Аҧсни Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликеи рделегациа идикылеит Аедыгьтәыла Ахада Мураҭ Кумпилов. Аиҧылара аҧшьигеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы, аидгыла «Алашара» аиҳабы Мусса Егзакь.

Аделегациа иалан АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа, аҟәшақәа реиҳабацәа Изольда Ҳагҧҳаи Дмитри Жьибеи, аиҿкаара «Алашара» анапхгаҩы Мураҭ Гьедыгә, акультура аҟәша аиҳабы Наҭелла Џьамаҟәыл.

Video Player is loading.
Current Time 0:00
Duration 5:46
Loaded: 0%
Stream Type LIVE
Remaining Time 5:46
 
1x
Глава Республики Адыгея принял делегацию ВААК и «Алашара»

«АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь инапынҵала Аедыгьтәыла Ахада ҳаиҧылеит. Гәаартыла имҩаҧысыз аиҧылараҿы ҳара излауаз ала инарҭбааны ҳрылацәажәеит Аконгресс имҩаҧнаго аусқәеи крызҵазкуа ҳаихьӡарақәеи. Сгәыӷуеит хара имгакәа ари аиҧылара алҵшәақәа ҳбап ҳәа. Ареспублика Ахада иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит аиҧылараан иааирҧшыз асасдкыларазы», — ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Рекәаа.

АААКи «Алашареи» рхаҭарнакцәа аиҧылараҿы ирылацәажәеит русура ахырхарҭа хадақәеи ҧхьаҟатәи рыгәҭакқәеи, ицәырыргеит уажәы аус здыруло апроектқәа.

«Аедыгьтәыла Ахада Мураҭ Кумпилов иааҧхьарала ҳаҭааит аиҳабыра Аҩны. Ииасыз ашықәс азы Аедыгьтәыла аделегациа ҞЧР иаҭааит, ҳусура ҭырҵаауан, сынтәа ҳара сасра ҳарзааит. Аиҧылара алҵшәа бзиақәа ахылҿиааит: иалҳкааит ҳусеицура ахырхарҭақәа, иазҧхьагәаҳҭеит иаҳзеиҧшу апроектқәа», — иҳәеит Мураҭ Гьедыгә.

Аедыгьтәыла Ахада Мураҭ Кумпилов инаҵшьны иазгәеиҭеит АААКи «Алашареи» имҩаҧырго аусура аҵак ду шамоу, иҳәеит анаҩстәи аусеицура дшазҿлымҳау.

Хазы иазааҭгылеит ахатәы бызшәақәа реиқәырхареи аҵара иадҳәалоу аҧшьгамҭақәеи. Хаҭала ирылацәажәеит Т.М. Керашев ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа рзы Аедыгьтәылатәи ареспубликатә институт имҩаҧнаго апроектқәа. Кумпилов иазгәеиҭеит АААКи «Алашареи» рҧышәа гәцаракны аҭҵаара шаҭаху, еиҳаракгьы арҵаҩцәеи абызшәа ҭызҵаауа аспециалистцәеи рзы.

«Ахатәы бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу аҽазкрақәа Аедыгьтәылагьы иҟоуп. Агәра згоит ҳапроекттә офисқәа ишрылшо аусеицуратә хырхарҭақәа ралкаара, ахатәы бызшәа аҵаразы аметод ҿыцқәа реиқәыршәара, абызшәатә лагерқәа ирыдҳәалоу аидеиа арҿиара, уҳәа. Ҳусеицура ҵакыс иамазароуп ҳажәларқәа ркультура арбеиареи ҳаибабара аҳәаақәа рырҭбаареи», – ҳәа азгәеиҭеит Мураҭ Кумпилов.

Аедыгьтәыла хымш ҳаҟан, ҳара ҳзы еиҿкаан акультуратә программа. Иналукааша хҭысны иаҳзыҟалеит Маиҟәаҧ иҟоу «Асиа Еуҭых лыхьтәы шьҭаҵарҭа» амузеи аҭаара. Уаҟа еизгоуп ажәлар рҭоурыхи ркультуреи аазырҧшуа амаҭәарқәа. Ишәгәалаҳаршәоит, ииасыз ашықәс ҧхынҷкәынмзазы Мусса Егзагь ицхыраарала, асахьаҭыхҩы Асиа Еуҭых илнапкымҭоу «Асаркьа нашана» Санкт-Петербург иҟоу Аҳәынҭқарратә Ермитаж ишахәҭакхаз.