Москва имҩаԥысит Москватәи Аԥсуа Диаспора хынҩажәатәи аиубилеитә еиԥылара.

Москватәи Аԥсуа Диаспора (МАД) аиубилеитә еиԥылара мҩаԥысит Москва хәжәкыра 25 рзы. Москва раԥхьаӡатәи аԥсуаа рмилаҭтә хеидкыла аԥҵан XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, аха официалла адиаспора ахы анакыз ҳәа ирыԥхьаӡоит 1958 шықәса.

«Аԥсуа хәылԥазқәа» еиҿкааны, аиԥыларақәа рымҩаԥгара атрадициа маншәалахеит, зегьы иргәаԥхеит. Ари аформат аԥсуаа еиднакылоит ахақәиҭреи агәырӷьареи зцу аныҳәатә атмосфера аҟны, уи абзоурала ауаа еибабоит, аинформациа ҿыци рыгәҭахәыцрақәеи еибырҳәоит, аибадырра ҿыцқәа ҟалоит. Ари аиубилеитә еиԥыларагьы ус имҩаԥысит. Аныҳәа аартра инапы ианцырҵеит зыхьӡ ахааназ адиаспора аҭоурых ианхало – Тарас Мирон-иԥа Шамба, Москватәи аԥсуа хеидкыла раԥхьатәи аиҳабы.

«Аԥсуа жәлар рхада» – абас оуп Тарас Шамба иофициалтәымкәа ишишьҭоу иԥсадгьыл аҿы – ахәылԥаз ахь нап ҭацәы дмааит.

«Ари аиԥылара даара ибзианы сҽазыҟасҵеит, – иҳәеит Тарас Мирон-иԥа, иахьатәи МАД аиҳабы Беслан Агрба «Зегьы иреиӷьу анапхгаҩы» ҳәа зныз амедал ианашьауа, иагьизеиӷьеишьеит «ҳаҭырла, ԥшӡала аԥсҭазаара».

Шамба игәалаиршәеит аԥсуа хеидкыла аусура раԥхьатәи ашықәсқәа, усҟангьы адиаспора ахаҭарнакцәа рҽазыршәон ажәлар ирыдҳәалоу, рдоуҳа иаҵанакуа иазкәызаалак акы баша ибжьамӡырц.

«Сара санстудентыз, исзеиҭарҳәон Нестор Лакәаба XX ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы Москва аԥсуаа еидикылон ҳәа. Нас сара сазхәыцит: ҳаргьы абас ахеидкыла заԥаҳамҵари ҳәа? Убас оуп зегь шалагаз», – ҳәа еиҭеиҳәон Шамба.

Ишаԥу еиԥш, марттәи аиԥыларақәа рахь адиаспора ааԥхьара рырҭоит Москва иҟоу аԥсуаа зегьы, егьырҭ атәылақәа рҟынтә Аԥсны аҩызцәеи, Урыстәылатәи, аҳәаанырцәтәи аполитикатә, акультуратә усзуҩцәа.

Сынтәа ари аныҳәа аԥшәма Беслан Агрба ааԥхьара ииҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Тарас Шамба иазгәеиҭеит АААК аусура аҵак ду шамоу, иара убасгьы адунеи атәылақәа 54 рҟны инхо аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа аус рыцура ихадароу ак акәны ишыҟоу.

«Аԥсуааи ашәуааи – жәларык ҳауп, аԥсаатә ҩ-жәҩак шамоу еиԥш, ҳаргьы ак иатәу ҩ-хәҭак ҳауп. Ҳхықәкы хада – ажәлар реидкылареи, ҳаԥсадгьыл ахы иақәиҭны ихьыԥшымны аҟаҵареи – иахьазы инагӡоуп. Уажәшьҭа анаҩстәи ҳусқәа Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь инапы ианаҳҵоит, – иҳәеит Шамба, «Акырӡа иаԥсоу ауаҩ изы» ҳәа хьӡыс измоу амедал Мусса Егзакь ианашьауа.

Егзакь еизаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Москватәи Аԥсуа Диаспора ԥхьаҟагьы аизҳазыӷьара азеиӷьишьеит, иагьазгәеиҭеит Москватәи адиаспора «ақәҿиара дуӡӡақәа шамазаауа» агәра шиго.

Мусса Егзакь дицны аиԥылара далахәын иара убас Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба.

Аԥсуа хеидкылақәа рхаҭарнакцәа еицҿакны ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны аҿиареи, аизҳазыӷьареи рзы рымчқәа шеибырҭо азгәаҭауа, иара убас адиаспорақәа зегь рахь ааԥхьара ҟарҵеит рҽеидыркыларц, аекономикеи, акультуреи, аспорти, аполитикеи рҟны аиааира ҿыцқәа ргаразы.

Ишьақәгылаз атрадициала ишаԥу еиԥш, МАД аиԥыларақәа рҟны иқәгылоит адиаспора рхыԥхьаӡараҿы иҟоу амузикантцәа, артистцәа. Сынтәа еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит адунеи аҿы еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩ нага Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Ашәаҳәаҩ еснагь гәахәарала адиаспора аиԥыларақәа лхы рылалырхәуеит.

Рықәгыларақәа рыла ахәылԥаз дырԥшӡеит иара убас Одиссеи Аџьынџьал, Саида Агрԥҳа, Тамара Воронова, адиаспора иаԥнаҵаз ансамбль «Амцабз» акәашацәа қәыԥшҵәа.

МАД аиубилеитә хәылԥазахьы Аԥснынтә иааз асасцәа дахьқәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа. Уи еизаз зегьы аԥсшәа реиҳәеит, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡалагьы адиаспора риубилеи рыдиныҳәалеит.

МАД 60 шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеи аҟны ааԥхьаратә ажәа иманы дықәгылеит Урыстәыла иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.
МАД 60 шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеи аҟны ааԥхьаратә ажәа иманы дықәгылеит Урыстәыла иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.
© Москватәи аԥсуа диаспора
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Натали Смыр даԥхьеит Аԥсны Апарламент МАД ахаҭарнакцәа рахь иҟарҵаз адныҳәалара.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Натали Смыр даԥхьеит Аԥсны Апарламент МАД ахаҭарнакцәа рахь иҟарҵаз адныҳәалара.
© Москватәи аԥсуа диаспора
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациа Москваҟа иааит МАД 60 шықәса ахыҵра иазку аиубилеи азгәаҭаразы.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациа Москваҟа иааит МАД 60 шықәса ахыҵра иазку аиубилеи азгәаҭаразы.
© Москватәи аԥсуа диаспора
МАД 60 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама Ауахәаматә хеилак ахантәаҩы Виссарион Аԥлиа.
МАД 60 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа дрылахәын Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама Ауахәаматә хеилак ахантәаҩы Виссарион Аԥлиа.
© Москватәи аԥсуа диаспора
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков Москватәи аԥсуа диаспора рахь ихы нарханы дықәгылеит.
Агәыҳалалратә фонд "Амшра" астипендиа зауа, абалерина қәыԥш Кристина Ҷкәатуаԥҳа дкәашеит Москватәи аԥсуа диаспора риубилеитә еиԥылараҟны. Афонд иҟанаҵаз ацхыраарала, Кристина аҵара лҵоит Агриппина Ваганова лыхьӡ зху Аурыс балет Академиаҟны.
© Москватәи аԥсуа диаспора

Аидеиа еиднакылаз

Иахьатәи МАД акоманда — инымҵәаӡо аенергиа злоу ентузиастцәоуп, урҭ даараӡа ибзианы ирылшоит аԥсуа диаспора ахьӡ аҭыгара, иааидкыланы Аԥсны ахыԥша бзиа адунеи аларҵәарагьы. Иахьазы адиаспора хыԥхьаӡара рацәала апроектқәа нанагӡоит, МАД ахаҭарнакцәа рынахыс урҭ ирылахәуп Аԥснытәи ҳтәылауаагьы.

Иаҳҳәап, аинтеллектуалтә хәмарра «Что? Где? Когда?» аханатә ишыҟаз еиԥш акәымкәа, адиаспора аҳәаақәа ирҭыҵын, уажәшьҭа уи рхы аладырхәуеит Аԥснытәи агәыԥқәагьы, урҭ Москваҟа раара еиҿнакаауеит адиаспора.

Есышықәса москватәи адиаспора аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш инадҳәаланы.

Итрадициахеит иара убас Аԥснынтә иааны Москватәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалаз аҿар есышықәсатәи рԥыларақәа. Арҭ аиԥыларақәа аҭахны иҟоуп, избанзар аҿар ирдыруазароуп ақалақь ду аҿы рхала ишыҟам, адиаспора аҟынтә ганрацәалатәи ацхыраара иазыԥшыр шрылшо.

Адиаспора ахаҭарнакцәа рхы аладырхәуеит есышықәсатәи акциа «Ԥсра зқәым аполк»: 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду иалахәыз Аԥсны аҵеицәа рфтосахьақәа кны, аԥсуа диаспора рҽеидкыланы, еишьҭагыланы ацәаҳәа иқәсуеит. МАД асаит аҟны иаԥҵоуп «Агәалашәара шәҟәы», уаҟа иарбоуп 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә Еибашьра дуи, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи ирылахәыз афырхацәа рыхьӡқәа. Адиаспора инеиԥынкыланы ацхыраара рынаҭоит агәыҳалалратә фондқәа «Ашана», «Кьараз» уҳәа егьырҭгьы.

Акрызҵазкуа проект ҿыцны иҟоуп «2025 шықәсанӡа Аԥсны арҿиаразы 25 шьаҿа» ҳәа хьӡыс измоу аекономикатә программа афинанстә дгылара аҭара. Апрограмма аԥырҵеит аилахәыра Strategy Partners Group аҟны, уи апрезентациа мҩаԥысит Аԥсны, 2018 шықәса, рашәарамзазы. МАД анапхгарагьы аспециалистцәа инарывагыланы активла апрограмма аԥҵара иалахәын. Ари апрограмма – иаарласны Аԥсны аекономика арҿиара иазынархоуп, абри ахырхарҭала амилаҭтә стратегиа ашьақәыргылара аус аҿы адиаспора иҟанаҵаз лагалоуп.

Адиаспора аҭоурых аҟынтә

Акыр жәашықәса раԥхьаҟа, иара иахьеиԥш, Урыстәыла реиҳа зхыԥхьаӡара рацәаз аԥсуа диаспорақәа нхон Москвеи Санкт-Петербурги ақалақьқәа рҟны. ХХ ашәышықәса 20-30-тәи ашықәсқәа рзы Москваҟа акәын еиҳарак иахьаауаз Аԥсны атәылауаа.

Аҭоурых иадыруеит, Аԥснытәи АССР раԥхьаӡатәи ахада, хьӡи-ԥшеи згымыз Аԥсны жәлар рԥыза Нестор Апполон-иԥа Лакоба лассы-лассы Москва даҭаацыԥхьаӡа иуаажәлар еидкыланы дышрацәажәоз, рыпроблемақәа еиликаауан, иахьынӡаилшоз урҭ рыӡбара дацхраауан. Арҭ аиԥыларақәа аформалтә ҟазшьа анрымаз ыҟан, иформалтәым ҟазшьала ианымҩаԥысуазгьы маҷмызт. «Аԥсуа хәылԥазқәа» рахь Нестор иааиԥхьон москватәи иҩызцәагьы. Ихамышҭыхәны иаанхоит Нестор Лакоба ҩызара ззиуаз еицырдыруа актриса Лиубов Орлова дызҭааз ахәылԥаз, уи ауха лара лашәақәа налыгӡон.

Нестор Лакоба иаԥшьгарала, усҟантәи аамҭазы Аԥсны ауааԥсыра Урыстәылатәи ауниверситетқәа рҭаларазы аквотқәа рзыҟарҵон. Москватәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны усҟан аҵара рцон 150-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуа студентцәа.

Убарҭ ашықәсқәа рзы ишьақәгылеит, иофициалтәымкәа акәзаргьы, Москва иҟоу аԥсуаа раԥхьатәи рхеидкыла. Аха уи ашьақәгылара аамҭазы аҭоурыхтә ҟыба-ӡыба хьанҭақәа ирхысыр акәхеит, Нестор Лакоба ишьреи, уи иашьҭанеиз аԥсуа диаспора рахаҭарнакцәа ррепресиақәеи ирыдҳәалоу. Убри аҟнытә аԥсуаа иахьыҟазаалакгьы еснагь изызхьуаз аидеиа – амилаҭ реизакра – анагӡара ҩаԥхьа изалмыршахеит.

ХХ-тәи ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рзы Аԥснытәи астудентцәа ҩаԥхьа аҭыԥқәа рзылхра апрактика хацыркхоит, уи абзоурала Москва ҩаԥхьа ԥшьаала аҽеиҿнакаауеит аԥсуа студентцәа реилазаара. Москватәи аԥсуаа рхеидкыла аԥҵара ашьаҭаҿы дгылоуп Аԥснытәи, Урыстәылатәи ауаажәларра-политикатә усзуҩы Аԥсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа (иахьатәи АААК) раԥхьатәи ахада Тарас Мирон-иԥа Шамба. Аԥсуаа реиԥыларақәа рзы иалхын арыцхә – март 4.

Тарас Шамба игәалашәарақәа рҟны иазгәеиҭоит, усҟан иара адгылара ширҭаз аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа хазынақәа Фатима Ашьхаруаԥҳа, Светлана Шамԥҳа, Гарри Кәанџьариа, Владимир Хышба.

Астудентцәа рхыԥхьаӡара есааира иацлон, аԥсуаа рхеидкылагьы хәыҷы-хәыҷла еизҳауан. Убас, Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Алықьса Гогәуеи Владимир Анқәаби анҭала нахыс, есымзатәи аԥсуаа реиԥыларақәа Алитинститут азеиԥшнхарҭаҟны имҩаԥысуа иалагеит ҳәа игәалаиршәоит Тарас Шамба. Урҭ рнаҩс истудентцәаны аинститут иҭалеит иахьа еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Мушьни Лашәриеи Џьума Аҳәбеи.

1958 шықәсазоуп инеиԥынкыланы аус зуа Москватәи аԥсуаа рхеидкыла анаԥҵаз ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи аахыс иара ахьыӡқәа акырынтә ишыԥсахызгьы, имҩаԥнагоз аусура еиԥҟьомызт.

Убас, 1989 шықәсазы Москва иаатит аԥсуа культура аилазаара «Нарҭаа», уи ахантәаҩыс дҟалеит иахьа Урыстәыла иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, уи ихаҭыԥуаҩыс – Иури Анчабаӡе. Ари аилазаара аԥҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Тарас Шамба, арежиссиор Нелли Ешԥҳа, ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер, иара убас Аԥсны бзиа избоз арҿиарауаа Белла Ахмадулина, Андреи Битов, Римма Казакова, Борис Мессерер.

Аилазаара еиуеиԥшым аусқәа мҩаԥнагон, ахатә кьыԥхь «Алашара» аҭыжьра инаркны, аԥсуа бызшәеи алитературеи рышкол раԥхьаӡа акәны Москва аартра аҟынӡа. Уи ашкол аҟны директорсгьы, арҵаҩысгьы дыҟан Ирина Басариа.

Аха ԥсахра зқәымкәа иаанхоз еснагь ак акәын: москватәи аԥсуаагьы Аԥсны автономра аиура аидеиа рхы иҭыҵуамызт. Аилазаара «Нарҭаа» рхықәкы хадас иазԥхьагәарҭеит рыԥсадгьыл анҭыҵ апропагандатә усура амҩаԥгара. Ари аусура ахәҭакхеит Владислав Арӡынба инапхгарала усҟан Аԥсны имҩаԥысуаз аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара.

Москватәи аԥсуа диаспора рҳәоуеиқәшәаратәи ацхыраара даара ихәарҭахеит Аԥсназы, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра амца шыра ианҭагылаз. Аштабқәа рҿы ҽынлеи уахынлеи аусура еиԥҟьомызт: адиаспора ахаҭарнакцәа аԥара еизыргон, абџьари афатәи еидкыланы рыԥсадгьыл ахь ирышьҭуан, Аԥснынтә иаауаз ахҵәацәа ирԥылон, ахәцәа ахәышәтәырҭақәа рҟны ишьҭарҵон, аинформациатә фронт аҟны калам ԥынҵала еибашьуан. Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Гьаргь Гәлиа иҩны имҩаԥысуан Владислав Арӡынбеи Урыстәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәеи маӡалатәи реиԥыларақәа.

Аибашьра аԥсуа диаспора ракзаараҿы аҭыԥ ду ааннакылеит, адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли еиҳагьы еизааигәанатәит.

2011 шықәсазы Арегионалтә Уаажәларратә Еиҿкаара «Москватәи Аԥсуа Диаспора» (МАД) официалла ашәҟәы иҭаҩын. Ари аиҿкаара дахагылеит анаплакҩы, амеценат Беслан Родион-иԥа Агрба.

Абас иалагеит адиаспора аҭоурых ҿыц. Аԥышәа ду змоу адиаспора ахаҭарнакцәа еиҳабацәа рнапхгарала, аҿарацәа адиаспора аԥсҭазаарахь ҳаамҭазтәи атехнологиатә прогресс иашьашәалоу аҿыцрақәа аларгалеит, урҭ рыбзоурала рхаҭақәагьы еиҳау алшарақәа роуит рыԥсадгьыл аҽамадара арҭбааразы, адунеи иқәынхо аԥсуаа зегьы реидкыларазы.