Иарбанзаалак акультура уасхырс иамоу амилаҭ рбызшәоуп. Аԥсуа бызшәа – адунеи аҿы зегь реиҳа ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит. Иара Кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәуп, егьырҭ еигәыцхәу абызшәақәа ирыцны аԥсуа-адыга бызшәатә гәыԥ иалоуп (абаза, аедыгь, ачерқьес, аҟабарда, аубых бызшәақәа). Иахьазы аԥсышәала ицәажәоит 120 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны инхо аԥсуаа, иара убас миллионбжак рҟынӡа аҳәаанырцә инхо ажәлар рхаҭарнакцәа.

Аԥсуа бызшәа

Иахьатәи аԥсуа бызшәа ҩ-диалектк амоуп: абжьыуатәи, бзыԥтәи. Аԥсуа литературатә бызшәа аҩ-диалектк рбеиара аднакылеит, алексика – бзыԥтәи адилект шьаҭас иамоуп, асинтаксис – абжьыуатәи. Аԥсуа ҩыра акириллицала ишьақәгылоуп. Аԥсуа алфавит раԥхьаӡа акәны аурыс графика шьаҭас иганы иаԥиҵеит кавказҭҵааҩы, аурыс бызшәадырҩы Пиотр Услар 1862 шықәсазы. Раԥхьатәи аԥсуа нбан ҭыҵит 1865 шықәсазы. Анаҩс, 1892 шықәсазы ирҿыцны, иагьырҽеины ҩаԥхьа иҭыҵит «Аԥсуа нбан» Дырмит Гәлиеи Константин Маҷавариани еиқәдыршәаз.

Аԥсшәа – Аԥсны иаҳәынҭқарратә бызшәаны иҟалеит 1994 шықәсазы. 2007 шықәсазы атәыла ахада инапы аҵаиҩит Жәлар Реизара иаднакылаз «Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан».

Аԥсны амилаҭтә культура абеиарахь иаҵанакуеит апоетикатә, амузыкатә фольклор, амузыка, акәашара, ашәаҳәара.

Реиҳа еицырдыруа аԥсуа поетикатә культура абаҟақәас иҟоуп – Нарҭаа рҳәамҭақәеи Абраскьыл изку аепоси. Нарҭаа репос аԥсуа-адыга жәларқәа зегьы ирымоуп, иара убас ауаԥсаа, аваинахцәа – ачеченцәеи аингушцәеи.

Амузыкатә арҳәагақәа

Аԥсуаа рмузыкатә арҳәагақәагьы аоригиналтә ҟазшьа рымоуп. Реиҳа еицырдыруа рахь иаҵанакуеит аԥхьарца – ҩ-рахәыцк змоу амузыкатә арҳәага, иара дуӡам, адырды еиԥшу аформа амоуп, еиҳарак ал иалырхуеит. Аҩымаа – аԥсуа арфа, 14 рахәыц амоуп, аҽхәыц ауп иаҵдоу. Аҿарпын – хԥа ма ф-ҿышәҭак змоу аԥсыԥтә арҳәагоуп, аԥсабараҿы изызҳауа аҿарпын иалырхуеит, гәыцәк змоу флеитоуп, уи ҭырҷҷаны ирԥшӡаны амузыкатә арҳәаганы иҟарҵоит.

Иҟоуп иара убас адаулқәа, аҟьаԥ-ҟьаԥқәа, арҭ амхаҿы, ма ауҭраҿы аҵарақәа рыршәаразгьы рхы иадырхәон. Адаул – ихадароу аккомпанементуп акәашарақәа раан.

Акәашара

Аԥсуа кәашара – ажәлар рҿы алаҵәара дуӡӡа змоу ҟазара хкуп. Иахьазы Аԥсны аус руеит ипрофессионалтәу акәашаратә ансамбльқәа жәпакы, атәыла араионқәа зегьы рҟны иаартуп ахәыҷҭәы хореографиатә студиақәа. Аколлективқәа ррепертуар иалоуп афольклортә, ақьабзтә, аритуалтә кәашарақәа – аҟамақәеи ауапеи ахархәара ахьрымоу, иара убас егьырҭ Кавказ жәларқәа рыкәашарақәа.

Ашәаҳәара

Аԥсуа жәлар рашәаҳәаратә ҟазара акырӡа ибеиоуп, хкы рацәала еиларсуп. Аԥсуа ашәақәа еснагь хҭыск иахылҿиаауан, ауаҩы данилак нахыс идунеи иԥсахаанӡа ашәа ицын (агарашәа, ахаҵарашәа, аџьашәа, аҭацаагарашәа, ақьабзтә ашәақәа, иаҳҳәап «Ӡиуоу», аныҳәаратә ҟазшьа змаз ашәақәа, иаҳҳәап «Анцәа рашәа»).

Аԥсны жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбльқәа «Кавказ», «Шьараҭын», ахәыҷҭәы ансамбль «Абаза», аетнографиатә ансамбль «Нарҭаа», авокалтә-инструменталтә аҳәса рансамбль «Гәында», Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр, ахор «Ахьышьҭра» уҳәа реиԥш иҟоу арҿиаратә коллективқәа рыбзоурала  аԥсуаа рашәаҳәаратә, рыкәашаратә ҟазара Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы ибзиаӡаны ирдыруеит. Адунеи аҿы хьӡи-ԥшеи рыманы иҟоуп Аҳәынҭқарратә акамертә оркестр, Аҳәынҭқарратә хортә капелла. Акапелла хадаратәла иахьықәгыло XI ашәышықәсазтәи Пицундатәи ауахәамаҿоуп, уаҟа игылоуп ауарӷан.

Еицырдыруа абжьқәа

Аԥсны арҿиаратә елита иааиԥмырҟьаӡакәа еиҵарааӡоит апрофессионалтә ҵараиурҭақәа рҿы – Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭеи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭеи рҟны. Раԥхьатәи аԥсуа оператә шәаҳәаҩыс дыҟан Лиудмила Логәуа. Иахьа хьӡи-ԥшеи згым аԥсуа оператә шәаҳәаҩцәа Хьыбла Гьерзмааи (Аԥсни Урыстәылеи жәларқәа рартистка, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр асолистка), Алиса Гыцԥҳаи (Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, Москватәи амузыкатә театр «Геликон-Опера» асолистка) адунеи аҿы еицырдыруа аоператә театрқәа рҟны иқәгылоит.

Амаҭәа

Аԥсуаа рматериалтә культура ихадароу аелементқәа ируакуп аҽеилаҳәашьа – амилаҭтә маҭәа. Амаҭәа ауаҩы дазусҭоу алаудыруан, дзызку иус ианаалон. Амаҭәа ахкқәа зегьы абжьааԥнытәи, аныҳәатә, аритуалтә ҳәа еихушар ауеит. Зегь реиҳа ижәытәӡоу, алаҵәара дугьы змоу аԥсуа хаҵа маҭәоуп акәымжәы. Уи аҵаҟа иршәырҵоит зыхәда ҳәынҵәрала еибакуа акьаҿ, нас аиқәа. Асахҭан еимаа рышьарҵон, ахҭырԥа рхарҵон. Аԥсуа ҽыуаҩ хымԥада ауапа ишәызар акәын.

Итрадициатәу аҳәса рымаҭәа ҳазааҭгылозар, уи абас иҟан: аҵкы, иауу, ма икьаҿу акаба, акьаҿ, ҵаҟатәи аипкақәа ҩба, аиқәа, ахылаԥа ма акасы. Аҵкы аӡараҿы ирԥшӡаны инапылаҟаҵароу амаҟала еибадыркуан. Ас еиԥш амаҟа аҟаҵашьагьы анапҟазара ахкқәа ирхуԥхьаӡалар ауеит. Акаба кьаҿ инапыласыроу ачоуҳа, ма акадифа иалырхуан, угәы инҭашәо ирӡахуан, аӡара алахыс аҵа ырҭбаан.

Аԥсуа милаҭтә культура иҷыдоу аелементқәа рахь иаҵанакуеит алабашьа. Уи иагьабџьарын, иагьҵыргәан, атрибуна аҳасабала ахархәара аман: абырг илабашьа ныҵакшаны дҩагылазар – ажәа аҳәара дазыхиоуп ҳәа аанагон.

Амузеиқәеи атеатрқәеи

Аҟәа аус руеит акультуратә хәышҭаарақәа рацәаӡаны, урҭ рышә аартуп Аԥсны ауааԥсыра рзеиԥш, асасцәа рзынгьы. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Дырмит Гәлиа иҩны-музеи, Омар Беигәаа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи, Аԥара амузеи, Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа.

Аԥсны аус руеит аҳәынҭқарратә театрқәа ԥшьба: Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр, Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр, Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр, иара убас Аҿар ртеатр. Урҭ ррепертуарқәа еиуеиԥшым, аспектакльқәа ықәдыргылоит аԥсуа, аурыс, адунеи аклассикцәа рыпиесақәа рыла.