Аԥснытәи абитуриентцәа аԥыжәара бзиа рымазаауеит Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет аҭалараан АААК иҟанаҵо адгылара иабзоураны.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраара рынаҭалоит Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә университет абиуџьет ҭыԥқәа рахь иҭало абитуриентцәа. Абри аҩыза аперспектива аатит иреиҳау аҵараиурҭеи Аконгресси аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵа инаркны, ззанааҭ иазҟазоу акадрқәа разыҟаҵара ҳасаб азуны.
Аиқәшаҳаҭа анапаҵаҩра афакт ахҳәаа азуа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит ари – рҿаԥхьа ишьҭоу аусеицура ду раԥхьатәи ашьаҿоуп ҳәа.
«Иахьа ҳара ҳаицәажәеит АААК Аԥснытәи абитуриентцәа Абнатехникатә университет аҭалараҿы ирыцхраалоит ҳәа. Абиуџьеттә ҭыԥқәа роуп араҟа зыӡбахә ҳҳәо. Ҳара ҳзы игәахәароуп аԥсуа ҿар абри аҩыза иуникалтәу алшара ахьҳазрыҭо – Урыстәыла аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы хьӡи-ԥшеи ду змоу аҵараиурҭа алгаразы. Агәыӷра ҳамоуп убасгьы, Аконгресс аус ахьауа атәылақәа рҟынтә аԥсуа-абаза диаспора аҿар рхаҭарнакцәагьы Абнатехникатә университет аҟны аҵараиура иазҿлымҳахап ҳәа», - иҳәеит Мусса Егзакь.
Иара иациҵеит Аконгресси Санкт-Петербургтәи абнатехникатә университети русеицура анаҩстәи шьаҿахоит ҳәа аиԥш зеиԥшу Аҟәатәи аҵараиурҭеи Аԥсны аҳәынҭқарратә институтқәеи иареи рыҭҵаарадырратә усеицура аиҿкаара.
Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит еилахәу аконференциақәа, ацәыргақәҵақәа, асеминарқәеи аӡыргарақәеи, аилацәажәарақәеи рымҩаԥгара аганахьала аусеицура, аҩ-гак аинтерес ахьеицрымоу атемақәа рыла.
Санкт-Петербургтәи абнатехникатә университет аректор Ирина Мельничук еиҭалҳәеит напхгара зылҭо аҵараиурҭа шазыхиоу Аԥснытәи астудентцәа зызҿлымҳахаша алшарақәа рыҭара.
«Ҳара иҳамоуп абиуџьеттә ҭыԥқәа 600 инареиҳаны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа 21 рыла. Иахьазы ҳара ҳҵараиурҭа политехникатәуп ҳәа ҿыӷәӷәала иуҳәар ҟалоит: абнанхамҩеи, амҿы аус адулареи ирыдҳәалоу ахырхарҭақәа рыдагьы, ара иҟоуп имаҷымкәа арҿиаратә хырхарҭақәагьы – аландшафттә архитектура, адизаин уҳәа реиԥш иҟоу. Агәра ганы ҳаҟоуп арҿиара иадҳәалоу арҭ ахырхарҭақәа Аԥснытәи астудентцәа рзы иинтересхоит ҳәа, избан акәзар Аԥсны – иуникалтәу аԥсабаратә анклавуп, ахӡыӡаареи апрофессионалтә знеишьеи зҭаху», – ҳәа лыԥхьаӡоит лара.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иазкыз аиԥылара далахәын Санкт-Петербургтәи абнанхамҩатә университет адкыларатә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Елена Богатова, лара еиҭалҳәеит аҵараиурҭа шазыхиоу абитуриентцәа аҭаларатә ԥышәарақәа разыҟаҵараҿы ацхыраара рыҭара, иахәҭоу аметодикатә материалқәа рыла реиқәыршәарала. Лара еиқәылԥхьаӡеит убасгьы ауниверситет иаанахәараны иҟоу астудентцәа акласснҭыҵтәи усқәас имҩаԥыргало атәы.
«Аҵара адагьы ауниверситет алшара бзиақәа аԥнаҵоит ауаҩы ихаҭара аизырҳаразы. Санкт-Петербургтәи абнанхамҩатә университет иуникалтәу аспорттә кафедра амоуп. Арахь иаҵанакуеит 70 инареиҳаны аспорттә хкқәа, ҳастудентцәа еиуеиԥшым аицлабрақәа ирылахәхоит Урыстәыла, Европа, иара убас адунеитә ҩаӡара змоугьы уахь иналаҵаны. Астудентцәа рхатә еилазаарақәа аԥҵаны ирымоуп, атеатралтә, авокалтә студиақәа уҳәа реиԥш иҟоу рҟны урҿиаратә баҩхатәра ахьԥушәаша аҭыԥқәа еиҿкааны иҳамоуп», – лҳәеит адкыларатә комиссиа ахантәаҩы.
Санкт-Петербургтәи абнанхамҩатә университет иҭаларц зҭаху Аԥснытәи абитуриентцәа еиҳа инарҭбаау аинформациа иадҵаалар рылшоит Санкт-Петербург иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аофис аҟны, абри аелектронтә ԥошьҭала: info.spb@abaza.org, мамзаргьы абри аҭел ала: +7 812 514 88 55.
АИЛЫРКААГА: Сергеи Киров ихьӡ зху Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә абнанхамҩатә (абнатехникатә) университет (СПбГЛТУ) 2020 шықәсазы 217 шықәса ахыҵит, араҟа иуоур улшоит ибжьаратәу, иреиҳаӡоу, ихарҭәаау аҵара. Абнанхамҩеи, амҿы аус адулареи, абнатә химиеи, ақьаадҭыжьреи, агидролизи рганахьала аспециалистцәа разыҟаҵареи, рзанааҭдырра аизырҳареи, аҭҵаарадырратә усқәа мҩаԥыргартә еиԥши аус рыднаулоит, ишьаҭанкылатәу аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.
Санкт-Петербургтәи абнанхамҩатә университет Урыстәыла аиԥш зеиԥшу аҵараиурҭақәа раԥхьа апофессионалтә ҵара еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла иуоуртә еиԥш асистемахь ииасит. Иахьазы араҟа аҵара рҵоит 600-ҩык инареиҳаны астудентцәа 42 тәыла рҟынтә. Ауниверситет аҭҵаарадырратә уасхыр ӷәӷәа амоуп. Арҵаҩратә коллектив ахәшьара ҳаракы змоу итрадициатәу аметодикақәа реиԥш, иҿыцу арҵаратә хырхарҭақәа рхы иыдархәоит, идырҿиоит. Апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара акәзар, зыҩаӡара ҳаракӡоу ҟазацәоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.