19856

2005 шықәса инаркны аԥсуаа ныҳәак еиԥш иазгәарҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш, иара шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса, ԥхынгәы 23 рзы.

Аԥсуаа имаҷым амилаҭтә ныҳәақәа иазгәарҭо, аха Абираҟ амш – иҷыдоу ныҳәоуп. Абри амш аҽны аҳҭнықалақь аҿы атәыла аиҳабыра злахәу агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа нагӡахоит. Ҳпортал ишәыднагало афотосахьақәа рҟны шәахәаԥш сынтәа Абираҟ амш Аҟәа ишазгәарҭоз.