҭреи ахьыҧшымреи иршьанахаз ҳбираҟ иаҵагылан.
Аҽытә ҭаацәара
Харлам Шәманиа иҧшәмаҧҳәыс Наталиеи рынасыҧ еилазҵаз аҽыбӷаҟазароуп. Аицлабрақәеи аҽырҩрақәеи иргәылганы, аҧсҭазаараҿы хаҵеи-ҧхәыси хеибарҭәааны, ргәы еибарӷәӷәауа рыспорттә гәаҳәара иашьҭоуп. Наталиа – урыстәылатәи аҽыбӷаҟазара аиаҵәахәқәа дыруаӡәкуп – аспорт азҟаза жәларбжьаратәи акласс лҽаҧсалтәхьеит, ақәыҧшцәа рыбжьара СССР 3-нтә дачемпионхахьеит, Урыстәыла ачемпионатқәа рҿы 6-нтә аиааира лгахьеит. Аицлабрақәа дырзыҟазҵо лыҧшәма иоуп. Ари аҭаацәа аус здыруло- рхала ирааӡо аҽқәа роуп, уи алагьы адунеи иадырбоит Урыстәыла ишалшо ҳәаанырцәынтәи иаамгакәа, аҭыҧаҿы аҽы ҭуӷанқәа разыҟаҵара шрылшо.
Лани лаби рымҩа дануп аспорт аҿы аихьӡарақәа раарҧшра иахьӡахьоу рыҧҳа Христинагьы.
«Ҳаҧҳа лпедагогикатә диплом аамҭала иаанлыжьит. Ҳгәы иаанагон дызҳар лгәы ахшәоит ҳәа, аха ус иҟамлеит, аспорт дазҟазахахьеит, маҷ-маҷ ахәыҷқәа азыҟалҵоит. Сыҧҳаи, сареи, иара убасгьы ҳара ҳҿы зҽазыҟазҵо даҽа ҭыҧҳакгьы ҳаклуб ахьӡала гәыҧны ҳақәгылеит Урытәыла Ахраҿа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз атәылаҿацә Ахраҿа азықәҧараан, аиааирагьы ҳгеит» – лҳәоит Наталиа Шәманиа.
Аҧсны аҽыбӷаҟазара иазкны
Асовет аамҭазы Аҧсны имаҷмызт зылшамҭақәа ҳаракыз аҽыбӷаҟазацәа. СССР жәлар рыспартакиада аҧхьа имҩаҧысуан Қырҭтәыла Аспартакиада. Уаҟа Аҧснытәи аҽцәа еснагь аиааира ргон – ахыхкеицлабраҿы, абжьараҿы, аҧынгылақәа рхыҧараҿы. Аибашьра ашьҭахь аклассикатә спорт аҳасаб ала аҽыбӷаҟазара ыӡит, иаанхаз акәзар – аҽыҩцәа реиндаҭлареи жәлар рыхәмаррақәеи роуп.
«Даараӡа ибзиан ҳаспортсменцәа. Рыцҳарас иҟалаз, урҭ маҷны иаанхеит. Жәлар рыхәмаррақәа хаз ҭоурыхуп. Аҽыбӷаҟазаратә спорт аклассикатә хкы СССР азҟаза ҳәа ҧшьҩык роуп иҟалахьоу. Урҭ рахьтә, Алеқсеи Лакрба ааигәа 90 шықәса ихыҵит. Сара снаҩсан, иара убасгьы уахь иаҵанакуеит Авқсенти Ҭарбеи Оҭар Ҷанбеи. Ирацәаҩуп зыдунеи зыҧсаххьоу. Даара исҭахуп аспорттә еиндаҭларақәа раан зџьабаа ӷәӷәоу ауааҧсыра ааҧхьара рырҭаларц, аҽыбӷаҟазараҿы реихьӡарақәа рхадмыршҭырц. Уи зысҳәо гәалак сымоуп ҳәа акәӡам, мап, аха ауаа рчемпионцәа рыхьӡ ргәалашәозароуп. Ҳара аҧара, ма ҳамҭак ҳҭахӡам. Ауаҩы далкааны ихьӡ аҳәара аҳарџь аҭахым. Аха иазгәасҭар сҭахуп, Ҭарашь Ҳагба (аред. изгә. Аҧсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы) заҵәык еснагь аҭел дшасуа, ҳшигәалашәо», – иҳәеит Шәманиа.
Ахаҭабзиара адырга.
Харлам Шәманиа иаҧшьгарала Москва изныкымкәа имҩаҧысхьеит «Аҧсны Ахраҿа» агаразы аҽырхәмаррақәа – ҩынтә аҽырыҩра-спорттә комплекс «Битца», ҩынтә АСК «Пегас», знык АСК «Виват, Россия!» 2024 шықәсазы. Арҭ аицлабрақәа еснагь алахҿыхра рыцын, аҟыбаҩ злоу аҽцәеи уи аспорт хкы бзиа избо ахәаҧшцәеи еидызкыло хҭысхон.
Испорттә кариера аанижьхьеит, аха Харлам Шәманиа аҽыбӷаҟазаратә спорт дахәҭакуп – 68 шықәса шихыҵуагьы, активла азыҟаҵаратә ус инапы алакуп. Иахьатәи аамҭазы ажәла Шәманиа брендуп, ахаҭабзиара адырга иаҩызоуп. Ари зегьы идырҵабыргуеит аспортсмен ҩынтә аиааира шиго – раҧхьа, аицлабра хаҭала иҽалархәны, анаҩс, абиҧара ҿыцқәа аҳаракыра дуқәа рахь ихазгало азыҟаҵаҩ иаҳасаб ала.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.