АААК амузыкатә проект — Егзакь ифонд ацхыраарала Аконгресс агәыҧи амузыкант акомпозитор Абзагә Марыхәбеи имҩаҧырго ҟазаратә проектуп.

Алиса Хәытаба 

2024 шықәсазы апроект иалҵшәахеит амузыкатә композициақәа 10. Урҭ нарыгӡеит Гәдоуҭа, Афон Ҿыц, Ҷлоу, Тҟәарчал, Лыхны, Очамчыра, Гәылрыҧшь инхо ахәыҷқәа. 

Амузыкатә проект хықәкыс иамоуп ахәыҷтәы музыкатә контент ҿыц аҧҵара. Апроект шьаҭас иамоуп ахәыҷқәа Аҧсадгьыл абзиабареи аамсҭашәареи рылааӡара, абаҩхатәра злоу анагӡаҩцәа – авокалистцәа ралҧшаара, адгылара рыҭара. 

Амузыкатә проект алахәцәеи аиҿкааҩцәеи реиҧылара мҩаҧысит АААК Аҟәатәи аофис аҿы. Уи иалахәын астудиа «Соло» анапхгаҩы ашәаҳәаҩ Фрида Берзениаҧҳа, абаҩхатәра злоу ҳәа иалыркаауа Елана Карамышевеи Асиаҭ Ладариаҧҳаи. Аҟазарақәа рзы Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы школа «Унисон» аҵаҩцәа инарыгӡеит амузыкатә проект ҿыцқәа ҩба.

Аҿар аус рыцуреи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа далацәажәеит аихшьаалатә концерт аҽазыҟаҵара шымҩаҧысуаз атәы. 

«Ҳтәыла хәыҷуп, аха абаҩхатәра злоу аҿар рацәоуп. 2023 шықәсазы ихацҳаркыз агәаҭаратә проект иаҳнарбеит ари аҟәша арҿиара шаҭаху, анаҩсгьы абаҩхатәра злоу аҿар алкааны адгылара шрыҭатәу. Аҧсны араионқәа зегьы ҳархысит, ахәыҷқәа лабҿаба идырбаны ирзеиҭаҳҳәеит амузыка шеиқәдыршәо, аус шадыруло, иара убасгьы ашәаҳәара бзиа избо ахәыҷқәа рыбжьы ҳазыӡырҩит, амастер-классқәа рзымҩаҧаҳгеит», - ҳәа азгәеиҭеит иара. 

Апроект ӡырыргеит уи азы уамашәа ианаалаз АААК аофис аҟны. 

«Рыцҳарас иҟалаз, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны иалахәқәамызгьы ыҟоуп, аха аусура мҩаҧгоуп, алҵшәақәа ҳдыргәырӷьоит»  — иҳәеит Берзениа.

Астудиа «Соло» анапхгаҩы Фрида Берзениаҧҳа аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа раҳәауа, напхгара зылҭо астудиа ахәыҷқәеи лареи имҩаҧыргаз аусура далацәажәеит. 

«Ҳара ҳазҿу амузыкатә ҟазара алааӡара мацара акәӡам. Иара убасгьы хықәкыс иҳамоуп ахәыҷқәа рхатәы бызшәа агәыблыра дыркра, хатәы бызшәала ашәақәа рынагӡара ргәарҧхара. Сҵаҩцәеи сареи гәахәара дула ари апроект ҳхы алаҳархәит, иҭабуп ҳәа расҳәоит уи аиҿкааҩцәа», - ҳәа азгәалҭеит лара. 

Абзагә Марыхәба иазгәеиҭеит аҟазацәа рыҿцәажәара анаҩсангьы апроект ишалнаршо алахәцәа рхалаҿиара. 

«Алахәцәа рхала аклипқәа ҭырхит, ашәақәа ҭарҩит. Ари ҧшьгамҭа бзиоуп. Ахәыҷқәа рыҿиареи, урҭ рылшарақәа аҵыхәанӡа раарҧшреи, рҟыбаҩ адгылареи жәаҳәарада аҵак ду амоуп. Мусса Егзакьи АААКи рыхьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи иҭабуп ҳәа расҳәоит абаҩхатәра злоу ҳҿар ҧхьаҟагьы рыҿиара иазааҧсо ауаа зегьы», - иҳәеит иара.

2023 шықәса инаркны ари апроект рхы аладырхәит 150-ҩык инареиҳаны авокалистцәа, иҭарыҩхьеит ҩажәа инарыцны ашәақәа.