15768

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс хышәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ааԥхьара рынаҭеит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз ахәыҷтәы ныҳәа ду ахь.

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш, рашәарамза 1 азы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааит ахәыҷтәы ныҳәа. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа реиҳарак рҟынтә хышәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ареспубликатә Ахәыҷтәы реабилитациатә центри, агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьарази», Акультуратә-гәыҳалалратә Фонд «Ашанеи» хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәагьы.

АБРИ АТӘЫ ЕИҲА ИНАРҬБААНЫ >>

Аныҳәатә хәылԥазы иаҭааз зегьы ирзыԥшын амузыкатә сиурприз – Очамчыратәи ашәаҳәаҩ қәыԥш Саида Азизова лашәа ҿыц «Имариам амҩа» (акомпозитор Анри Гәымба) апремиера. Ари ашәа аԥҵан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥшьгарала. Ишәгәалаҳаршәоит, авокалтә конкурс «Орфеи» аҟны зегьы иреиӷьны аԥсуа ашәа анагӡаразы Саида Азизова ишланашьаз АААК иҷыдоу аҳамҭа – хаҭала лара лзы иаԥҵаз акомпозициа.

Ахәыҷқәа ирзырхиан аинтерес зҵаз аҵатәхәқәеи амастер-классқәеи: аԥсабарахьчареи, амҩатә ԥҟарақәеи, аԥсуареи, ақьиареи  аурокқәа, асахьаҭыхразы амастер-класс. Аныҳәа алахәцәа асфальт аҿы иҭыхуан, аҵәыршәраҿы еиндаҭлон, хәыда-ԥсада аршәы рфон, ҳамҭасгьы иԥшшәылоу аԥышҭарчқәа роуан. 
Ахәыҷқәеи урҭ ранацәеи рабацәеи аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәон аныҳәа хазыназы, АААК активистцәа рзы уи зегьы иреиҳау ҳамҭахеит ирбаз аџьабаазы.