Есышықәсатәи акультуратә-спорттә фестиваль "Абаза" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҟарачы-Черқьестәыла аҳҭнықалақь Черқьесск имҩаԥысит Аԥсуа-абаза жәлар ркультура амши Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши.
Амичба Амра
Абаза жәлар ркультура амши Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши азгәарҭеит Ҟарачы-Черқьестәыла аҳҭнықалақь Черқьесск ԥхынгәы 23 рзы. Арҭ аусмҩаԥгатәқәа есышықәсатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» иахәҭакхеит.
Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара иацхраауа ассоциациа «Алашареи» Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси еиҿыркааз аныҳәахь имҩахыҵит асасцәа аӡәырҩы: Аԥснынтә АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа – Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба; Ҭырқәтәылантә – Ҭырқәтәыла иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс арегионалтә ҟәша анапхгаҩы Аҳмаҭ Ҳапат. Аԥсны абираҟ амш азгәаҭаразы арахь иааит аҿарацәа ргәыԥгьы, убас ҞЧА иааны иҟоуп акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» иалахәу Аԥснытәи аспортсменцәа.
Асасцәа зегьы згәы ҭбаау аԥшәмаҵас дырԥылон Ҟарачы-Черқьестәыла Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь – ари аныҳәа есышықәса иахьымҩаԥысуа иара иԥсадгьыл аҿоуп.
Ахҭыс мҩаԥысит «Адгьылбжьаха иаҵәа» хьӡыс измоу Черқьесск абаҳчақәа руак аҿы, уи аҭааҩцәа алшара рыман атематикатә павильонқәа ирыҵагыларц. Апарк ахьынӡанаӡааӡо амилаҭтә шәҵатәқәа зшәу ауаа неиааиуан, араҟа унадгыланы иҭуҵаар ҟалон аҳәса рхаҵатәқәагьы. Анапкымҭа ҩычагақәа, амилаҭ фатәқәа, асахьаҭыхцәа рсахьақәа, иара убас абаза жәлар рҭоурых иазку аматериалқәеи аԥсуа бираҟқәеи зныз аҭӡы – абарҭқәа зегьы урыхәаԥшыр ҟалон ажәытә абаза мелодиақәа рыбжьы хааӡа иуаҳауа.
Аекспозициақәа зегьы ирҭааз Фатима Гоншокова иҳалҳәеит зегь реиҳа дзеигәырӷьаз – аҿар ари аусмҩаԥгатә азҿлымҳара ахьарҭаз ауп ҳәа, аиашазы, аҭыԥҳацәеи арԥарацәеи рацәаҩны иаҭааит аныҳәа.
«Абри аҩыза амшқәа ажәлар еиднакылоит, ашәуаа ҳамацара ҳакәым, Ҟарачы-Черқьестәыла иқәынхо зегьы, еиҳаракгьы аҿар. Ара еибадыруеит, еибабоит, анаҩс еиҩызцәахоит, аимадара рыбжьазаауеит. Зегь аҭынчреи аманшәалареи рымазааит. Ҳтәылақәа раагәа рыцҳарак маааиааит», – лҳәеит аԥҳәыс.
Ахацәа абжьааԥнеиԥш аҳәызбақәеи абџьари ахьцәыргаз аекспозициа иаднахалеит. Аҟаза Зураб Токушинов ипавильон ауаа рацәа аҭаауан. Иара еизаз зегьы ирзеиҭеиҳәон абаза ҳәызбақәа рыҟаҵашьа акәама-ҵамақәа.
«Кавказ егьырҭ ажәларқәа рыҳәазбақәа изларылукаауа акгьы ыҟамшәа иҟоуп, аха излареиԥшым ыҟоуп. Ҳара ҳҿы аҳәызба аҭрақәа иашоуп, аҩ-ганк рыла инҭашәоит, уи аҩыза уаҳа аӡәгьы иҿы иуԥылаӡом. Егьыс зегь рыла еиваҟәылоит. Аҳәызба акрачҳауеит, иҵаруп, иԥшӡоуп. Ҳатрадициақәа ҳхашҭуам, ҳауаажәлар ргәы ҟаҳҵоит, аԥгаԥчаҿы ирыхәаша аҳәызбақәа ҟаҳҵоит. Ари ҳамҭас аӡәы иуҭо ҳәызбақәам, абзазара иазкуп: ашьтәа ацәа ахухуама, иара ус акҿаҩраҿы иука роуп – ҳәа еиҭеиҳәеит Такушинов. Иахьазы иара ааҩык аҵаҩцәа имоуп, аҳәызбаҟаҵашьа атрадициа иҿызҵаауа.
АААК ИА алахәыла, Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба раԥхьаӡа акәны Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш Черқьесск иазгәеиҭон, зегь реиҳа иизгәакьоу ауаа рыбжьара дыҟоушәагьы игәы инаҭон ҳәа азгәеиҭеит.
«Зхы иақәиҭу Аԥсынра иахашәыршәыруа абираҟ иахьа абра зегь ҳаиднакылеит. Ари аныҳәа амҽхак ҭбаа, Аԥсны аҳәынҭқарратә символика ашьақәырӷәӷәара арыцхә абраҟа иарҭо аҵакы, ицәыргоу ҳажәлар рматериалтә культура аҿырԥшқәа, нас аиҭагаҩ даҳҭахымкәа доусы ҳбызшәақәа ахьеибакуа – абри зегьы мҩашьарада иҳанаҳәоит аԥсуааи абазақәеи жәларык шракәу», – иҳәеит Ашәба.
Ахәылбыҽха апарк аҭааҩцәа зегьы амфитеатр аҟны еизо иалагеит, араҟа имҩаԥысит ҞЧА арҿиаратә коллективқәеи жәлар рансамбльқәеи рықәгылара. Аԥсны ахьӡала аконцерт аҟны ашәа лҳәеит Альдона Цкәуа.
Ахәылԥаз ааиртит АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь, иара иазгәеиҭеит итрадициатәу Абаза жәлар ркультура амши Аԥсны абираҟ амши разгәаҭара зымҽхазкуа акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» сынтәа Ҟарачы-Черқьестәыла 100 шықәса ахыҵра ишазку.
«Ари афестиваль – акультурақәа реиҿцаара иазкуп, ҳара ҳмилаҭ культура аԥшӡара Урыстәыла иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа ирыцеиҩаҳшоит, убас ҳдиаспора ахьықәынхо атәылақәа рыжәларқәагьы, лабҿабеиԥш онлаин аҳасабалагьы. Урыстәыла ажәларқәа ркультуратә, рбызшәатә хкырацәара – хәы змаӡам беиароуп, ҳаԥсадгьыл дуӡӡа иарбан милаҭзаалак еиқәхарц, иҿиаларц азы алшарақәа рынаҭоит. Аурыс жәлар – ихадароу аизгаратә функциа нарыгӡоит акультурақәа реибарбеиара иацхраауеит, атәыла ду ахи-аҵыхәеи еибаркны изку, еиԥызшьо мчуп. Агәра ганы сыҟоуп афестиваль алахәцәеи асасцәе доусы ртәылақәа рҿы иахьа абра иҟоу аишьаратә атмосфера шнарго. Иҭабуп ҳәа шәсҳәоит зегьы ҳныҳәа ахьҳацеиҩышәшо, акультуреи, аспорти, акзаареи рныҳәа», – иҳәеит Егзакь.
Иара иҳәеит убасгьы ԥхынгәы 23 рзы ишазгәарҭо ашәуа газеҭ «Абазашҭа» раԥхьаӡатәи аномер аҭыҵра.
«Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит агазеҭ аколлектив ҳажәлар рзы аҵак ду змоу абри аус иахьаҿу. Аизҳареи арҿиаратә гәацԥыҳәареи рымзааит!» – ҳәа азеиӷьшьара ҟаиҵеит амеценат.
Амилаҭ русқәеи, амассатә еимадарақәеи, акьыԥхьи рзы Ҟарачы-Черқьестәыла аминистр Альберт Кумуков иқәгылараҿы иазгәеиҭеит афестиваль «Абаза», нас уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аусхкқәеи аҵак ду шрымоу.
«Ҳара еилаҳкаауеит ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа акрызҵазкуа шракәу Ҟарачы-Черқьестәыла иқәынхо амилаҭқәа рыбжьара аҳәоуеиқәшәареи аилибакаареи иахьа ишыҟоу еиԥш аҳра руларц ԥхьаҟагьы. Араҟа иуԥылоит ҳреспублика иахьаҵанакуа инхо амилаҭқәа рхаҭарнакцәа зегьы, дара абаза жәлар рҵас-қьабзқәеи ркультуреи еиҳа иааигәаны ирдырыр рылшоит. Ҳара ҳазлаҽхәо ауп ари. Аныҳәа иаҭауаа рхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит, алахәцәа ргеографиагьы есааира иҭбаахоит. Агәра згоит уи ус ишыҟазаауа еснагь. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аиҿкааҩцәа – «Алашареи» уи ахада Мусса Егзакьи абри аҩыза аусмҩаԥгатә ҳзымҩаԥызгаз, абаза жәлар реиқәырхара аус аҿы иҟарҵо алагала ду азы, Ҟарачы-Черқьессиатәи ареспублика иахьаҵанакуа амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа иахьреиҷаҳауа азы», – иҳәеит аминистр.
Аусмҩаԥгатә Санкт-Петербургынтә аҳаҭыр зқәу сасны даҭааит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-акорреспондент, Пиотр Ду ихьӡ зху антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) адиректор Андреи Головнев.
«Ҳара ҳаҭҵааҩцәа роуп зегь раԥхьа Кавказ ажәларқәа ирыхцәажәаз, Кавказ аҭоурыхи, аетнографиеи, акультуреи рыҭҵаара акыршықәса рнапы алакын. Ҳара аҵарауаа доусы ҳажәларқәа рымаҵ аура ҳазкуп, урҭ ҳарҵаҩцәаны ҳхы ҳбоит. Кунсткамера ихьчаны иамоуп амилаҭ рхьырҵәаҵәақәа. Амилаҭра иаанагогьы – ажәлар аӡәыкны рхы хьчаны ианыҟоу, насыԥ анрымоу ауп. Абраҟа аныҳәаҿы сара избоит аидгылара иҟоу, уи шәшаргәырӷьо зегьы. Абри еиҳау иҟоузеи! Ааи, цәагьарак ааҟалар – зегь ҳаидгылоит, аха абзиа аҵыхәала ҳанеизо аицгәырӷьашьа ҳанақәшәо уи зегьы иреиӷьуп. Иахьатәи аныҳәа – гәырӷьара дууп!» – иҳәеит аҵарауаҩ.
Акультуратә-спорттә фестиваль "Абаза" Ҟарачы-Черқьестәыла есышықәса имҩаԥысуеит. Уи алахәцәа ахьынтәаауа атәылақәа есышықәса ирыцлоит, аныҳәатә амҽхакгьы еиҳа-еиҳа иҭбаахоит, хкы рацәала еиларсуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.