Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аусуратә еилатәарақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит ааԥхьара змоу аекспертцәа алархәны. Уажә ииасыз аилатәара темас иаман «Абаза жәлар рмилаҭтә музыка: иацы, иахьа, уаҵәы».

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб амилаҭтә музыка иазкыз аусуратә еилатәара  астол гьежь аҳасабала имҩаԥысит Аконгресс апресс-центр аҟны абҵара 10 рзы. 
Ари аилатәараҟны експертцәас иқәгылеит амузыкант, ашәаԥҵаҩы Ҭемыр Агрбеи аестрадатә шәаҳәаҩы Ильда Қәычбериаԥҳаи. 

АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы  Русҭам Занҭариа аиԥылара аартуа иазгәеиҭеит иззеизаз азҵаара аҵакы хада: абаза жәлар рмузыка аиқәырхареи арҿиареи. 

«Абаза жәлар рмузыка зҽызыԥсахуа, иҿио, иаку доуҳатә ҭынхак аҳасабала аиқәырхара – иахьатәи ҳаиқәшәара аидеиа шьаҭас иамоуп. Ауаҩы иԥсҭазаара егьырҭ аганқәа зегь реиԥш амузыкатә культурагьы аамҭа аԥсахрақәа аланагалоит. Убри аҟнытә хықәкы хадас иҟоу – ҳмилаҭтә музыка даҽа жәларык ҳрылазмырҩашьо абжьы агашьа аиқәырхароуп», – иҳәеит Занҭариа.

Амузыкант Ҭемыр Агрба акыршықәсатәи ихатә занааҭтә ԥышәа дазааҭгылеит. Иара еицырдыруа ажәытә мелодиақәа ҿыц аԥсы рхеиҵоит. Амузыкант излаиԥхьаӡо ала, амилаҭтә музыка – аԥсуа-абаза жәлар егьырҭ адунеи ажәларқәа изларылукаауа акоуп. 

«Амилаҭ музыка – изырҿиаз ажәлар ирдоуҳауп, рыԥсы ахоуп. Иахьа еилыкка иаҳдыруазароуп амузыкаҿы астилизациа ахьынӡаманшәалоу, уи зынӡа иаҳҭаху-иаҳҭахыму? Хазы игоу апроектқәа, мА альбомк аҭыжьраан астилизациа азҵаара даҽакала иқәгылоуп. Аха зеиԥшла амилаҭтә хаҿра зныԥшуа амузыка атәы анаҳҳәо даара ишәаны-изаны изызнеитәу усуп ари. Амилаҭтә музыка астилизациа азураҿы ҳәаак змам ахақәиҭра ҳхы иаҳҭар ҟалаӡом», – иҳәеит иара.

Аексперт амилаҭтә музыка астилизациа даҽа ганкахьалагьы дахәаԥшит: иарбанзаалак амузыкахь аинтерес ашьҭыхразы аамҭа уацныҟәалароуп. 

«Ауаҩы иԥсҭазаара зегьы амелодиа, ашәа ацуп. Амузыка «цқьа» абиԥарала имырӡкәа иаагалатәуп. Астилизациа азҵаара идырны уазнеир, ауаа рмилаҭ музыкахь ирымоу азҿлымҳара еиҳагьы иазҳауеит», – ҳәа азгәеиҭеит иара.  

Аестрадатә шәаҳәаҩы Ильда Қәычбериаԥҳа акыршықәса лхатә студиаҟны ашәаҳәара аурокқәа мҩаԥылгоит. Лара лҵаҩцәа – Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтә илзаауа ахәыҷқәеи ахбыџқәеи роуп. Ашәаҳәаҩ излалҳәо ала, лусураҿы аԥыжәара зылҭо, амузыкаҿы амилаҭ хаҿра еиқәхарц азы ихадароу ҳәа илԥхьаӡогьы ахатәы бызшәа адырроуп.

Иарбанзаалак аусмҩаԥгатә, аконцерт, ма аицлабраҿы аԥсуашәақәа аҳәозароуп.

«Уажәы ашәак модазар ҟалоит, аха аԥсуа еснагь аԥсуа мелодиақәа игәы ишҭоу агәра ганы сыҟоуп. Уи ҳаԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа акоуп», – лҳәеит Ильда Қәычбериаԥҳа.

Астол гьежь алахәцәа амилаҭтә музыка аларҵәара иазынархоу апроект ҿыцқәа аҭахны ишыҟоу атәы рҳәеит. 

Уаанӡа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИАЕ «Алашареи» аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә-культуратә ҭынха иазку рзеиԥш проект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхын аԥсуа жәлар рашәақәа ирызку адокументалтә фильм. Афильм «Аԥсуашәа» раԥхьаӡа акәны ауаа рахь ицәырган Аконгресс аҟәатәи аофис аҟны ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 16 рзы.