Апрофессионалтә қәԥаҩцәа АААК аинфопортал иазеиҭарҳәеит иахьазы Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара спорт хкык аҳасабла аҿиара ишаҿу, уадаҩрақәас аҿаԥхьа иқәгылоу, перспективақәас иамоу, иара убасгьы дара рхатә спорттә ԥышәа атәы.

Саид Барганџьиа

Зхы иақәиҭу аиқәԥара ианакәзаалак Аԥсны бзиа ирбон, ашьапылампыли, акаратеи, абокси инарываргыланы. Иахьазгьы аиқәԥаратә залқәа ҭәуп: ақәԥаҩцәа ишхәыҷу нахыс аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит, анацәеи абацәеи рхәыҷқәа гәахәарала, Анцәа иџьшьаны, Аԥсны зхыԥхьаӡара маҷым азыҟаҵаҩцәа рнапы ианырҵоит. Ҳтәылаҿы зхы иақәиҭу аиқәԥара иацу иара ахатә уадаҩрақәа инарываргыланы иамоуп узықәгәыӷша аперспективақәагьы. Уи раԥхьаӡа иргыланы изыбзоуроу азыҟаҵаҩцәа ахәыҷқәа ирыларааӡо агәамчи, ахьамҵреи, аиааира аҽазышәареи роуп.

«Саб, Денис Царгәыш еиԥш сҟалар сҭахуп»

2012 шықәса, Лондонтәи Аолимпиада. Аԥсуаа зегьы ргәы хыҭ-хыҭуа ҳџьынџьуаҩ, Гәдоуҭатәи арԥыс Денис Царгәыш даиааиндаз ҳәа ахәмаррақәа ирыхәаԥшуан. Иара маҷк деиқәымшәеит, Аолимпиатә хәмаррақәа – 2012 рҟны аџьаз медал игоит. Аха уигьы қәҿиара дуӡӡан. Уи нахыс ихьӡ ажәлар ирылаҵәеит: Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟынтә аҷкәынцәа «Саб, Денис Царгәыш еиԥш сҟалар сҭахуп» ҳәа, аспортзалқәа рахь рхы дырхеит, зхы иақәиҭу аиқәԥара аҽазыҟаҵаразы еиҳагьы агәаҳәара рызцәырҵны.

Машәырӡам, лахьынҵоуп

Ахра Ҵәыџьба диит Аҟәа, даныҳәыҷыз нахыс цәала-жьыла дыӷәӷәаӡа дыҟан. Амчи, аилҟьареи, аспорт азҟазареи ишьа-ида иалан. Дышқәыԥшыз нахыс аспорт аҿы ақәҿиара аиура иҽазишәон: акробатикеи, каратеи рышҟа дныҟәон, аха иҩызцәеи иқәлацәеи есқьынгьы иарҳәон ақәԥара иҽазикыр, ихы бзианы изаарԥшуеит ҳәа. Ус иагьыҟалеит.

Иахьазы Ахра ихыҵуеит 24 шықәса, аха уажәнатә ирҳахьеит ақәԥареи, азыҟаҵареи рганахьала аԥышәа ду. Араҟа иазгәаҭатәуп аспортсмен азыҟаҵара аус дшазнеиз. Ахра ихаҭа иҿазыҟаиҵон Москва Аолимпиатә резерв аҟны, аха аԥсҭазаараҿы ишыҟалало еиԥш, амашәыр иахҟьаны ахәахәара иоуит. Уи амшала ихатә спорттә кариера уа иҿахҵәоит. Аха ари ахҭыс аспортсмен иҿаԥхьа иаанартуеит иҿыцу амҩа: Ахра Ҵәыџьба иус дацәхьамҵит, ахәыҷқәа рзыҟаҵара иҽазикит, абар уажәшьҭа хәышықәса ҵуеит уи аус қәҿиарала даҿуижьҭеи.

«Иналукааша спортсменс уҟалар уҭахызар, абаҩхатәра мацара заҵәык маҷуп, агәамч умазароуп, аус уацәаашьар ҟалаӡом, аиааира уҽазушәозаруп», – иҳәоит Ахра Ҵәыџьба.

«Аԥсны аиқәԥара аҩаӡара ҳаракуп, абаҩхатәра злоугьы рацәоуп»

Азыҟаҵаҩ гәаартыла ишиҳәаз ала, иазыҟаиҵахьоу ахәыҷқәа зегьы рхыԥхьаӡара игәалашәом. Иахьазы иара игәыԥ аҟны рҽазыҟарҵоит 25-ҩык аҷкәынцәа, урҭ рыҟнытә қәрала иреиҵбаӡоу ирхыҵуеит 5-шықәса, иреиҳабӡоу – 15 шықәса.

«Аԥсшьарамшқәа аламҵаӡакәа есыҽны ҳҽазыҟаҳҵоит. Ҳара ҳтәылаҿы аиқәԥара аҩаӡара ҳаракуп, абаҩхатәра злоугьы рацәаҩуп. Ацхыраара ду ҳаиҭоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. Аԥсны азыҟаҵаҩцәа зегьы руалафахәы ахәҭак иара иоуп изшәо, убасгьы ацхыраара ҳаиҭоит иҷыдоу аспорттә маҭәахәқәа раахәараҿы», – иҳәоит Ахра Ҵәыџьба.

Зхы иақәиҭу аиқәԥара ԥхьаҟатәи аԥеиԥш далацәажәо, Ҵәыџьба иазгәеиҭеит, Аԥсны ишырацәаӡоу абаҩхатәра бзиа злоу, аҽазыҟаҵара иацәымаашьао, зхықәкы анагӡаразы аҽазышәара змоу аспортсменцәа, иара убасгьы ишмаҷым урҭ адгылара рызҭо ауаа.

«Иахьазы Аҟәа иаҳамоуп аспортзалқәа, уахь иныҟәо ахәыҷқәа рацәоуп. Аҭагылазаашьақәа зегь аԥҵоуп аҽазыҟаҵарақәа рзы. Ус шакәугьы, дарбанзаалак аспортсмен ипрофессионалтә ҩаӡара аизырҳаразы итәыла анҭыҵ имҩаԥысуа аицлабрақәа ихы рылаирхәлароуп. Аха ацарақәа-аарақәа еснагь изалыршахом, афинанстә зҵаара иахҟьаны.

Гәдоуҭа – «ақәԥаҩцәа реиҵааӡарҭа»

Ахра Ҵәыџьба иажәақәа дрықәшаҳаҭуп иколлега, аашықәса Гәдоуҭа азыҟаҵаҩс аус зухьоу Адам Цәеиба. «Азал аҟны аҽазыҟаҵареи, Аԥсны аҩныҵҟа мацара ақәгыларақәеи рыбзоурала иҳаракӡоу аихьӡарақәа раагара алымшар ҟалап», – иҳәоит иара.

Адам ихаҭа ақәԥара иҽазикит быжь-шықәса шихыҵуаз, иахьа уажәраанӡагьы бзиа иибо аус дацәхьаҵуам. Еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟны аиааира згахьоу азыҟаҵаҩ игәалаиршәоит ари аспортхк аҟны раԥхьатәи ишьаҿақәа шыҟаиҵаз. «Исхыҵуан 15 шықәса. Перм имҩаԥысуан Урыстәыла ачемпионат. Усҟаназы раԥхьаӡакәны абас еиԥш зыҩаӡара ҳараку аицлабра ҳхы алаҳархәуан. Уаҟа сара аиааира сзымгеит, аха аԥышәа ду соуит».

Адам изы акырзҵазкуа раԥхьатәи иааираны иҟалеит 2009 шықәсазы имҩаԥысуаз хынтә раан Аолимпиатә чемпионс иҟалахьаз Александр Медведев ихьӡ зху Жәларбжьаратәи ақәԥаҩ қәыԥшцәа рыбжьаратәи атурнир «Медвежонок» аҟны актәи аҭыԥ агара.

Азыҟаҵаҩ излаиԥхьаӡо ала, Гәдоуҭа ақалақь – «ақәԥаҩцәа реиҵааӡарҭа» ҭыԥуп: шықәсык аҩнуҵҟала Гәдоуҭа имҩаԥгахоит еиуеиԥшым аицлабрақәа ааба. Цәеиба иазгәеиҭеит, ацхыраара шрынаҭо Гәдоуҭатәи Аспорттә Еилакы, зхы иақәиҭу ақәԥаразы Афедерациа, Аԥсны аҵара аминистрра, иара убасгьы АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы.

Аспорти аԥсҭазаареи рҟны аиааира агара

Адам игәыԥ аҟны рҽазыҟырҵоит 20-ҩык ахәыҷқәа, хәышықәса инаркны 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Аҽазыҟаҵарақәа шамахамзар есыҽны имҩаԥысуеит.

«Сара сгәыԥ аҟны, ирацәаҩуп сзыҳәом, аха иҟоуп даараӡа абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа, ҳаԥхьаҟа ақәҿиара дуқәа раагара зылшаша», – иҳәоит Цәеиба.

Ҳара ҳахь иныҟәо зегьыҵәҟьа зымчемпионхаргьы, ма испортсменцәа хьӡырҳәагақәаны иҟамларгьы, зегь акоуп зхәыҷаахыс аспорт знапы алаку дарбанзаалак «дыԥхасҭаҳом», аԥсҭазаараҿы ак илҵуеит ҳәа иԥхьаӡоит атренер.

«Аспорт цәеижьла уахьарӷәӷәо адагьы, ухәыцшьа арҵаулоит, уаӡрыжәуеит», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп иара.

Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара акыршықәсатәи аҭоурых амоуп. Ари аспорт хкы аҿиара аиуит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьагьы: ҩаԥхьа иаатуа иалагеит аҽазыҟаҵаратә залқәа, азныказы аҭагылазаашьақәа зынӡа ишыхьанҭазгьы арԥарацәа аҽазыҟаҵарақәа рахь иныҟәон, ибжьарыжьуамызт. Аԥсыуала ақәԥара иаанаго – агәамч аизырҳароуп, ус анакәха аиааирақәа ҟамларц залшом аспорт аҿеиԥш, аԥсҭазаара аҟынгьы.