Санкт-Петербург имҩаԥган Ашықәс ҿыц иазкыз ахәылԥаз Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟны инхо аԥсуааи ашәуааи рзы.
Саид Барганџьиа
Санкт-Петербург инхо аԥсуааи ашәуааи рзы имҩаԥган Ашықәсҿыцазтәи аныҳәа. Уи еиҿнакааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Санкт-Петербург иҟоу арегионалтә ҟәша.
Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра >>
Арегионалтә ҟәша анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа иазгәеиҭеит, аныҳәатә хәылԥазы, раԥхьаӡа иргыланы, ахәыҷқәа рзы ишеиҿкааз, уи ишаҭааз 50-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа. Хықәкы хадас аусмҩаԥгатә иаман Санкт-Петербург инхо аԥсуааи ашәуааи ҭыԥқ аҿы еидкыланы реибардырра.
«Аныҳәа апрограмма акыр игәылҭәаан, ҳҿар рактив аус ду мҩаԥыргеит ари зегьы аиҿкааразы. Иҟан Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи. Ақәгыларақәа еиҳарак амилаҭтә стиль ала еиқәыршәан, аԥсуа-абаза жәлар рашәақәа рҳәон, иара убасгьы ҳажәлар рыкәашарақәа рыла ибеиан ҳаиқәшәара. Ажәакала зегьы бзианы, лахҿыхрала имҩаԥысит», - иҳәеит Рекәаа.
Аконцерт иалахәыз Марика Шьакаиа иазгәалҭеит, аныҳәа гәырӷьарала ишымҩаԥысыз, ахәылԥаз аиҿкааҩцәеи уи асасцәеи ргәалаҟазаара даара ишышьҭнахыз.
Санкт-Петербургтәи арегионалтә ҟәша активистка Диана Шашура Аконгресс аинформациатә портал иалҭаз ахҳәааҿы илоуз ацәанырра атәы лҳәеит: аконцерт еиҿызкаауаз актив русеицураан еиҳагьы ишеизааигәахаз атәы.
«Даара акраҵанакуеит ҳазегьы ҳахьеидгылоу, пату ахьеиқәаҳҵо, ҳахьеицхыраауа, убас оуп ишиуа наӡаӡа иҟазаауа, иӷәӷәоу акы. Сара агәра ганы сыҟоуп, зегь реиҳа ихадоу ари аҩыза ахәылԥазқәа реиҿкааран – имҩахыҵуа зегьы рыҩны иҟазшәа ацәанырра рызцәырҵырц азы аҭагылазаашьа аԥҵароуп, ирызгәакьоу абыжьқәа раҳауа, рхатә бызшәала еицәажәауа… Сара сгәыӷуеит уи ҳара иҳалшеит ҳәа», - лҳәеит Шашура.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Санкт-Петербургтәи арегионалтә ҟәша еиҿнакааз Ашықәсҿыцазтәи ахәылԥаз еизнагеит шәҩык инареиҳаны ауааԥсыра.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.