Абыжьбатәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) аҩбатәи аилатәара мҩыԥысит Аҟәа аԥшьаша, хәажәкыра 22 рзы. Афорум аделегатцәа ишьақәдырӷәӷәеит Аԥҟаԥҵәа иҿыцу аредакциа, иагьышьақәдыргылеит ахеилак Иреиҳаӡоу Асовет.
Асҭа Арӡынԥҳа
VII-тәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) аизараду мҩаԥысуан Аҟәа ҩ-етапк рыла: хәажәкыратәи аилатәара – 2017 шықәса, ԥхынҷкәын 7-9 рзы имҩаԥысыз аиԥыларақәа ирыцызҵо акәны иҟалеит. Афорум актәи ахәҭа ҭоурыхтә хҭысхеит. Ауажәларратә хеилак аԥҵоижьҭеи, 25 шықәса раахыс, раԥхьаӡакәны уи анапхгара аҽаԥсахит. Уи иалҵшәаны АААК аханатә иахьа уажәраанӡа иамаз аԥхьагылаҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба имаҵураҭыԥ аҟны диԥсахит абаза хылҵшьҭра змоу, еицырдыруа амеценат, аҵарауаҩ, анаплакҩы Мусса Егзакь.
АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩыс дҟалеит Инар Гыцба, уаанӡатәи Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ахаҭарнак, иара убас Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ҭырқәтәылеи Марагылара Ааигәеи рыҟәша аиҳабыс иҟаз.
АААК аилазаашьагьы аԥсахрақәа ахҭысит: ишьақәырӷәӷәан ахеилак Иреиҳаӡоу Асовети Апрезидиуми иара алахәылацәа рхыԥхьаӡарала, урҭ ирыӡбалоит АААК аҿаԥхьа иқәгылало аусдҵақәа. Уи адагьы, ԥхынҷкәын имҩаԥысыз аизараду аҟны аделегатцәа ирыдыркылеит ахеилак Аԥҟаԥҵәа ҿыц апроект. Уи ахь ицәырҵыз азҿлымҳареи, аделегатцәа ироуз ажәалагалақәеи, рабжьгарақәеи азгәаҭаны, иҵегь аус адулара ҵаҵӷәыс иҟалеит аизараду аусураҿы ааҭгылара аҟаҵара. Анаҩс аделегатцәа еиқәшәеит хәажәкырамзазы, Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 25-шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеи азгәаҭара аламҭалазы.
АААК Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Мусса Егзакь иааԥхьаратә ажәахә аҿы ишазгәеиҭаз ала, Аԥҟаԥҵәа апроект аус адулараҿы иалархәын иреиҳаӡоу аквалификациа змоу азиндырыҩцәа.
«Апроект рзынашьҭын аҳәаанырцәтәи ҳдиаспорақәа рхаҭарнакцәа, урҭ ахәаԥшразы, насгьы дара ралагалақәа рацҵаразы. Урҭ зегьы гәыгәҭажьны иаанымхаӡеит, иазгәаҭан. Ус шакәугьы, адокумент ԥхьаҟагьы иҵегь аиӷьтәрақәеи, ахарҭәаарақәеи алагалахар ҟалоит», - иҳәеит Егзакь.
Убасгьы иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥҟаԥҵәа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны ишеиқәыршәоу.
АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иажәақәа рыла, Аԥҟаԥҵәа ҿыц аҿы ихадоу аҵаки апостулатқәеи еиқәырхоуп, иара убри аамҭазы иҿыцу адокумент иахьатәи аамҭа иақәшәоит, иаанарԥшуеит адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи рҿаԥхьа иқәгылоу иҿыцу ауадаҩрақәа, уи анаҩс уаҟа иарбоуп иахьатәи аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рхархәара, аинформациатә ашҭагьы уахь иналаҵаны.
Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба иқәгылараҿы иҳәеит дшазыхиоу АААК Аԥҟаԥҵәа ҿыц адгылара, иагьазгәеиҭеит уаҟа ишаарԥшу ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәреи, аҳәынҭқарра аҿиараҿы ралархәреи азы, иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵара аидеиақәа.
Агрба инаҵшьны иазгәеиҭеит, аԥсуа-абаза жәлар рзы зегь реиҳа ихадараны иҟоу ахықәкы – Аԥсуа ҳәынҭқарра аиқәырхареи, арҿиареи шакәу – адунеи иахьакәзаалак инхо аԥсуааи абазақәеи рымчқәа зегьы убри ахықәкы ашҟа идырхарц шакәу. Москватәи аԥсуа диаспора ахада агәра ганы дыҟоуп, аԥсуа-абаза диаспора амчхара даара ишдуу, дара хыԥхьаӡарала Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы ишреиҳау, убригьы аҳәынҭқарра аргылараан ухаҿы иааганы ахархәара шаҭатәу.
АААК Аԥҟаԥҵәа ҿыц рыдыркылеит иаԥыжәоу еиҳараҩык иақәшаҳаҭны рыбжьыҭарала, «мап» ацәыркит жәҩык. Иааидкыланы афорум рхы аладырхәит 208 аделегатцәа, Аԥсни, Урыстәылеи, Иорданиеи, Ҭырқәтәылеи рҟынтәи.
Аизараду алахәцәа зегь рахь ааԥхьаратә ажәа иманы дықәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, уи Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс абзиарақәа зегь азеиӷьеишьеит, атәыла ахада ихьӡала еснагь адгылара шыҟало азгьы ажәа риҭеит.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟусба иажәахә аҿы инарҭбааны дазааҭгылеит, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа ирымоу ауадаҩрақәа. Иара иазгәеиҭеит, урҭ реиҳараҩык рхатәы бызшәеи, рқьабзқәеи рцәыӡра иашаҿу, уи иахылҿиааны – амилаҭтә хдыррагьы.
Аҟусба иазгәеиҭеит, ауаажәларра рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәраз адыԥхьаларақәа шыҟаҵатәу, аха уи аамҭазы, иухашҭыр ҟалаӡом дара уажәы иахьынхо атәылақәа ишрыдҳәалахаз, иаарласны анхарҭа ҭыԥ аԥсахрагьы зегьы шазыхиам. Аха ус шакәугьы, Аԥсуа ҳәынҭқарра дара ахамшҭроуп, рыпроблемақәеи дареи реицааныжьрагьы иашаӡам ҳәа иԥхьаӡоит.
Ҿырԥшыгас иара иааигеит ассимилиациа захьыз Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭақәак, урҭ ирцәыӡит рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи еидызҳәалоз арахәыц, рҭоурыхи дареи реимадара.
«Ҳара ауаҩы ҳицхраароуп, аԥсуа милаҭ дахәҭакны дшыҟоу инырырц азы, ҳашьцәа ҳрыцхраароуп рхатәы бызшәа аиқәырхараҿы, ҳатрадициатә культура аҿиараҿы, дара рыхдырра рцәымӡроуп иахьыҟазаалак, Ҭырқәтәылоума, даҽаџьароума», - ҳәа азгәеиҭеит Аҟусба.
Иара игәаанагарала, аԥсуа дунеи ашьақәыргыларазы, адунеижәларбжьаратәи, аҳәынҭқаррабжьаратәи еилазаара Аԥсны ахәҭакзарц, ҳаԥсуа бызшәеи, ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи адгылара рыҭарала, ҳажәлар рымчқәа зегьы еидкылатәуп. Убасҟан ауп ҳмилаҭтә культура аҿиарамҩа иананыло, ҳбызшәагьы анҳзеиқәырхо.
Афорум аусхәаԥштәы аҟны АААК Аԥҟаԥҵәа иҿыцу аредакциа ашьақәырӷәӷәара адагьы, иқәгылан азҵаара Иреиҳаӡоу Асовет ашьақәыргыларазы. Уи иалахәхеит аԥсуа-абаза жәлар рхҭарнакцәа Аԥснынтәи, Ҟарачы-Черкессиа, Ҟабарда-Балкариа уҳәа егьырҭ Урыстәыла арегионқәа рыҟнытә, насгьы Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Сириа, Аџьариа рыҟнытә ахаҭарнакцәа. Иреиҳаӡоу Асовет алахәылацәа рхыԥхьаӡара аҟнытә иалхын иара убас ахеилак Апрезидиум, уи иахьеи-уахеи Аконгресс аҿаԥхьа иқәгыло азҵаарақәа аӡбалоит аизара дуқәа рыбжьара.
Насгьы, Абыжьбатәи аизараду аделегатцәа идырбан иҿыцу, зымҽхак ҭбаау ахеилак апроект – АААК аинформациатә портал. Уи, еиуеиԥшым аусдҵақәа нанагӡалоит, урҭ рахьтә: аԥсуа-абаза жәлар аинформациа рызнагара, аԥсуааи абазақәеи рҭоурыхи ркультуреи еиуеԥшым атәым бызшәақәа рыла аиҭаҳәара.
Апортал анапхагаҩы Амина Лазԥҳа иазгәалҭеит, Аԥсны аполитикатә аҟәыҭхара зыхҟьо ҳтәыла иазкны иҵабыргу аинформациа ахьыҟам ауп ҳәа, иара ауаажәларра атәыла аҩнуҵҟеи, анҭыҵи рынхашьа-рынҵашьазы, убасгьы ажәлар рҭоурыхи ркультуреи иазку. Убри азын ихымԥадатәхеит амультимедиатә саит аԥҵара, аинформациа аганахь ала иахьатәи аамҭа ҳҿаԥхьа иқәнаргыло азҵаарақәа ирықәҿызҭуа.
Афорум аделегатцәа идырбан апортал иазку икьаҷу ацәыргақәҵатә видеонҵамҭа, иара асаит ахаҭа аатуеит хара имгакәа, мызқәак рышьҭахь. Уажәтәи аамҭазы, апроект анапхгаҩы лажәақәа рыла, еидкылоуп аматериал 10 гигабаитк инареиҳаны. Урҭ зегьы еиҭагахоит аԥсуа, абаза, англыз, араб, аҭырқәа бызшәақәа рахь. Апортал ианыло аконтент зегьы аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, аетнографцәа идырбахоит, рақәшаҳаҭра аиуразы, анаҩс аԥхьаҩ иҿаԥхьа ицәыргахоит зегь реиҳа иҿыцу аинформациатә, амультимедиатәи технологиақәа хархәара рыҭан
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.