Санкт-Петербург инхо аԥсуа-абаза диаспора реиԥылара раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит АААК аԥшьгарала.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥшьгарала еиҿкааз аԥсуа-абаза милаҭ рхаҭарнакцәа реиԥылара раԥхьаӡа акәны Санкт-Петербург имҩаԥысит амҽыша, абҵара 11 рзы.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ицхырааҩ Кан Ҭаниа еиҭеиҳәеит аусмҩаԥгатә хықәкы хадас иамоу атәы: Санкт-Петербург инхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реибардырра, реимадарақәа рышьақәыргылара. Ҭаниа иазгәеиҭеит, ари ахықәкы шынагӡоу, уи моу ԥхьаҟатәи аиҿцаарақәеи, еиуеиԥшым ахеидкылақәа реиҿкаареи рыӡбахәгьы ишалацәажәаз.

«Иаҳҳәап, ицәырган аԥсуа-абаза жәлар рыкәашаратә ансамбль аиҿкааразы аидеиа, иара убас аспорттә команда аиҿкааразгьы, анаҩстәи абаза жәлар рыхәмаррақәа ирылахәхаша. Агәра ганы ҳаҟоуп, аибадырра ҿыцқәа аиҩызарахь ишкылсуа, аидеиа ҿыцқәеи апроект ҿыцқәеи шииуа, урҭ зегь ҳәарада инагӡахоит, хәҭакахьала АААК ацхырааралагьы», – иҳәеит Кан Ҭаниа.

Иара еиҭеиҳәеит убасгьы, ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз аконцерт аҟны ишықәгылаз Санкт-Петербург инхо аԥсуа, абаза артистцәа, иара убас аҭыԥантәи адыга кәашаратә ансамбль «Нарҭ».

Аиԥылара далахәын Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба. Иара ииҳәаз игәаанагарала, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аԥсуа-абаза диаспора реидкылара иацхраауеит, уажәы иахьымҩаԥысыз Санкт-Петербург ақалақь аҿы мацара акәымкәа, адиаспора ахьынхо егьырҭ атәылақәа рҟынгьы.

«Даараӡа исгәаԥхеит. Аристцәа ҿарацәа срыцықәланы скәашар сҭаххеит. Зегь шьахәны еиҿкаан, иазхәыцын. Насыԥ сымоуп абас еиԥш ахҭыс хазына сахьалахәыз», – иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Игор Ахба инаҵшьны иазгәеиҭеит, аԥсуа-абаза жәлар рбызшәеи, ркультуреи, рытрадициақәеи рыхьчараҿы, иара убас Аԥсны иазку иҵабыргу аинформациа адуеи аларҵәараҿы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс инанагӡо ароль хада.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥшьгарала еиҿкааз аԥсуа-абаза милаҭ рхаҭарнакцәа реиԥылара
© АААК

Санкт-Петербург иҟоу Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика есымшатәи ахаҭарнак Шамил Курбанов, ари ахәылԥаз иаҭааз иакәзаргьы, аиԥш зеиԥшу аиԥыларақәа аҵак ду рымоуп ҳәа азгәеиҭеит.

«Урҭ хымԥада имҩаԥгалатәуп, ҳауаажәлар лассы-лассы еибабаларц азы, иааигәаны еибадырырц, доусы дзакәу, дзызҟазоу ааирԥшырц азы. Ҳаицгәырӷьаларц азы абас ҳаиқәшәалароуп», – ҳәа иажәа хиркәшеит Курбанов.

Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра >>    

ҞЧА иҟоу зхала зхы ҳәаақәызҵо, икоммерциатәым аилазаара «Алашара» анапхгаҩы Мураҭ Мыкәа иазгәеиҭеит, аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа адунеи ду иԥсаҟьаны ишалаԥсоу, урҭ реидкыларазы ашьаҿа ӷәӷәақәа шыҟаҵатәу.

«Ажәлар еидаҳкылар ҳҭахызар, еицны иҿиаларц, рҿаԥхьа ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбалартә иҟаларц азы, усҟан адунеи зегь иалаԥсоу ҳажәлар еидкылатәуп. Абра уаха ҳахьыҟоу ҳгәы иазҳауеит, агәахәара ду ҳнаҭоит ҳашьцәа абас еиԥш аҵак ду змоу аиԥылара ахьеиҿыркааз», – ҳәа иҳәеит иара.

Аиԥылара иаҭааит аҿар рацәаҩны, еиҳаракгьы Санкт-Петербургтәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рыстудентцәа, абаза жәлар рхаҭарнакцәа. Зегьы иазгәарҭон ахәылԥаз иамаз ацәаҩа ҷыда.

«Питер амра маҷны иԥхоит. Убри аҟнытә ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа уанрылахәу, Аԥснытәи амра абараҟагьы иԥхошәа угәы иабоит. Ҳхеибамыршҭлароуп, ҳаицхыраалароуп – ҳәа азгәалҭеит Аԥснытәи иааз астудент Арина Ҷкадуаԥҳа.

Санкт-Петербург инхо аԥсуааи абазақәеи абас мҽхакы ҭбаала имҩаԥысыз раԥхьатәи реиԥылара иалахәын 120-ҩык ауааԥсыра