Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵра азгәарҭеит Москва ақалақь аҟны, ахәаша, жәабран 22 рзы.

Саид Барӷанџьиа

Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵра иазкыз алитературатә-сахьаркыратә хәылԥазы мҩаԥысит Москва, жәабран 22 рзы. Ахәылԥаз еиҿнакааит Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа, Москватәи аԥсуа диаспора ацырхырааны.

Ахәылԥаз аҭааҩцәа дыруаӡәкын Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҭакзыԥхықәу Азинчмра нагӡа змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба. Иқәгылараҿы иара иазгәеиҭеит апоет Дырмит Гәлиа аԥсуа ҩыреи алитературеи рышьаҭакра адагьы амилаҭтә театр ахацыркра аҭоурых ахаҿгьы дышгылоу.

«Дырмит Гәлиа раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аԥиҵеит, уи шәышықәса ахыҵрагьы хара имгакәа иазгәаҳҭараны ҳаҟоуп. Абри ауаҩ ибзоураны ҳтәыла алитературеи акультуреи аӡбахә рылаҩит адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟны. Аԥсныҟа иаауа иалагеит аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа. Апоет иаԥҵамҭақәа ашколтә программа иалоуп, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аԥуп», – ҳәа Гәлиа илшамҭа дуқәа ахәылԥаз асасцәа иргәалаиршәеит Ахба.

Арҿиаратә хәылԥаз аҟны иқәгылаз аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иури Анчабаӡе иажәақәа рыла, апоет Дырмит Гәлиа иԥсадгьыл алахьынҵаҿы иааникылаз аҭыԥ раԥхьаӡа иргыланы, «атәыла ԥхьаҟатәи аҭоурых аҿиара амҩақәа ахьибаз» аҿоуп иахьыҟоу.

«Урҭ амҩақәа ибон асоциалтә-культуратә прогресс аҳәаақәа ирҭакны, европатәи аҵаралашареи, агуманизми, адемократиеи ишьақәдыргылаз ацивилизациатә идеиақәа шьаҭас измаз. Абраҟоуп рхы ахьыҵырхуа иусура ахкқәа зегьы: ижәлар алфавит рыҭара алзыршази, ипоезиа дуи, ипроза хазынеи», – иҳәеит Анчабаӡе.

Аҭоурыхҭҵааҩ иациҵеит Дырмит Гәлиа иԥсадгьыл патриот иашаны дшыҟаз. «Уи ипоезиатә цәаҳәақәа «Сыхаара сыԥсадгьыл, иҟалазеи, закәызеи...?» камертонк аҳасабала иаанхароуп, уи дықәныҟәаны дарбанзаалак атәыла аԥа иаҳа дахьамароу аҭыԥ аҿы иԥсадгьыл дахәароуп, уи аизҳазыӷьаразы, ижәлар рԥеиԥш лашазы амаҵ иулароуп», – ҳәа иԥҳьаӡоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор.

Аныҳәатә концерт иалахәын апоет Денис Чачхалиа, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны Жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа, аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат Амра Барганџьиа, амузыкант Абзагә Ҵәыџьба.

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, аԥсуа литература абду, Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диит, 1874 шықәса, жәабран 21 рзы Гәылрыԥшь араион, Уарча ақыҭан. 1912 шықәсазы Тифлис (Қарҭ – аред.) иҭижьит раԥхьаӡатәи аԥсуа шәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи». Дырмит Гәлиа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, алитературатә аԥҵамҭақәеи. Иара иоуп Аҟәа арҵаҩратә семинариаҿы еиҿызкааз раԥхьатәи адраматә кружок «Шарԥыеҵәа». Иара иаԥшьгарала ақыҭақәа ирылсуа иқәгылон 1921 шықәсазы еидикылаз раԥхьатәи атеатралтә труппа. 1919 шықәсазы Дырмит Гәлиа дҟалеит аԥсышәала иҭыҵуа иалагаз раԥхьаӡатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аредакторс. 1967 шықәсазы иаԥҵан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, иара еиднакылоит алитературеи, аҟазареи, архитектуреи ахырхарҭақәа. Апремиа анашьара мҩаԥысуеит ес-хышықәса.