Урыстәылатәи амедикцәа аԥснытәи рколлегацәа ганрацәалатәи ацхыраара рырҭоит акоронавирустә чымазара ҿкы аҿагылара аус аҿы.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа Аԥсны иаҭааит, уаанӡатәи иҟаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы аусеицура иалагарц ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵоит COVID-19 аламырҵәара аганахьала, ахәшәқәеи амаҭәахәқәеи рыла аиқәыршәараҿы, ахыхьчагақәеи аныхга маҭәашьарқәеи уҳәа раагараҿы.

Ҳазҭоу амчыбжь анҵәамҭазы аспециалистцәа нап адыркуеит акомпиутертә томограф ашьақәыргылареи аусура аиҿкаареи, иара ахархәара азыԥхьагәаҭоуп нанҳәамза аҩбатәи азбжа инаркны. Урыстәылатәи аделегациа алахәцәа игәарҭеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ареанимациеи атерапиеи рыҟәшақәа русушьа, асанитартә-епидемиологиатә режими ачымазцәа рнага-аагареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҭырҵааит, ахәышәтәырҭа аҿкытә блок иаҭаан ирбеит, азона «ҟаԥшь» аҿы инеит, ахәшәқәеи ахыхьчагақәеи ахьынӡазхо гәарҭеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа ахә ҳаракны иршьеит акоронавирустә чымазцәа рышьҭаҵара иазылху Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусушьа, ҷыдалагьы иалкааны иазгәарҭеит Аԥсны зегь рыла ацхыраара аҭара ишазыхиоу.

«Краснодартәи атәылаҿацә иазку адҵа ҷыда ҭыжьхоит апациентцәа рнага-аагара иазкны. Аԥсны иаҭаауа апациентцәа мацара ракәхаӡом уи ззынархоу. Ачымазара зцәа иалоу ҳара ҳтәылауаагьы, иаҭахны иҟалозар, Шәачатәи аҿкытә хәышәтәырҭахь инагахоит, уаҟа ацхыраара ҷыда роуеит», – иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа урыстәылатәи иколлегацәа рԥылара ашьҭахь.

Уаанӡа Урыстәылатәи амассатә-информациатә хархәагақәа адырра ҟарҵахьан Урыстәыла иамчу зегь шыҟанаҵо Шәачеи Аԥсныи ԥсшьара ҳәа иаауа аԥсшьаҩцәа ачымазара ҿкы рацәыхьчаразы. Аԥсшьаҩцәа иақәнагоу амедицинатә цхыраара рыҭахоит иҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко усуратә ныҟәарала Шәача даҭааны даныҟаз.

«Ҳара Шәача даҽа корпуск архиара ҳаҿуп, аԥсшьаҩцәеи атуристцәеи ачымазара рыхьны Аԥснынтә арахь раагара ҳақәшәозар иахьышьҭаҳҵо ҳәа», – иҳәеит иара.

Урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсныҟа раара иалагӡаны еицәажәеит хара имгакәа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ишеиқәнаршәо Аԥсныҟа иаарышьҭша аҳақьымцәеи амедиццинатә усзуҩцәеи ргәыԥ, дара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусура иацхраалоит.

Аоперативтә штаб аацҳамҭа

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ишаанацҳауа ала, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла ачымазара амазааразы игәарҭеит 88-ҩык ауаа, урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп жәҩык ауааԥсыра.

Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 107-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәаа аартын нанҳәа 1 инаркны. Раԥхьатәи аҩымшк рыла аҳәаа иахысны Урыстәылантә Аԥсныҟа иҭалаз рхыԥхьаӡара 30 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.