5851

Жьҭаара 7 рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ҵит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь жьҭаара 7 рзы АААК 30 шықәса ахыҵра иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит:

Ҩажәижәаба шықәса аҭоурых азы иқәра маҷуп, аха ҳара абри аҿҳәара иалагӡаны иҟаҳҵахьоу азхәыцреи ҳаԥхьаҟазы астратегиатә планқәа ралкаареи ахәҭаны иаҳбоит. Аконгресс иналукааша ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа иаԥырҵеит 1992 шықәсазы – Аԥсны алахьынҵа аныӡбахоз аамҭазы. Уи нахыс ҳара зегьы ҭаацәара дук еиԥш систематә ҟазшьала имҩаԥаҳгоит ажәлар реидкылареи, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра ргәазырԥхо аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵареи, ауаажәларра рыҿиареи, ахатәы бызшәеи, акультуреи аҵас-қьабзқәеи реиқәырхареи уҳәа ирзынархоу апроектқәа жәпакы.

Иахьатәи Аԥсны аҭоурых аҟны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥ ду ааннакылоит ҳмилаҭ хаҿра аиқәырхара аус аҿы, еиҳаракгьы адунеи зегьы зымҽхазкыз аглобализациеи, шаҳаҭс ҳазмоу акультуратә ҽыԥсахрақәеи анымҩаԥысуа аамҭазы.

Иахьа ҳара аҭакԥхықәра ҳадуп хәы змаӡам абарҭ адыррақәеи ҳажәлар ркультуратә ҭынхеи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа еиқәырханы рызнагаразы. Шәышықәсала иаауа ҳажәлар рҟәышреи ргәамчи уаҟа еидкылоуп, ҳара убарҭ зегь џьарак еизаҳгарц ҳҭахуп, ишеибгоу ҳҳәынҭқарра аҿиара иаҳархәарц азы.

Ҳара убас еиԥш аҭагылазаашьа аԥаҳҵеит, адунеи иалаԥсоу аԥсуааи абазақәеи, бызшәас излацәажәозаалак, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы иҟоу-иану рдырлартә еиԥш. Ф-бызшәак рыла ицәажәо ҳсаит иабзоураны ҳџьынџьуаа алшара рымоуп рҭоурыхи рҵасқәеи ирызку аинформациа аԥхьара, дара-дара реицәажәара, иара убас Аконгресс акоманда имҩаԥнаго апроектқәа рылахәхара. Ҳаԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәа зегьы рҿы ҳаҟәшақәа раартра.

Абасала, ҳара Аԥсни абаза жәлар ахьықәынхо аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рыбжьара аимадарақәа шьақәзыргыло мчык аҳасабала ихаҳҵоит, иагьҳарӷәӷәоит акультуратә, аҵарадырратә, аспорттә цҳақәа.

Ҳара – зҳәоу еиқәшәоу командоуп, ҳтәыла ашьаҭақәа рырӷәӷәареи уи аизҳареи хықәкыс иҳамоуп. Ҳара зегьы еилаҳкаауеит аԥсуа-абаза жәлар реизҳазыӷьара уасхырс иамоу ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхара шакәу, уахь иаҵанакуеит ҳхатәы бызшәа, ҳжәытә культура, ҳатрадициа шьахәқәа.

Иахьа ҵыргәас иҳамоу, ҳазлаҽхәо зегьы – ҳабацәеи ҳабдуцәеи иаԥырҵаз, иаҳзаанрыжьыз ауп. Ҳара иаҳуалугьы урҭ рҟәышреи ргәамчи ҳаԥсахартә ахаарԥшроуп, ҳҵасқәа еиқәырханы жәларык еиԥш адунеитә культура арбеиара, уи ҳара ҳарқьиоит, ачҳара ҳаланааӡоит, иаҳзааигәоу ауаа рзы еиҳа ҳразны, ахәыҷқәеи, абыргцәеи, аҳәсеи рганахьала иаҳа ҳаамысҭашәаны ҳҟанаҵоит.

Ҳкультуреи ҳҵас-қьабзқәеи реиқәырхарала адунеи иқәынхо ауаатәыҩса рыҿиара аус аҿгьы ҳхатә лагала ҟаҳҵоит.

Абри амҩала шьаҿа ӷәӷәала ҳнеиуеит, ааԥхьара ҟаҳҵоит шәара шәахь: шәҳавагыл амилаҭтә традициақәеи акультуреи шьаҭас измоу адунеи ашьақәыргылараҿы.